Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭеи Пицундеи урыстәылатәи атуристцәа рзы иалыркааз 10 хырхарҭак ирыҵаркит

© SputnikГудаута
Гудаута  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2023
Анапаҵаҩра
Атуристцәа реиҳараҩык бзиа ирбоит изышьцылахьоу аҭыԥқәа рҿы аԥсшьара, еицырдыруа аотельқәа рҿы аҭыԥ шыҟам анеилыркаалак, апроблемақәа рызцәырҵуеит.
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Гәдоуҭеи Пицундеи урыстәылатәи атуристцәа рзы иалыркааз 10 хырхарҭак ирыҵаркит ҳәа аанацҳауеит урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru.
Ахырхарҭақәа реиҳарак урыстәылатәи атуристцәа рзы иаркуп, иаарту ракәзар, рыхәԥсақәа ҳаракуп. Уи инадҳәаланы уаанӡа иахьымнеицыз аҭыԥқәа ирышьҭалоит. Пицунда ареитинг аҿы абыжьбатәи аҭыԥ ааннакылеит, Гәдоуҭа - ажәбатәи.
Реиҳа иалыркааз иҿыцу ҭыԥны иҟалеит Краснодартәи атәылаҿацә, Кабардинка ақыҭа. Иароуп асиаҿы еиҳа зыхәԥсақәа дуугьы. Ажәабатәи аҭыԥ ааннакылеит ҟәбантәи аиланхарҭа Сенное.
Аԥсшьаҩцәа рзы Гәдоуҭа аԥсшьара ҩынтә еиҳауп (4235 мааҭ) Пицунда аасҭа – 2044 мааҭ. Реиҳа ибиуџьеттәу акәны иҟалеит аиланхарҭа Кучугуры (Краснодатәи атәылаҿацә). Уа аԥсшьара алшоит 1632 мааҭ уахык иахшәааны.
Традиционный праздник урожая прошел на исторической поляне в селе Лыхны с участием представителей всех сел Гудаутского района и Нового Афона в воскресенье 30 октября  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2023
Аԥсны
Зегь реиҳа ачашә хааны иахьырӡуа аҭыԥқәа ҳәа иалыркааз хәба рыбжьара Аԥсны ыҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0