Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алан Гаглоев Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит

© Sputnik / Наталья Айриян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВторой тур президентских выборов в Южной Осетии
Второй тур президентских выборов в Южной Осетии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 6 2023 шықәсазы 60 шықәса ихыҵит.
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев аԥснытәи иколлега Аслан Бжьаниа 60-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Гаглоев иазгәеиҭеит Бжьаниа илагала шырацәоу аҩ-тәылак рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәареи рырҿиареи рыҟны, изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аԥсуа жәлар – аҭынчреи ашәҭкакаҷреи.

Аԥсны ахада идырныҳәалеит Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко дназлоу аҳәаанырцәтәи аполитикцәа. Валентина Матвиенко иазгәалҭеит Афедерациа Ахеилак зегьы еицҿакны ишадгыло Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҩызаратә еицәажәарақәа рырҭбаараз имҩаԥиго аус, еиҳарак азҿлымҳара шарҭо апарламентбжьаратә еицәажәарақәа.
"Сара агәра згоит иахьа имариам жәларбжьаратәи аҭагылазаашьаҟны Урыстәылеи Аԥсни шеидгыло, ҳтәылақәа рыжәларқәа ирыбжьоу аиашьаратә еимадарақәа есааира рыҽшдырҭбаало, рыҽшдырӷәӷәало", - ҳәа лыҩуеит Матвиенко.
Лара Аԥсны ахада изеиӷьалшьеит агәабзиара, ахирра, Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵураҟны аихьӡара дуқәа.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2023
Аԥсны
Ахәбатәи ахада иирамш азы: Аслан Бжьаниа 60 шықәса ихыҵит
Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин Аԥсны Ахада иирамш идиныҳәалеит. Адныҳәалараҟны иҳәоуп Аслан Бжьаниа хаҭалатәи илагала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи еидызҳәало аиҩызареи, астратегиатә усеицуреи, аидгылареи рырӷәӷәараҟны.
"Агәра згоит ҳусеицуреи, арегионбжьаратә, аустә еимадарақәеи рырҭбаара Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа ишрықәшәо", - аҳәоит Мишустин иҟаиҵаз адныҳәалара аҟны.
Адныҳәалара ҟаиҵеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев.
"Агәра згоит аԥхьаҟагьы аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа аиқәгәыӷра, аицхыраара, хра злоу аицәажәарақәа ирсинонимны ишыҟало", - ҳәа иҩуеит иара.
Церемония подписания договоров о вхождении в РФ ДНР, ЛНР, Запорожской и Херсонской областей состоялась в Кремле - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2023
Аԥсны
Владимир Путин Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит
Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев Аслан Бжьаниа дидныҳәало иазгәеиҭеит иԥсҭазааратә ԥышәа, ихақәкынагӡара, изеиӷьеишьеит агәабзиара ӷәӷәеи аманшәалареи.
Аслан Бжьаниа идныҳәалеит адипломатиатә маҵзурауаагьы. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ахада ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиараҿ илагала ду далацәажәеит.
"Аиҩызаратәи астратегиатә партниорреи рышьаҭала Урыстәылатәи Афедерациа аиашьаратә Аԥсны ацхыраара анаҭоит жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәара, асоциал-економикатә, акультура-гуманитартә ҿиара, ашәарҭадара аиҿкаара русхк аҿы", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа идныҳәалараҿы иазгәеиҭеит, атәыла хада ииубилеи шазгәеиҭо агәамч ду иманы, иусураҿ азанааҭдырра, аҟәыӷара, аԥсадгьыли ажәлари рымаҵ аура ирҿырԥшыганы даныҟоу аамҭазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0