Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭарба: аԥсуа диаспора иахьа амч ду аманы иҟоуп

Зхьышьҭра змырӡыз: Ҳаири Қәҭарба
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәс азы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, рхәыцрақәа.
Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Ҳаири Қәҭарба 45 шықәса ихыҵуан Аԥсныҟа нхара ҳәа данааз, уи ҟалеит 2006 шықәсазы. Аха иџьынџь ахь даахьан аибашьра ҟалаанӡагьы. Ҭырқәтәыла Ҳаири ргылаҩыс аус иуан, "аԥара бзианы исырҳауан, аха сгәы ҭынчӡамызт" ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аԥсныҟа нхара ҳәа ииасра шыҟалаз атәы еиҭаҳәо.
"Ҭырқәтәыла саныҟаз ашәҟәқәа сыҩуан, еиҭазгон, аха сара ргыларатә нџьныруп. Уи ала схы ныҟәызгон. 16 тәыла рҟны аус зуан. Аҩнеихагылақәа, ацҳақәа, атоннельқәа сыргылон, снапы злакымыз аус ыҟаӡамызт. Уажәы аҵиаақәа еиҭасҳауеит. Аԥсны аҳауа ианаало еизызгоит. Сышҭа зегьы ботаникатә баҳчаны иҟасҵеит, иҟасҵалак ақьаф алхны иҟасҵоит", - ҳәа иҳәеит Қәҭарба.
Аԥсны аҿиара далацәажәо Ҳаири иазгәеиҭеит аибашьра аԥхьа ҳмилаҭ рыхдырреи уажәтәи ҳмилаҭ рыхдырреи шеиԥшым.
"Ҳхәыҷқәа амилаҭ хдырра закәу рыздырӡом. Аԥсны аибашьра ашьҭахь ахәыҷқәа иреилдыркааӡом аԥсуара, аԥсшәа заҳҭаху. Аекономика аҿиара ыҟазар, егьи аҭахым ҳәа ирыԥхьаӡоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҳаири иара убасгьы далацәажәеит ҳдиаспора Аԥсныҟа рырхынҳәра аус шибо атәы. Иаҭахуп апроект ҳажәлар раагаразы, уи ада уск узыҟаҵаӡом ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0