Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аҵарауаа Аҟәа анышәҟаԥшь аҿиара ҭырҵаауеит

© Sputnik / Сария КварацхелияЛопата
Лопата - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Асубтропикатә ҭҵаарадырратә центр аҟазауаа Аҟәа ақалақь акәша-мыкәша анышәи уа изызҳауа аҵиақәеи аӡи рыхкқәеи ргеит, игәарҭеит арадиациа ахьынӡаҳараку.
АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik. Урыстәылатәи аҵарауаа Аҟәа анышәҟаԥшь аҿиара ҭырҵаауеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Асубтропикатә ҭҵаарадырратә центр агеоекологиеи аԥсабаратә процессқәеи рлабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор Лалита Захарихина.
"Ас еиԥш иҟоу анышәхкы Урыстәыла иахьҵанакуа иуԥылаӡом. Аиҳарак асеиԥш иҟоу аԥхарра тәылақәа рыдгьылқәа роуп. Аԥснытәи аҵарауааи ҳареи адәнытә усурақәа еицымҩаԥаагеит, ахкқәа ҳгеит. Аус нагӡоуп. Иаҳаԥшаауаз аабеит", - ҳәа лҳәеит лара.
Захарихина лажәақәа рыла аусурақәа ирхықәкы хаданы иҟоуп аҵакыра аҭҵаара арҭбаара, уаанӡа арҭ аҵакырақәа рҿы имҩаԥырымгацыз абиохимиатә ҭҵаарақәа. Иара убасгьы лара иазгәалҭеит, адгьылҟаԥшь акыр алаҵәара шамоу, апланета хыџьара ишаны хәҭак амҽханакуеит, аиҳарак асубтропикатә ҳауа аҭыԥ ахьамоу.
"Арҭ адгьылхкқәа уаанӡа иаадыруаз иреиԥшым. Ара аԥыжәара амоуп ашьхадгьылхкқәа рҽеиҭакра, аиха рацәаны излоу адгьыл ахтра", - ҳәа еиҭалҳәоит Захарихина.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа аԥсабара ахьчара иацу ауадаҩрақзәа ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2023
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҷыҭанаа аԥсабара ахьчара иацу ауадаҩрақәа ирызкны
Аҭҵаарақәа рышьҭахь аҵарауаа азԥшуп арҭ адгьылқәа ргәаҭара еиҳа еиӷьны ишыҟаҵатәу азы аинформациа аиуреи ауаҩы ихы аналеигала ашьҭахь рҭагылазаашьа зеиԥшрахази рзы.
Асовет аамҭа иатәу Аҟәа агеологиатә хсаалагақәа иазгәарҭоит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы хкырацәала аметаллқәа ишрыҵхырҭоу.
Иарбоу аҭҵаарақәа акомплекстә ҟазшьа рыҵоуп: адгьыли уаҟа изызҳауа аҵиаақәеи рыхкқәа ргареи ранализ амҩаԥгареи рнаҩс, ари араион аҿы иҟоу арадиациа аҩаӡареи аҭҵаара ахьымҩаԥысуа азааигәара иҟоу аӡеизакырҭа аҟынтәи аӡы ахки ргәаҭарагьы мҩаԥган.
"Уажәы иҭаҳҵаауаз аҭыԥ арадиациатә фон маҷк иҳаракуп – сааҭк ала 16 микрорентген унарбоит. Аха ари иаанаго аҵакыра аԥсабаратә ҭагылазаашьеи ашьхатә еилазаарақәа ргеологиатә еиԥшымзаареи роуп", - лҳәеит Захарихина.
Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа абри аусхк аҟны аусеицура мҩаԥыргалоит адыррақәа реимдарала, ахатә ҭҵаарақәа рхарҭәаарала ҳәа азгәалҭеит Захарихина.
Ажәабжьқәа зегьы
0