Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арыцҳараан ацхыраара: Аԥсны Ҭырқәтәыла агуманитартә миссиа хнаркәшеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-конференция по итогам гуманитарной миссии Абхазии пострадавшим в результате землетрясения в Турции
Пресс-конференция  по итогам гуманитарной миссии Абхазии  пострадавшим в результате землетрясения в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ҭырқәтәыла имҩаԥнагаз агуманитартә миссиа иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы мшаԥы 20 рзы.
Аидара Кахраманмараш ақалақь ахь инаган ӷбала мшаԥы 14 рзы, аԥсабаратә рыцҳарақәа раԥыхразы Аусбарҭа аусзуҩцәа ирыҭан.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аҳәынҭқарреи атәылауааи рҟынтәи ацхыраара

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла аханатә иазгәаҭан аԥснытәи аиқәырхаҩцәа арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь рышьҭра, аха уи алымшеит аофициалтә дипломатиатә еимадарақәа рыҟамзаара иахҟьаны.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд абиуџьет аҟынтә аҳәынҭқарра ацхыраараз иазоурыжьит 100 000 доллар, Иара убас агуманитартә еидара активла аизгара рхы аладырхәит Риҵатәи амилаҭтә реликттә парки, Афон ҿыцтәи аҳаԥи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Акультура аминистрреи, атәыла ауааԥсыреи.
Делегация из Абхазии в Турции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2023
Аԥсны
Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа агуманитартә цхыраара наргеит
Арыцҳара иақәшәаз араионқәа рахь инашьҭын 200 тонна агуманитартә еидара, зыда ԥсыхәа ыҟам амаҭәарқәа еидкыланы. Аидара ӷбала идәықәҵан. Уи амҩангара хәыдаԥсадахеит аԥсуаа ирхылҵшьҭроу ҭырқәтәылатәи анаплакҩы имч ала.
Апарламент адепутат Алхас Барцыц иҳәеит АҶА абазаҿ ала ареспублика ауааԥсыра ишрылаҳәаз агуманитартә цхыраара еизгазарц. Адепутат иажәақәа рыла аделегациа ауааԥсыра ишырзеиҭарҳәаз Аԥсны ажәлар ирылшо ала ацхыраара шыҟарҵаз.
Аԥсны АҶА ахада иҳәеит, еизгаз зегьы Ҭырқәтәылаҟа агара шаҭахымхаз, урҭ ахьазхоз азы. Иаанхаз агуманитартә цхыраара хара имгакәа Донбассҟа инашьҭхоит.
Ҭырқәтәыла аделегациа алахәылацәа згәакьацәа адгьылҵысраан арыцҳара иақәшәаз х-ҭаацәарак ирҭааит. Урҭ Аԥсны анапхгареи ауааԥсыреи рҟынтәи ирыдашшылан, иаҭаху ацхыраар шымҩаԥгахо агәра дырган.
"Ҳџьынџьуаа ахьынхо қыҭақәак рҿы аҩнқәа рҟны анхара шәарҭоуп. Ҳара идҳардырит Аԥсныҟа иаар шрылшо, уи азы ацхыраара ҳшазыхиоу. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ирҳәеит ақыҭақәа рҿы аҩнқәа рыла еиқәдыршәар шрылшо, аԥхьанатә ирҭаххаша рыҭара ишазыхиоу. Ари зехьынџьара ҳалацәажәон, аха ауаа рҭыԥ иахыҵыр рҭахым", - ҳәа иҳәеит Барцыц.

Ҳколлегацәеи ҳареи ҳаимадара

Алхас Барцыц иажәақәа рыла Ҭырқәтәыла имҩаԥысуан аԥсуа делегациа ахаҭарнакцәеи аԥсабаратә рыцҳарақәа рҿагыларазы Аҳәынҭқарратә маҵзура аусзуҩцәеи реиԥыларақәа. Аԥснытәи аделегациа аиҿкаара ҳамҭас иарҭеит Амилаҭтә банк агәалашәаратә ԥсарқәа.
Смотр техники и снаряжения МЧС Абхазии на площади Свободы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Аԥсны
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рзы агуманитартә цхыраара аизгара хыркәшахеит
"Ҳара ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа рхаҭарнакцәеи ҳареи ҳаинырлароуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Барцыц иазгәеиҭеит аԥсуа диаспора Аԥснытәи аделегациа шнеиз анраҳа ишырԥылаз, аҩныҟақәа ишнарыԥхьоз, ацхыраара шырзыҟарҵоз.
Абри аан еснагь аиԥш Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ахаҭарнакра аганахь иаанымхеит. Урҭ ари аҩыза ажәабжь шраҳаз аиԥш ашәҟәқәа рыҩра иалагеит "иазхаҵам аҳәынҭқарра" агуманитартә миссиа анагӡара азин амам ҳәа.
"Ҭырқәтәылатәи аган ари аҭакс ирҳәеит, Аԥсны ара ахаҭарнакра ду шамоу, адиаспора миллионҩык рҟынӡа ишынаӡо, рџьынџьуаа ишрыцхраауа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барцыц.
Адепутат Инар Гыцба иажәақәа рыла аофициал-дипломатиатә еимадарақәа шыҟамгьы аԥснытәи адырга зқәу атауар Ҭырқәтәыла аҳазатә зона иахьахысызгьы акыр шаанаго.
Апресс-конференциаҟны адепутатцәа еиҭарҳәеит аханатә Аԥсны аиҳабыра Шьамтәылатәи Арабтә республикагьы еибырҭо аҩнқәа раахәарала ацхыраара аҭара шазгәарҭоз, аха шьамтәылатәи аган ацхыраара ԥара ҳасабла иҟаҵазарц ишаҳәаз адипломатиатә каналқәа рыла.
Адепутатцәа ражәақәа арыла ари азҵаара хара имгакәа иӡбахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0