Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Автомашьынақәа хымԥада аԥгаԥса рзыҟаҵаразы азакәан апроект рыдыргалоит Аԥсны

© SputnikМашины на дороге.
Машины на дороге. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥгаԥсатә еилахәырақәа Апарламент ахь ажәадгала ҟарҵараны иҟоуп аԥснытәи автомашьынақәа рзы ОСАГО алагалазарц. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Гарант-Страхование" аиҳабы Ахра Қьецба.

"Аҩнуҵҟатәи ОСАГО азы ажәадгалақәа азҳархиоит, ахада Иусбарҭеи Апарламенти ирзынаҳашьҭуеит. Атәыла амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа згәы иамыхәо ауаа ҳадҵаалоит. Аҭыԥантәи амашьынақәа аԥгаԥса рзура хымԥадатәиуп. Уи ҳауаажәлар ирзеиӷьхоит. Аԥгаԥсатә еилахәыра атәылауаа рзинқәа ахьчалоит", - иҳәеит Қьецба.

Аԥгаԥсатә еилахәыраҿы иара убасгьы ирыгәҭакуп аҳәаанырцә машьынақәа рыԥгаԥса атариф ашьҭыхра.
Қьецба иажәақәа рыла, 2017 шықәсазы ирыдыркылаз атарифқәа ажәит. 2022 шықәса лаҵара 16 раахыс аус ауеит аҳәаанырцә транспорт хымԥадатәи аԥгаԥсазыҟаҵаразы аҭакԥхықәра.
"Гарант-страхования" адыррақәа рыла, 2022 шықәсазы ОСАГО аиҿкаара мҩаԥыргеит 60 нызқьҩык аҳәаанырцәмашьынақәа рхатәтәыҩцәа. Амаҵзура онлаин ала амҩаԥгарагьы алшоит. Ииасыз ашықәс азы ОСАГО интернет ала 3 500-ҩык еиҿыркааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0