https://sputnik-abkhazia.info/20230415/adouat-eiakra-ayrsiantsa-achgara-du-khyrkshany-amshanya-iayloit-1038778609.html
Адоуҳатә ҽеиҭакра: ақьырсианцәа Ачгара Ду хыркәшаны Амшаԥныҳәа иаԥылоит
Адоуҳатә ҽеиҭакра: ақьырсианцәа Ачгара Ду хыркәшаны Амшаԥныҳәа иаԥылоит
Sputnik Аҧсны
Ачгара Ду - зегьы иреиҳау, насгьы зеилагара ҟамло ҿбаароуп, уи аамҭазы ақьырсиан динхаҵаҩцәа Амшаԥныҳәа аԥылара рҽазыҟарҵоит. 15.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-15T19:00+0300
2023-04-15T19:00+0300
2023-04-15T19:04+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102993/08/1029930808_0:30:3071:1757_1920x0_80_0_0_06f451d36c86bd640294cf0469cc1a5c.jpg
Жәабран 27 инаркны иалагеит 49 мшы иныҟәырго ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара Ду. Мшаԥы 16 рзы ақьырсиануаа иазгәарҭоит Амшаԥныҳәа - Иаса Қьырса Ибзахара.SputnikАқьырсиан динхаҵара мҩаԥызго зегьы Амшаԥныҳәа ааира ҩынҩажәа мшы шагу Ачгара Ду иҵалоит. Рыцхәла иара есышықәса аҽаԥсахуеит, ианақәшәо еиԥшым, уи амза агыларала ирыԥхьаӡоит: зны изааны жәабран мза инаркны иалагоит, зны - ихьшәаны. Анцәа дхазҵо Ачгара Ду адоуҳатә ааԥынра ҳәа азырҳәоит, избанзар ааԥынразы адунеи аԥсабара зегьы аҽшеиҭанакуа, ишҿыцхо еиԥш Анцәа дхазҵогьы адоуҳатә ҽеиҭакра рҽазыҟарҵоит.Ачгара Ду ахьӡ захьыӡхаз иара егьырҭ аныҳәа чгарақәа зегь раасҭа иахьдуу ауп. Уи адагьы иара зызкыҵәҟьоу аныҳәа лаша – Амшаԥныҳәоуп.Амшаԥныҳәа – ақьырсианцәа рзы ихадоу ныҳәароуп. Уаҟа иаарԥшуп ауаҩытәыҩсатә ҭоурых зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс – Анцәа иԥа, Анцәареи ауаҩреи еицызбаз Иаса Қьырса игылара. Иаса Қьырса Ацқьа Мариа дылхылҵит, аԥсыцқьала диит. Иара адгьыл даҭааит ауаа рыԥсқәа ҿихырц, Адами Евеи иҟарҵаз раԥхьаӡатәи агәнаҳа инаркны ауаа зегьы ирықәырҵаз агәнаҳарақәа рхихырц. Аԥсҿыхра алшахартә иҟалеит Иаса Қьырса харак имамкәа аџьар аҿы данкыдырҵа ашьҭахь: ихахьы игеит адунеи ауааԥсыра зегьы рыгәнаҳарақәа, Иара дхазҵаз, Иуасиаҭқәа ирықәныҟәо ажәа риҭеит жәҩангәашәԥхьара шырзаатуа.Ақьырсианцәа зегьы Анцәа игылара рҽазырхиауа уи доуҳала рҽазыҟарҵоит, рҽыдрыцқьоит, рыҽдырӷәӷәоит. Уи ахь дара мҩанызго Ачгара Ду ауп. Абарҭ амшқәа раан дарбанызаалак ақьырсиануаҩ ицәгьа-мыцәгьақәа ркаԥсара иҽазишәоит, иламыс ацқьара даҿызаауеит, аус цқьақәа рымҩаԥгара дашьҭалоит.Дарбанызаалак Анцәа дхазҵо ауаҩы идыруазароуп ачгара афатә-ажәтә мап рыцәкра аасҭагьы агәнаҳарақәа мап рыцәкра шакәу. Афара-чара мап ацәкра, уи цхыраагӡоуп, ихадароу агәнаҳа ахыхроуп. Уажәа цқьазароуп, уус цқьазароуп, ухәыцрақәа цқьазароуп.Ачгара актәи амчыбжь азы ауҭраҭыхи, ашәыри, ачеи аӡи роуп иуфар иҟало, ахәша злоу акгьы ухы иаурхәар ҟалаӡом. Ачгара Ду азы акәацгьы ахшлыхгьы рфаӡом азы аишәахь зынӡа инаргаӡом.Ачгара ду аԥхьатәи амчыбжьи аҵыхәтәантәи амчыбжьи акыр еиԥшуп. Усҟангьы егьысҟангьы акрыфара азин ыҟоуп мышкахьы знык ма ҩынтә. Уигьы маҷ-маҷ. Иара убри аан Ахәаша дуи Агәаҟҵәаҟра сабшеи рзы ҽынла зынӡаск акрыфара ҟалом. Ачгараан акырӡа аҵанакуеит доуҳалатәи аҽрыцқьарагьы, агәнаҳа ҟауҵар ҟалаӡом. Ауаҩы дычгеит ҳәа иҩнуҵҟа ацәымӷра аанхар, уи акгьы аанагаӡом.Агәаҟҵәаҟра мчыбжьы иара убасгьы Амчыбжь ду ҳәа иашьҭоуп. Ашәахьа ду аан дыргәаладыршәоит апатриарх Иосиф, Аҩаша ду аан иргәаладыршәоит иаса Қьырса афарисеицәа шаҿаԥиҽыз, Ахаша ду аан — Иуда ичарҳәареи лаӷырӡыла Иаса ишьапшҵақәа зыӡәӡәаз Мариеи, Аԥшьаша ду аан – Ахәылԥ маӡа аантәи ахҭысқәа, Ахәаша ду аан — Иаҳхылаԥшхәы аџьар аҟны ихигаз агәаҟрақәа, асабша ауха анцәахаҵаҩцәа ирызцәырҵуеит агәырӷьара иаша, "Иаса Қьырса дгылеит!" "Ииашахаҭаны дгылеит!" ҳәа еибырҳәоит.Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит ахәаша, анышә дамадан аиудеиатә қьабзқәа инарықәыршәаны. Хымш рышьҭахь, иҵаҩцәа неит иԥсыбаҩ ахьынрыжьыз ахаҳәтә дамраҿы, аха дрымбеит… Анаҩс, рҿаԥхьа дцәырҵуеит дыбзаханы. Даҽа 40 мшы иара адгьылаҿ дыҟан, Иуахәама аԥызҵаз, ақьырсианра адунеи аларҵәара зҽазызкыз иҵаҩцәа абжьгарақәа рыҭауа.Ақьырсианра ныҟәызго аԥсуаа, Амшаԥныҳәа ауха ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа Анцәаимҵаныҳәара иалахуп, шарԥазынӡа. Амшаԥныҳәа аҽны ачгара иҵаз ичгачысым агьама рбоит, аԥсуаа рҿы уи еиԥш иҟоу чысны иԥхьаӡоуп аилаџьи ахарҵәи, уи ашьҭахь амшаԥы кәтаӷь еимырдоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220301/azlatsazhasha-amoup-ashba-achgara-du-akha-iou-amchybzh-asuaa-ishymayrgoz-aty-1037861573.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190422/azlatsazhasha-amoup-Ab-Bassarian-achgara-iazkny-1027162187.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102993/08/1029930808_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_2fbe038c5d2b299121e241b5df327c9e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
жәлар рдоуҳа, ажәабжьқәа
Адоуҳатә ҽеиҭакра: ақьырсианцәа Ачгара Ду хыркәшаны Амшаԥныҳәа иаԥылоит
19:00 15.04.2023 (ирҿыцуп: 19:04 15.04.2023) Ачгара Ду - зегьы иреиҳау, насгьы зеилагара ҟамло ҿбаароуп, уи аамҭазы ақьырсиан динхаҵаҩцәа Амшаԥныҳәа аԥылара рҽазыҟарҵоит.
Жәабран 27 инаркны иалагеит 49 мшы иныҟәырго ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара Ду. Мшаԥы 16 рзы ақьырсиануаа иазгәарҭоит Амшаԥныҳәа - Иаса Қьырса Ибзахара.
Ақьырсиан динхаҵара мҩаԥызго зегьы Амшаԥныҳәа ааира ҩынҩажәа мшы шагу Ачгара Ду иҵалоит. Рыцхәла иара есышықәса аҽаԥсахуеит, ианақәшәо еиԥшым, уи амза агыларала ирыԥхьаӡоит: зны изааны жәабран мза инаркны иалагоит, зны - ихьшәаны. Анцәа дхазҵо Ачгара Ду адоуҳатә ааԥынра ҳәа азырҳәоит, избанзар ааԥынразы адунеи аԥсабара зегьы аҽшеиҭанакуа, ишҿыцхо еиԥш Анцәа дхазҵогьы адоуҳатә ҽеиҭакра рҽазыҟарҵоит.
"Зегьы урзыразхароуп, урнаалароуп. Ачгараан есымша аасҭа ақьиара аарԥшлатәуп, арыцҳацәа акрырҿаҵалатәуп. Ауаҩы дычгеит ҳәа иҩнуҵҟа ацәымӷа аанхар, уи акгьы аанагаӡом",- рҳәоит анцәа дхазҵо, лассы-лассы ауахәама иаҭаауа.
Ачгара Ду ахьӡ захьыӡхаз иара егьырҭ аныҳәа чгарақәа зегь раасҭа иахьдуу ауп. Уи адагьы иара зызкыҵәҟьоу аныҳәа лаша – Амшаԥныҳәоуп.
Амшаԥныҳәа – ақьырсианцәа рзы ихадоу ныҳәароуп. Уаҟа иаарԥшуп ауаҩытәыҩсатә ҭоурых зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс – Анцәа иԥа, Анцәареи ауаҩреи еицызбаз Иаса Қьырса игылара. Иаса Қьырса Ацқьа Мариа дылхылҵит, аԥсыцқьала диит. Иара адгьыл даҭааит ауаа рыԥсқәа ҿихырц, Адами Евеи иҟарҵаз раԥхьаӡатәи агәнаҳа инаркны ауаа зегьы ирықәырҵаз агәнаҳарақәа рхихырц. Аԥсҿыхра алшахартә иҟалеит Иаса Қьырса харак имамкәа аџьар аҿы данкыдырҵа ашьҭахь: ихахьы игеит адунеи ауааԥсыра зегьы рыгәнаҳарақәа, Иара дхазҵаз, Иуасиаҭқәа ирықәныҟәо ажәа риҭеит жәҩангәашәԥхьара шырзаатуа.
Ақьырсианцәа зегьы Анцәа игылара рҽазырхиауа уи доуҳала рҽазыҟарҵоит, рҽыдрыцқьоит, рыҽдырӷәӷәоит. Уи ахь дара мҩанызго Ачгара Ду ауп. Абарҭ амшқәа раан дарбанызаалак ақьырсиануаҩ ицәгьа-мыцәгьақәа ркаԥсара иҽазишәоит, иламыс ацқьара даҿызаауеит, аус цқьақәа рымҩаԥгара дашьҭалоит.
Дарбанызаалак Анцәа дхазҵо ауаҩы идыруазароуп ачгара афатә-ажәтә мап рыцәкра аасҭагьы агәнаҳарақәа мап рыцәкра шакәу. Афара-чара мап ацәкра, уи цхыраагӡоуп, ихадароу агәнаҳа ахыхроуп. Уажәа цқьазароуп, уус цқьазароуп, ухәыцрақәа цқьазароуп.
Ачгара актәи амчыбжь азы ауҭраҭыхи, ашәыри, ачеи аӡи роуп иуфар иҟало, ахәша злоу акгьы ухы иаурхәар ҟалаӡом. Ачгара Ду азы акәацгьы ахшлыхгьы рфаӡом азы аишәахь зынӡа инаргаӡом.
Ачгара ду аԥхьатәи амчыбжьи аҵыхәтәантәи амчыбжьи акыр еиԥшуп. Усҟангьы егьысҟангьы акрыфара азин ыҟоуп мышкахьы знык ма ҩынтә. Уигьы маҷ-маҷ. Иара убри аан Ахәаша дуи Агәаҟҵәаҟра сабшеи рзы ҽынла зынӡаск акрыфара ҟалом. Ачгараан акырӡа аҵанакуеит доуҳалатәи аҽрыцқьарагьы, агәнаҳа ҟауҵар ҟалаӡом. Ауаҩы дычгеит ҳәа иҩнуҵҟа ацәымӷра аанхар, уи акгьы аанагаӡом.
Агәаҟҵәаҟра мчыбжьы иара убасгьы Амчыбжь ду ҳәа иашьҭоуп. Ашәахьа ду аан дыргәаладыршәоит апатриарх Иосиф, Аҩаша ду аан иргәаладыршәоит иаса Қьырса афарисеицәа шаҿаԥиҽыз, Ахаша ду аан — Иуда ичарҳәареи лаӷырӡыла Иаса ишьапшҵақәа зыӡәӡәаз Мариеи, Аԥшьаша ду аан – Ахәылԥ маӡа аантәи ахҭысқәа, Ахәаша ду аан — Иаҳхылаԥшхәы аџьар аҟны ихигаз агәаҟрақәа, асабша ауха анцәахаҵаҩцәа ирызцәырҵуеит агәырӷьара иаша, "Иаса Қьырса дгылеит!" "Ииашахаҭаны дгылеит!" ҳәа еибырҳәоит.
Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит ахәаша, анышә дамадан аиудеиатә қьабзқәа инарықәыршәаны. Хымш рышьҭахь, иҵаҩцәа неит иԥсыбаҩ ахьынрыжьыз ахаҳәтә дамраҿы, аха дрымбеит… Анаҩс, рҿаԥхьа дцәырҵуеит дыбзаханы. Даҽа 40 мшы иара адгьылаҿ дыҟан, Иуахәама аԥызҵаз, ақьырсианра адунеи аларҵәара зҽазызкыз иҵаҩцәа абжьгарақәа рыҭауа.
Ақьырсианра ныҟәызго аԥсуаа, Амшаԥныҳәа ауха ауахәамақәа рҟны имҩаԥысуа Анцәаимҵаныҳәара иалахуп, шарԥазынӡа. Амшаԥныҳәа аҽны ачгара иҵаз ичгачысым агьама рбоит, аԥсуаа рҿы уи еиԥш иҟоу чысны иԥхьаӡоуп аилаџьи ахарҵәи, уи ашьҭахь амшаԥы кәтаӷь еимырдоит.