Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҵарауаа Лыхнытәи аҭәаҵла ақәра шьақәдыргылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны
Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2023
Анапаҵаҩра
Идырым аӡәы хьархьла Лыхнашҭа агәҭа игылаз аҭәаҵла ааха аиҭеит мшаԥы 5 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҵарауаа Лыхнытәи аҭәаҵла ақәра шьақәдыргылеит - 147 шықәса ахыҵуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз Сергеи Бебиа.
"Аҵла ақәра ашьақәыргыларазы абнааӡараҿ ахархәара змоу аметодика – ақәра-парпанта, ҳхы иаҳархәеит. Апарпантала аҵла агәыцә аҟынтәи аиуа ргоит. Аҵла ашықәстә мацәази ироуз аиуеи аҵламазгәыҭ агәҭаӡеи еиҿдырԥшуеит", - ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ.
Бебиа иазгәеиҭеит, ақәра-парпанта иара ҳамҭас Дрездентәи атехникатә университет аҿы иширҭаз, 1979 шықәсазы алекциақәа анымҩаԥигоз. Аԥсны асеиԥш ахархәагақәа акыр имаҷуп.
Академик иажәақәа рыла аҭәаҵла Лыхнашҭа аԥсҭазаараз аҭагылазаашаь бзиа амоуп, адгьыл анаалоит, амрашәахәақәа ракәзаргьы иазхоит. Ари ауп аҵла амызгәыҭ ду заиуз. Аҵла аҳаракыра 19 метра иҟоуп, агәҭаӡа - 2 метрак, иаахыкәаршан – 6,3 метра.
Аҭоурых ду иахаану, Лыхнашҭа иқәгылоу аҭәаҵла ду идырым аӡәы хьархьла ааха ду аиҭеит ахаша, мшаԥы 5 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари ахҭыс азы ашьаусҭҵаара ахацыркра ргәы иҭоуп. Аԥсны ауаажәларра ахара зхароу дыԥшааны иқәнага дақәыршәатәуп ҳәа иршьоит.
Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2023
Аԥсны
Ргәы камыжькәа: Лыхнытәи аҭәаҵла ду шеиқәдырхо
Аекологцәа аҭыԥантәи анхацәа рыцырхрааны рҽазыршәеит аҭәаҵла аиқәырхара. Мшаԥы 7 рзы абаҳчааӡаҩцәеи аҵарауааи аҵла аӷьаразы рхы иадырхәеит аҭәаҵла ацәеи абаҳчатә цәеи еилаҵаны аҵлеиларш. Абаҳчатә аҵлеиларш аҭәаҵла ахьԥҟоу ибжьыршьыхааит. Уи ахәаҷақәеи ацәаакыреи нанашьҭӡом.
Аамҭақәа цацыԥхьаӡа ари аҭәаҵла аҩнуҵҟа агәаҩара иацло иаауан. Аҵла камҳарц азы абетонеиларшьшь ҭарҭәеит.
"Иҳалшоз зегь ҟаҳҵеит, аха аҵла аиқәырхара макьаназ изҵаароуп", - ҳәа иҳәеит Бебиа.
Лыхнашҭа – Аԥсны аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа ҭыԥуп. Араҟа ажәлар рзеиԥш еизарақәа ахьымҩаԥысуаз, иахьагьы еиуеиԥшым аспорттәи акультуратәи аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥырго ҭыԥуп. Лыхны — Аԥсны зегьы иреиҳау ақыҭақәа иреиуоуп. Араҟа аԥсуа аҳцәа иртәарҭан, ара иит жәлар рҵеи лаша Нестор Лакәаба, аԥсуа ҵарауаа дуқәа Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл.
Ихырҳагоу амаҭәашьарқәа аиурц: Лыхнашҭатәи аҭәаҵла шеиқәдырхо - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2023
Ихырҳагоу амаҭәашьарқәа аиурц: Лыхнашҭатәи аҭәаҵла шеиқәдырхо
Ажәабжьқәа зегьы
0