Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа ашьаҟауаҩ илысыз ауаҩы иганахь ала ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Машина УВД города Гудауту
Машина УВД города Гудауту  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2023
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа ақалақь аҿы мшаԥы 25 рзы амашьына зысыз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҟны.
АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ашьаҟауаҩ илысыз Тарас Лазба иганахь ала ашьаус хацыркуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ААР аиҳабы Зосма Гыцба .
"Аԥсҭбара зцыз амҩан иҟалаз амашәыр иалахәу, 26-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ Тарас Лазба даанкылоуп. Гәдоуҭа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит АЗ ахәҭаҷ 263 ахәҭа 3 (ашьаҟауаҩ исра) инақәыршәаны", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥҳәыс амашьына лысит аҩаша, мшаԥы 25 руха асааҭ 21:00 рзеиԥш, асанаториа "Волга" азааигәара. Лара Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭахь днаган, аха илымаз ааха иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит.
Амашьына аԥсҟы зкыз Аҟәа, анаркологиатә диспансер ахь днашьҭын, агәаҭарақәа иаадырԥшит иара ижәны дшыҟамыз.
Ажәабжьқәа зегьы
0