Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа ақалақь аҟны амашьына зысыз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Pavel LisitsynАвтомобиль скорой медицинской помощи
Автомобиль скорой медицинской помощи - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2023
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа, мшаԥы 25 асааҭ 21:00 рзы Афырхацәа рымҩаду аҿы, асанаториа "Волга" ааигәара аԥҳәыс амашьына лысит.
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь аҿы амашьына зысыз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҟны. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит амедусҳәарҭа аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба.
Иара иҳәеит, аԥҳәыс лҭагылазаашьа акыр ихьанҭаны ахәшәтәырҭахь дышнаргаз.
Аԥҳәыс амашьына лысит аҩаша, мшаԥы 25 руха асааҭ 21:00 рзеиԥш, асанаториа "Волга" азааигәара. Лара Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭахь днаган.
Гәдоуҭа араион ААР аиҳабы Зосма Гыцба ишиҳәаз ала амашьына аԥсҟы зкыз Аҟәа, анаркологиатә диспансер ахь днашьҭын, агәаҭарақәа иаадырԥшит иара ижәны дшыҟамыз.
Гыцба иҳәеит ари ахаҵа иганахь ала ашьаус ахацыркра азҵаара шыӡбахо.
Иҟалаз шыҟалаза аҭагылазаашьақәа ҭырҵаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0