Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашьауӷатә ус хацыркуп Лыхнытәи аҭәаҵла аԥҟара инамаданы

© Sputnik / Томас Тхайцук Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны
Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2023
Анапаҵаҩра
Лыхнашҭа иқәгылоу ашықәсрацәа змоу аҭәаҵла ааха азҭаз ауаҩы хәы-шықәса рҟынӡа аҭакра иқәшәоит.
АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Лыхнашҭа иқәгылоу шәышықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла иарҭаз ааха инамаданы ашьауӷатә ус хацыркуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион апрокурор Едуард Шамба.

"Ашьауӷатә ус хацыркуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьаустә Закәанеидкыла 257 ахәҭаҷ ахԥатәи ахы - изакәанымкәан аҵлақәеи ачықьқәеи рыԥҟаразы ала. Уажәтәи аамҭазы ихымԥадатәиу аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа цоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Шамба иажәақәа рыла, ари ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭоит аусӡбара аӡбамҭала хәы-шықәса рҟынӡа ахақәиҭра алахәдаара.
Еилкаам аӡәы аҭоурых ду змоу Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла ахьархь ала иԥиҟеит ахаша ауха. Аҭәаҵла 15 - 20 сантиметра иагәылакны иԥҟоуп. Аҭыԥантәи ауааԥсыра аихатәы хыцқәа рыла аҵла камҳаратә еиԥыршьит, аекологцәеи абаҳчааӡаҩцәеи аԥҟарсҭа ӷьарцаз аҭәаҵла ацәеи абаҳчатә цәеи еилаҵаны аҵлеиларш бжьыршьит.
Аҵарауаа ишышьақәдыргылаз ала, Лыхнытәи аҭәаҵла 147 шықәса ахыҵуеит. Аҵла 19 метра иҳаракуп, агәҭаӡа - 2 метрак, иаахыкәаршан – 6,3 метра иҟоуп.
Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2023
Аԥсны
Аҵарауаа Лыхнытәи аҭәаҵла ақәра шьақәдыргылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0