Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәлар рмузыкатә ҟазара зшьа-зда иалаз арҿиаҩы: Хьымца Хынҭәба иҭоурых

© Foto / Нонна ТхәазԥҳаХьымца Хынҭәба
Хьымца Хынҭәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2023
Анапаҵаҩра
Ааигәанӡа ажәлар рыҩнуҵҟа ахархәара рыман амузыкатә арҳәагақәа. Хәи шьхеи, каршәреи ирықәыҩуан урҭ рыбжьы. Убас, жәлар рарҳәагақәа азырҳәоз, ансамбльгьы еиҿкааны измаз, илаз абаҩхатәра аҿар ирымаздоз Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Хьымца Хынҭәба иҭоурых иахьа ишәыдаагалоит.
Sputnik
Аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы имҩаԥысуаз зегьы иацын ашәа: гәырӷьаразар – агәырӷьаратә ашәақәа, хьыӡрацаразар – афырхаҵаратә ашәақәа, гәаҟразар – "Азар", агәаҟашәа. Абас еиԥыршьуан ашәеи иангәырӷьозгьы, иангәырҩозгьы, рфырхаҵаратә мҩақәагьы зегьи.
Ашьха ианцозгьы ршәақь агәыцә аҿарпын авҵан. Аԥхьарца атәы ҳҳәозар, уи ахьӡгьы зыдҳәалоу аибашьрақәа роуп.
Хьыӡрацара ианцоз аԥхьа игылаз аԥхьарца аирҳәон, зегьы еилаӷӷаа еилагылан изыӡырҩуан, уи ала ргәы шьҭыхны амҩа иқәлон. Иара хьаа хҽыган, хьаа ртәаган, гәыҟажаган, гәышьҭыхган. Ахәра змаз ауаҩы уаха шаанӡа изадырҳәон аԥхьарца. Ааигәа дыҟамзар иазырҳәоз – харантә дааргон.
Убас, аиҳабацәа анеизоз, ԥхьарцала ачымазцәа рыхәра андырӷьоз, урҭ ирыдтәаланы аԥхьарца азырҳәоз аҭаҳмадацәа Чыкәбар Шаҷ, Гәынба Алиас, Сақаниа Маадан, Гьерзмаа Џьгәаҭ уҳәа ирацәаҩны дырхаанын, даныхәыҷыз акырынтә урҭ дырзыӡырҩхьан амилаҭтә шәаҳәареи акәашареи рызҟаза ду Хьымца Хынҭәба.
"Ҳара ҳҭаацәара дуун. Жәаҩа шықәса анысхыҵуаз Дәрыԥшь ашкол сҭарҵеит. Дәрыԥшь инхо Сақаниаа ҳаҳәшьаԥацәа ракәын, уа сагьааӡеит. Уброуп аԥхьарца раԥхьа иахьызбаз. Уа иеизон аҭаҳмадацәа бзиақәа. Дара даара иуаа нырҳара дуқәан, иуаа ԥшӡақәан. Ианцәажәозгьы, ирҳәоз ажәа угәаҿынӡа инеиуан, ахаан иухамышҭуа инхон. Ицәажәоз дҩагылан днеиааиуан. Нас иҭыԥаҿы длеины длатәон. Даҽаӡәы дҩагыланы ацәажәара далагон. Ажәабжьқәа рҳәон, иҟалахьоу иалацәажәон. Ҭаҳмадак Сақаниа Алгери ҳәа дыҟан, аҽы дканажьын, абаҩԥҵәа илан. Аҭаҳмадацәа иҩызцәа еизеит. Абаҩԥҵәа атәы идыруеит Ԥлиа Антон, рҳәан, дааргеит. Аԥхьарца азырҳәо Гьерзмаа Џьгәаҭ иоуп рҳәан, дааргеит. Гьерзмаа Џьгәаҭ Хьыбла Гьерзмааԥҳа лабду иоуп.
Убас Ажьи Ҭемыр уа даанагеит, Сақаниа Аҳмаҭ, Сақаниа Маадан, аҟазара злақәаз зегьы. Гьерзмаа Џьгәаҭ аԥхьарца иманы дааит. Ари ижәҩашәаҟьа ԥҵәаны дыҟан аҭаҳмада. Длықәдыртәан, ақьафын ааиҩырҟьан, ацхеи ачашылеи еилырхны иҟаҵаны иҿарҳәеит. Иара дахьықәтәаз ус иҳәеит: "Уара аԥхьарца заажәгеи, иашәырҳәарц акәӡами", - ҳәа. Ацәарҭаӷәы дықәтәан, аԥхьарца арҳәара ианалага, иара дахьықәтәаз ацырӷызра далагеит. Убри аҟара дҟәаҟәан дыҟан, аха ашәа ациҳәеит. Убра акәымзи аԥхьарца ахьызбаз. Нас ани аҭаҳмада даныбзиаха, аԥхьарца сзыҟаҵа ҳәа иасҳәеит. Аԥхьарца сзыҟаиҵеит. Аха, анҭ саҳәшьаԥацәа лалаган, "уара ашкол уҭоуп, аԥхьарцарҳәара умаӡеит" рҳәан, исымырхит, ирҵәахит. Аҭуан иқәырҵеит. Дара џьара ианца, амардуан нкыдыргыланы сҩыхәнан, аԥхьарца ылбааганы аҩныҟа сааит. Аҩны саан, сладтәаланы анахь-арахь ашьшьыҳәа сара схала исҵеит", - абас ҭоурыхла иҭәын Хьымца Хынҭәба иажәабжь.
Ансамбль  Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2020
Аҟазара анԥсҭазаароу: аԥхьарцеи аԥхьарцарҳәаҩцәа дуқәеи ирызкны
Хьымца Хынҭәба дреиуоуп ҳажәлар ҿаԥыцла еимырдоз адоуҳатә традициа змардаз, уи арахәыц ԥымҵәаӡакәа ҳара ҳҟынӡа иаазгаз, аҟыбаҩ ду змаз аҟазацәа. Иара дшыхәыҷыз ргәыбылра икит аиҳабацәа рҟынтәи иибаз амузыкатә арҳәагақәа. 13-14 шықәса анихыҵуаз ихала иаирҳәо далагеит аԥхьарца. Уи инаҭаз агәыбылра еихаҳауа анаҩс рарҳәара далагеит аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр.
"13-14 шықәса схыҵуа саналага иасырҳәо салагеит. Исзымариахеит, избан сыздыруам. Абас ауп ишадырҳәо ҳәа аӡәгьы исимырбеит. Аԥхьарца ашьҭахь ахымаа асырҳәо салагеит. Акультуратә хәышҭаараҿы ирымсхит. Изҟаҵамҭаз еилыскааит. Ладариа Ҳаџьараҭ иҟаҵамҭоуп рҳәеит. Уажәшьҭа 120 шықәса еиҳаны иахыҵуеит. Нас, Лыхны Хынҭәба Максим ҳәа дынхон, дагьыкәашон, дагьышәаҳәаҩын, инапгьы ҟазан. Сара исымоу аҩымаа иара иоуп иҟазҵаз. Аԥхьарцагьы, ахымаагьы, аҩымаагьы, ачамгәыргьы зегьы асырҳәоит сара. Ансамбль аҿгьы идзырҵо сара соуп", - ҳәа еиҭеиҳәон Хьымца Хынҭәба.
Иҭамбаӡо ӡыхьны иҟоу ҳажәлар рдоуҳа иарҿиаз аԥҵамҭақәа рынагӡареи реихаҳареи аџьабаа адызбалаз аҟаза ду иԥсҭазаара зегьы зыдҳәалаз ажәлар рашәақәеи урҭ рарҳәагақәеи ракәын. Дара убри аҟара иԥсҭазаара иаласан, уск дшаҿу иаанижьуан, аҵла дықәзар дылбаауан, амхы дҭазар дҭыҵуны днеины, имузыкатә арҳәагақәа еизганы иахьыҟаз ауадаҿы зны ачамгәыр, нас аҩымаа, ахымаа зегьы анаирҳәалак, игәы рҭынчны иус инациҵон. Уи ԥсҭазааран иара изы, ирыдҳәалаз агәыбылрагьы ҵыхәаԥҵәара амамызт.
Ансамбль  Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2021
Аԥсны
Игәырҩахҽыгахаз, ихәрарӷьагахаз: амузыкатә арҳәага ахымаа иазкны
Арҳәара мацара акәӡам Хьымца дзызҟазаз, иара ибзианы идыруан амузыкарҳәагатә маҭәахәқәа злырхуа аҵлақәа. Зны-зынла инапалагь иҟаиҵон. Иман даҽаӡәы иламҩашьо ихатәы рхиашьа. Архиашьа иаҵанакуа рацәоуп арҳәараҿы ҳәа иԥхьаӡон иара.
"Аԥхьарца аҟаҵара ауаҩы дазкызароуп. Излухуа удыруазароуп. Излухуа узымдырыкәан, уаазықәшәалак акы иалхны иҟауҵар абжьы аиуӡом. Сара ара ачамгәырқәа ҩба сымоуп — излыху ашәчы ауп. Саргьы ашәчы иалхны аԥхьарца ҟасҵахьеит, даара абжьы ҵарын. Ианаамҭоу аҵла ахҵәара аҭахуп, ианаамҭоу аус адулатәуп. Аа-ҵла иалырхуеит, зегьы реиҳа иласу аҵла ҳәа иԥхьаӡоуп. Иаҳҳәап, аԥша ихнажәаз ал ибзианы иалҵуеит, абҳәаса иалҵуеит. Ашәчы иузалхыр, аԥхьарца улымҳа ҭнаҟьоит, убас абжьы аиуеит. Аҳаракыраҿы изызҳауа аҵла ианалумх, ани алаҟәыраҿы, аӡы азааигәара иҟоу - уи ӡлачуп. Аԥша ихнажәаз, ахрусталь рымҳәои, убри иаҩызоуп. Уи убри аҟара иласуп азоуп аԥша изыхнажәа. Аԥхьарцазы зегьы иреиӷьу аа-ҵла, ашәч, ал-ҵла - абарҭ роуп", - иҳәон аҟаза.
Жәлар рмузыкатә ҟазара зшьа, зда иалаз арҿиаҩы Хьымца Хынҭәба 50 шықәса инареиҳаны еиҿкааны иман афольклортә ансамбль "Ахымаа". Уи ихьӡ ахуп еицырдыруа аԥхьарцарҳәаҩы Жана Ачба. "Ахымаа" арепертуар злашьақәгылоу жәлар рашәақәа рыла мацароуп. Ансамбль иалахәу иадырҳәоит амузыкатә инструментқәа рацәаны. Аамҭак азы дара иадырҳәон иахьазын имаҷны ирдыруа амузыкатә инструмент "Ауазарҳәага" захьӡу. Дара иадырҳәоз "Ауазарҳәага" иҟаҵамҭан еицырдыруаз анапҟаза Кәыҷа Лакрба. Ансамбль "Ахымаа" иалоуп қәрала еиҟарам ауаа. Аха дара зегьы еиднакылоит ажәлар рашәаҳәаратә ҟазара ду. Ансамбль "Ахымаа" рылахәхахьеит афестивальқәа рацәаны. Иахьнеилакь иааныркылоит актәи аҭыԥқәа. Иранашьахахьеит аҳамҭақәа маҷымкәа. Урҭ ирылоуп акомпозитор Шопен исахьа зну аҳамҭа.
Ансамбль "Ахымаа" иалоу ауаа алархәны Хьымца Хынҭәба асценари иҩыз асценари ала иҭырххьан афильм "Аԥеиԥш" захьӡу. Ари афильм рызкуп хҩык аишьцәа. Урҭ руаӡәы абахә дагеит. Аӡәы дҭахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан. Ахԥатәи дыҩнрахеит, аҭаацәара аԥиҵеит, аԥсҭазаара иациҵеит.
Хьымца Хынҭәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2020
Арадио
Хынҭәба афестиваль "Раида" азы: ажәытә ҳашәақәеи ҳакәашарақәеи ҳмырӡроуп
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцозгьы, Хьымца дтәамызт. Иашәаҳәацәа иманы иара дрызцон ахырӷәӷәарҭақәа рҿы итәаз аибашьцәа. Иабацәа иабдуцәа ишыҟарҵоз еиԥш, иашәақәа рыла ргәы шьҭихуан аӷа иҿагылаз афырхацәа.
Жәлар рҟазара иҭамбаӡо ӡыхьны ишыҟоу агәра ҳзырго, ԥсабарала аҟыбаҩ ду злеиҵаз Хьымца Хынҭәба ашәақәа рынагӡареи, аинструментқәа рарҳәареи мацара ракәӡамызт инапы злакыз, иара дкомпозиторын, иҩуан ашәақәа. Иҟан мышкы хашәак аниҩуазгьы. Иашәақәа анота ианиҵаӡом, арҳәагақәа рҿы иаирҳәоит, ус ала иуеит ашәа. Урҭ ажәытә ишырҳәоз даара иазааигәаны иҳәон, рыԥсахра бзиа ибаӡомызт.
Хьымца илан даҽа ҟазара дукгьы. Уи икәашашьа даҽаӡәы икәашашьа иалаҩашьомызт. Иара дкәашон ажәытә аԥсуаа шыкәашоз еиԥш дшьацәхыртәны, дықәгьежьуа. Аҭаҳмадацәа шыкәашоз, ашәа шырҳәоз, аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр, аԥхьарца, аҿарпын иадырҳәоз ирацәаҩны избахьаз аҟаза урҭ рышәаҳәашьа, рыкәашашьа дацәхьаҵӡомызт. Иахьынӡаилшо дазааигәаны инаигӡон. Дықәгьежьаауа данаақәлалак, ахәаԥшцәа иаразнак ихикуан, икәашашьа зегьы ирылыркаауан даргьы.
Хьымца, ԥсабарала аҟәыӷара ду злаз аҭаҳмадацәа ирҿиҵааз ашәаҳәаратәи акәашаратәи ҟазара ду рылаиааӡон ахәыҷқәа. Уи аҿы иара акала ихы деигӡомызт. Еиҳарак аус здиулоз ишыҟарҵо ҳарба ҳәа зхала азҿлымҳара ҟаҵаны иара иҿы иааиуаз ракәын.
Ҩнаҭацыԥхьаӡа ианааилатәалак, ашәа анырҳәоз, ианыкәашоз иаԥырҵоз, идырҿиоз, еихарҳауаз ҳфольклортә ҟазара иахылҵыз ашәақәеи акәашарақәеи амузыкатә арҳәагақәа рарҳәашьеи зыблала избоз аҟаза Хьымца Хынҭәба иԥсы ахьынӡаҭаз уи еиқәырханы еиҵагыло аҿар ирымаидон. Ихаҭагьы дахьынҭыҵуа иашәаҳәареи икәашареи рыла ргәы шьҭихуан, иршанхон ахәаԥшцәа зегьы.
Анапҟаза идунеи: Уасил Арухаа аԥсуа музыкатә арҳәагақәа шаԥиҵо  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2021
Зыда дыҟам: Уасил Арухаа аԥсуа музыкатә арҳәагақәа шаԥиҵо
Анҵамҭа шьаҭас иамоуп 2018 шықәсазы Нонна Ҭхәазԥҳа Sputnik азы иазлырхиаз аматериал.
Ажәабжьқәа зегьы
0