https://sputnik-abkhazia.info/20230421/voua-asparzhazy-rakhaa-akny-agama-zbeit-ara-anagala---1045356054.html
Воуԥҳа аспаржазы: раԥхьаӡа акәны агьама збеит ҳҽаҩра анҭаҳгала
Воуԥҳа аспаржазы: раԥхьаӡа акәны агьама збеит ҳҽаҩра анҭаҳгала
Sputnik Аҧсны
Сынтәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иҿыцу ауҭраҭых хкы аспаржа, аҽаҩра еиныргалеит. Уи аус шадырулози, аспаржа аарыхразы аидеиа шрызцәырҵызи, ауааԥсыра рҟынтә иамоу... 21.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-21T20:00+0300
2023-04-21T20:00+0300
2023-04-21T20:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/13/1045356262_0:0:720:406_1920x0_80_0_0_f514113ab0f327beef5fbe2b3396fc3b.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Воуԥҳа аспаржа аарыхра иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Воуԥҳа аспаржа аарыхра иазкны
Сара раԥхьа аспаржа агьама анызба, ҳамхы зегьы лаҵаны аҽаҩра анҭаҳгала ауп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Илона. Лара илҳәеит, уи аарыхразы агәаҳәара зауз Хьибла Возԥҳа шлаку."Шықәсык аԥхьа еиҭаҳҳаит, агрономцәа иҳаҵарҳәон ииашаны ишахылаԥштәу. Ҳәарада, аџьабаа ду ацуп, раԥхьа ҳаналагоз ҳхахьгьы иаҳзаагомызт шаҟа аамҭа аго. Иџьаушьаша, аԥхьа аџьармыкьаҿы ианрыдаҳгала, ирацәаҩын уи атәы здыруаз, уи аҽны зегьы ҳҭиит", - ҳәа еиҭалҳәеит Воуԥҳа.Лара лажәақәа рыла, аспаржа аинтерес аҵоуп, изҭаху рацәаҩуп. Иаргьы ахә мариаӡам, 200 грамм 400 мааҭ иаԥсоуп, аха иҳадҵаалоит иааҳхәар абаҳалшо ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/13/1045356262_53:0:681:471_1920x0_80_0_0_65b6f03dd8d5c6ab0319fb9ee2985661.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Воуԥҳа аспаржазы: раԥхьаӡа акәны агьама збеит ҳҽаҩра анҭаҳгала
Сынтәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иҿыцу ауҭраҭых хкы аспаржа, аҽаҩра еиныргалеит. Уи аус шадырулози, аспаржа аарыхразы аидеиа шрызцәырҵызи, ауааԥсыра рҟынтә иамоу азҿлымҳареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Илона Воуԥҳа.
Сара раԥхьа аспаржа агьама анызба, ҳамхы зегьы лаҵаны аҽаҩра анҭаҳгала ауп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Илона. Лара илҳәеит, уи аарыхразы агәаҳәара зауз Хьибла Возԥҳа шлаку.
"Шықәсык аԥхьа еиҭаҳҳаит, агрономцәа иҳаҵарҳәон ииашаны ишахылаԥштәу. Ҳәарада, аџьабаа ду ацуп, раԥхьа ҳаналагоз ҳхахьгьы иаҳзаагомызт шаҟа аамҭа аго. Иџьаушьаша, аԥхьа аџьармыкьаҿы ианрыдаҳгала, ирацәаҩын уи атәы здыруаз, уи аҽны зегьы ҳҭиит", - ҳәа еиҭалҳәеит Воуԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аспаржа аинтерес аҵоуп, изҭаху рацәаҩуп. Иаргьы ахә мариаӡам, 200 грамм 400 мааҭ иаԥсоуп, аха иҳадҵаалоит иааҳхәар абаҳалшо ҳәа азгәалҭеит Воуԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.