Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хынҭәба РУСДРАМ иаиуо Урыстәыла афинанстә цхыраараз ахҳәаа ҟаиҵеит

© Sputnik Русдрам
Русдрам  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2023
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ Урыстәыла афинанстә цхыраара зынаҭараны иҟоу аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа рсиа иаҵанакит.
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба арадио Sputnik аинтервиу аҭо Урыстәыла афинанстә цхыраара зынаҭараны иҟоу аҳәаанырцәтәи аурыс театрқәа рсиа иахьаҵанакыз гәахәара дууп ҳәа ахиҳәааит.
"Атеатрқәа рнапхгаҩцәа иаҳҳәоит атеатр азы, ахархәагақәа рзы, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбразы аԥара шаҳҭаху. Агәахәара ду ҳнаҭеит Урыстәылатәи Афедерациа, хаҭала Акультура аминистрра аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа афинанстә цхыраара рыҭаразы рыӡбраҿы РУСДРАМ ахьаҵанакыз. Ҳақәгәыӷуеит апроект сынтәа иалагӡаны инагӡахап ҳәа", - иҳәеит Хынҭәба.
Жорданиа еиҭеиҳәеит Москвеи Аҟәеи атеатрқәа ирҭаауа ахәаԥшцәа злеиԥшым атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2023
Арадио
Жорданиа еиҭеиҳәеит Москвеи Аҟәеи атеатрқәа ирҭаауа ахәаԥшцәа злеиԥшым
РУСДРАМ аԥаразоужьраз аӡбра Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аизыҟазаашьақәа еиҳагьы рырӷәӷәароуп иззырхоу ҳәа азгәеиҭеит адиректор хада.

"Ҳатеатр қәҿиарала аус ауеит, агострольқәа мҩаԥнагоит. Уажәы ҳара Москва ҳаҟоуп. Ԥшьымш рыҩнуҵҟа ф-спектакльк ҳахәмарит. Азалқәа ҭәын. Ари иаанаго аусура ҳгәы азыҳәоит ауп, ԥхьаҟа аԥеиԥш ҳамоуп ауп. Аха ҳагәҭакқәа зегьы нагӡахарц азы адгылара ҳҭахуп. Зхаҭабзиара ҳараку аспектакльқәа рықәыргыларазы асценатә хархәагақәа, амаҭәарқәа, аматериалтә ҭагылазаашьа бзиа ҳҭахуп. Ихымԥадатәиуп аинсталлиациатә проектор амазаара", - иҳәеит Хынҭәба.

РУСДРАМ Урыстәыла афинанстә цхыраара зынаҭараны иҟоу аҳәаанырцәтә аурыс театрқәа рсиа ахыԥхьаӡараҿ иҟоуп.
Зынӡа 15 театр жәа-тәылак рҟынтәи аԥара рзоурыжьуеит, урҭ аԥарақәа ҩ-хырхарҭакны инарышьҭуеит: хә-миллион мааҭк асценазы амаҭәахә аахәаразы, хә-миллион мааҭк аԥхьарбарақәа рықәыргалараз.
РУСДРАМ адагьы, асиа иақәшәеит Аахыҵ Уаԥстәыла, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Таџьыкисҭан, Узбекисҭан, Қырҭтәыла, Туркменисҭан ртеатрқәа.
Аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа аԥарарзоужьра ахахьы иагеит икоммерциатәым автономтә еиҿкаара "Русские сезоны".
"Русские сезоны" - аурыс культура аҳәаанырцә ахәаԥшҩы ирбара иазырхоу проектуп. 2017 шықәсазы "Русские сезоны" мҩаԥысит Иапониа, 2018 шықәсазы - Италиа, 2019 шықәсазы - Германиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0