https://sputnik-abkhazia.info/20230331/aprokuratura-khada-azhadgala-anaeit-anarkomania-aagylarazy-iaku-ausbara-eikaazarts-1044967520.html
Апрокуратура хада ажәадгала ҟанаҵеит анаркоманиа аҿагыларазы иаку аусбарҭа еиҿкаазарц
Апрокуратура хада ажәадгала ҟанаҵеит анаркоманиа аҿагыларазы иаку аусбарҭа еиҿкаазарц
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ажәадгала ҟанаҵеит анаркоманиа аҿагыларазы иаку аусбарҭа еиҿкаазарц, абри атәы азинхьчаратә усбарҭақәа... 31.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-31T10:50+0300
2023-03-31T10:50+0300
2023-03-31T10:59+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101639/58/1016395852_0:101:1920:1181_1920x0_80_0_0_2a7a2021e1e8e04d46288b3821abaaeb.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ажәадгала ҟанаҵеит анаркоманиа аҿагыларазы иаку аусбарҭа еиҿкаазарц, абри атәы азинхьчаратә усбарҭақәа реиҳабацәа реилацәажәараҟны иҳәеит Апрокуратура хада аӡбарҭатә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба. Ацентр аус хадақәа: Амҷба иажәақәа рыла, ауааԥсыра, аиҳаракгьы аҿар анаркотикқәа рыдкылара радыԥхьалара акоррупциеи аекстремисттә хымҩаԥгашьақәа реиԥш аҳәынҭқарра ҵнашәаауеит. Ари аус аҿагылараҟны ауадаҩрақәа цәырызго аоперативтә маҵзурақәа реинырра аҟамзаара ауп. Амҷба иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы рҽырыԥсахит анаркотикқәа реилазаара, уи аларҵәашьа, иара убас анаркотикқәа зыдызкыло ауаа.Уаанӡа анаркотикқәа алазырҵәоз Урыстәылеи аҭыԥантәи руааԥсыреи ракәзар, уажәы урҭ ирыцлеит Ҟазахстан, Узбекистан, Таџьикистан руааԥсыра иҳәеит Амҷба. Даур Амҷба Аԥсны анаркотикқәа ралаҵәара алзыршо фактор хаданы иазгәеиҭеит: Амҷба иажәақәа рыла азинхьчаҩцәа аиҳарак ирыԥшаауа, аҭакԥхықәра иақәдыршәо ахархәаҩцәеи мҽхак маҷла анаркотикқәа алазырҵәои шракәу. Анаркотрафик аиҿкааҩцәа шамахамзар ирзаанкылом. Иара убасгьы иазгәеиҭеит анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи здызкыло ахаҿқәа азинхьчаратә системеи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә системеи рҟны аус руыр шыҟамло.
https://sputnik-abkhazia.info/20230317/anarkotika-ralararazy-uzbekisan-atylaua-daankyloup--1044674709.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101639/58/1016395852_106:0:1815:1282_1920x0_80_0_0_cb827aa2e4b64e747151f5c04a8ef646.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ажәадгала ҟанаҵеит анаркоманиа аҿагыларазы иаку аусбарҭа еиҿкаазарц, абри атәы азинхьчаратә усбарҭақәа реиҳабацәа реилацәажәараҟны иҳәеит Апрокуратура хада аӡбарҭатә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба.
анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи реикәыршара ахылаԥшра аиҿкаара;
анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи реикәыршара азыԥхьагәаҭара, аԥырҟәҟәаара, аарԥшра рзы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара;
анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи реикәыршараз иаку асиа аԥҵара.
Амҷба иажәақәа рыла, ауааԥсыра, аиҳаракгьы аҿар анаркотикқәа рыдкылара радыԥхьалара акоррупциеи аекстремисттә хымҩаԥгашьақәа реиԥш аҳәынҭқарра ҵнашәаауеит.
Ари аус аҿагылараҟны ауадаҩрақәа цәырызго аоперативтә маҵзурақәа реинырра аҟамзаара ауп.
"Жәашықәса раԥхьа анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи рыдкыларазы ашьаус иаҵадыркуаз аибашьра алахәылацәа ракәзар, иахьа анаркоманцәа ҳәа иҟоу -аҿар роуп", - Амҷба иажәақәа аанагоит "Аԥсныпресс".
Амҷба иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы рҽырыԥсахит анаркотикқәа реилазаара, уи аларҵәашьа, иара убас анаркотикқәа зыдызкыло ауаа.
Уаанӡа анаркотикқәа алазырҵәоз Урыстәылеи аҭыԥантәи руааԥсыреи ракәзар, уажәы урҭ ирыцлеит Ҟазахстан, Узбекистан, Таџьикистан руааԥсыра иҳәеит Амҷба.
Даур Амҷба Аԥсны анаркотикқәа ралаҵәара алзыршо фактор хаданы иазгәеиҭеит:
аҳәаақәа ишахәҭоу иахьырӷәӷәам.
Амҷба иажәақәа рыла азинхьчаҩцәа аиҳарак ирыԥшаауа, аҭакԥхықәра иақәдыршәо ахархәаҩцәеи мҽхак маҷла анаркотикқәа алазырҵәои шракәу. Анаркотрафик аиҿкааҩцәа шамахамзар ирзаанкылом.
"Апрактика ишаҳнарбо ала мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа атәыла ралагаларазы аҭакԥхықәра арӷәӷәара (2019 шықәсазы Апарламент аҿы ирыдыркылаз: 15 шықәса ма ԥсраҽнынӡа аҭакра рықәҵара ма ашьра рықәҵара) нырра рнамҭеит анаркотикқәа здызкылогьы иалазгалогьы", - иҳәеит Апрокуратура хада ахаҭарнак.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит анаркотикқәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи здызкыло ахаҿқәа азинхьчаратә системеи аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә системеи рҟны аус руыр шыҟамло.