Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анапҟазацәа рџьармыкьа: "Гәыма" Амшаԥ аламҭалазтәи аныҳәа мҩаԥган

© Sputnik / Томас Тхайцук Традиционная предпасхальная ярмарка прошла на культурно-деловой платформе "Гума"
Традиционная предпасхальная ярмарка прошла на культурно-деловой платформе Гума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2023
Анапаҵаҩра
Итрадициатәхаз Амшаԥ аламҭалазтәи аныҳәа мҩаԥган акультура-усутә платформа "Гәыма" аҟны мшаԥы 14 рзы.
"Гәыма" даҽазныкгьы иаднаԥхьалеит еиуеиԥшым аусхкқәа знапы рылаку аҟазауаа – ачысхаа аӡыҩцәа, ачарӡыҩцәа, анапҟазацәа.
Sputnik акорреспондентгьы ари аныҳәа даҭааит, алахәылацәа рҟазара даҵашьыцит, лхазы Амшаԥ чарӡқәа - апаскақәа аалхәеит.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Раԥхьатәи аҽаҩра

Аиармарка аиҿкааҩцәа ируаӡәку Хьыбла Возԥҳа лажәақәа рыла, атауарқәа ӡырыргоит аԥышәа змоу аҟазацәа реиԥш арахь ҿыцны зшьапы еихызгогьы.
"Ауааԥсыра асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа рахь агәаҳәара шрымоу еилаҳкааит. Ашәҟәқәа ҳзаарышьҭуеит, азҵаарақәа ҳарҭоит. Ари ауснагӡатә ақалақьуааи асасцәеи еицырдыруеит", - лҳәеит лара.
Хьыбла лхаҭа лакәзар, аганахь днымхеит. Лҩыза Илона Воуԥҳаи лареи аҭааҩцәа ирыдыргалеит раарыхымҭа – италиатәи аспаржа. Ари Аԥсны раԥхьаӡа акәны иаадрыхит. Хара имгакәа еиуеиԥшым аҭирҭатә ҭыԥқәа рахь инанагоит. Аспаржа аиҭаҳамҭақәа аҭыԥҳацәа иеиҳабыратәым еиҿкаарак аҿы ирыдыргалеит. Аекспертцәа ирзеиҭарҳәеит аус шадулатәу, ишааӡатәу.
© Sputnik / Томас Тхайцук Илона Воуԥҳаи Хьыбла Возԥҳаи
Традиционная предпасхальная ярмарка прошла на культурно-деловой платформе Гума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2023
Илона Воуԥҳаи Хьыбла Возԥҳаи
"Аџьабаа ду ацуп. Ҳгәы иаанагомызт ариаҟара ауадаҩрақәа ҳԥылоит ҳәа, аамҭа рацәани аџьабааи рыдҵатәхоит ҳәа. Аха, ихадароу, алҵшәа ҟалеит. Уи иахьа зегьы ишәыцеиҩаҳшоит", - ҳәа еиҭалҳәоит Илона.
© Sputnik / Томас Тхайцук Традиционная предпасхальная ярмарка прошла на культурно-деловой платформе "Гума"
Традиционная предпасхальная ярмарка прошла на культурно-деловой платформе Гума  - Sputnik Аҧсны
1/8
Традиционная предпасхальная ярмарка прошла на культурно-деловой платформе "Гума"

2/8

3/8

4/8

5/8

6/8

7/8

8/8

Ачаитә "бомба"

Ацәыргақәҵаҿы иааухәар ҟалон ихыркны ирԥшӡоу апаскақәа, ачарӡқәа, акакан згәылоу ачарӡқәа, аишәамаҭәа, анапылаҟаҵара цәашьқәа.
Аҟәа инхо Елиф Аргәынԥҳа ааигәа ачаитә композициақәа раԥҵара нап алалкит. Елиф иазлырхиаз аишәаҿы иқәгылоуп ачаитә композициақәа, ирԥшӡоу амҳаҵәқәа, ачаитә "бомбочкақәа". Дара ашьақар зыԥсахуа аизомальтит иалхуп.
"Абомба" аӡыршы иҭауршәыр, аҽаанартуеит, ачаи арзлоит.
"Ачаи даара бзиа избоит, еснагь еиуеиԥшым агьамақәа гәасҭоит. Зны аинтернет аҿы исымԥыхьашәеит изомальт иалхыз ашьақарконфеҭ. Аинтерес шьҭысхит. Аҩназы иаҿасҵеит, нас исыӡбеит ҷыдала ари аус снапы аласкырц", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.
© Sputnik / Томас Тхайцук Елиф Аргәынԥҳа
Традиционная предпасхальная ярмарка прошла на культурно-деловой платформе Гума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2023
Елиф Аргәынԥҳа
Елиф лнапкымҭа иахьӡылтәит – "Сгәырԥхага".
"Усоуп иагьшыҟоу. Ачаи аиҩызцәа, аҭаацәа еиднакылоит. Ачаижәра ацеремониаан досу ҳгәы иҭоу аԥхаррақәа еимаҳдоит", - лҳәеит лара.

Ибылуан ацәашьы

Ацәеи аванили рыфҩыхаа ааиуеит агәыларатәи аишәаҟынтә. Викториа ҩышықәсоуп ацәашьқәеи аҩнытә декори лнапы рылакуижьҭеи. Анапылаҟаҵартә цәашьқәа иҿыцу тенденциоуп уажәы аҩнытә дизаин аҿы. Дара алашараз акәымкәа арԥшӡароуп иззыркуа.
"Ари сус хыҵхырҭас иаиуит аҩны арԥшӡараз исоуз агәаҳәара. Бзиа избоит иҟәандашьшьыроу аҭагылазаашьа. Уи азы ацәашьқәа асыркуан. Нас исыӡбеит урҭ схала иҟасҵаларц", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.
Викториа лажәақәа рыла, цәашьык аҟаҵара 20 минуҭ дадхалоит. Анаҩс иара сааҭк-ҩ-сааҭк ирылагӡаны ишәуеит. Апроцесс уадаҩӡам, аха аматериал Аԥсны амԥыхьашәара мариаӡам, Урыстәыла иаҿалҵоит.
"Схазы инсыжьуа ацәашьқәа збылӡом. Избылуа иаасхәо роуп", - ҳәа азгәалҭеит Викториа.

Абизнес аус аҿы еиҵагыло

Аиармарка иалахәын зынӡа иқәыԥшқәазгьы. Жәиԥшь шықәса зхыҵуа Сариа изныкымкәа ари аиармарка лхы алалырхәхьеит. Уажәазы лара ақалақьуааи асасцәеи ирыдылгалеит ланду лнапкымҭа – ашоколад иалху аҵыҵындра, ачарӡқәа, апаскақәа рырхиага, иара убасгьы лара лнапала илԥо акакаҷсса.
"Акакаҷсса ҩышықәсоуп снапы алакуижьҭеи. Уи ус имариаӡам. Иҟоуп акырымш иҟасҵо аалыҵқәагьы", - лҳәоит лара.
Сариа лгәаанагарала аиармарка алахәра аинтерес лзаҵоуп, лбизнесгьы аӡыргара иацхраауеит.
Возԥҳа 2022-тәи азы: Гәыма акомандазы ишықәс дуун - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.01.2023
Арадио
Возԥҳа 2022-тәи азы: "Гәыма" акомандазы ишықәс дуун
Ажәабжьқәа зегьы
0