Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Схәыҷра зырлашаз": Ҭемыр Дбар акәашара иԥсҭазаара ишанырыз иазкны

© Foto / Саида Жьиԥҳа Тимур Дбар
Тимур Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2023
Анапаҵаҩра
Иахьа, мшаԥы 29 Жәларбжьаратәи акәашара иамшуп. Ари аҽны ишәыдаагалоит изныкымкәа аҳәаанырцә Аԥсны ахьӡ ҭызгахьаз ансамбльқәа "Аламыси" "Шьараҭыни" дрыланы иқәгылахьаз Ҭемыр Дбар исценатә ԥсҭазаара иазкны Саида Жьиԥҳа иазлырхиаз анҵамҭа.
Дарбанызаалак ауаҩы инапы злаку аус иқәманшәалахозар, игәы ҟанаҵозар - иара иҭыԥ аҟны дыҟоуп ауп иаанаго. Иахьа зыӡбахә сымоу афырхаҵа Ҭемыр Дбар дшыхәыҷызнатә аԥсуа милаҭтә кәашара дазҿлымҳан. Уи иабзоураны ихәыҷратә гәалашәарақәа илашоу ахҭысқәа рыла иҭәуп.
Гагра араион, Лӡаа ақыҭан инхо Ҭемыр Дбар дыздыруа зегьы еицҿакны ирҳәоит "икәашара шәҩык аԥсоуп" ҳәа. Иахьа, мшаԥы 29, жәларбжьаратәи акәашара амш аҽны сара исҭаххеит иара иӡбахә шәзеиҭасҳәарц.
Ҭемыр бжьышықәса ихыҵуан, иан Пицундатәи акультура аҩнаҟны еиҿкааз, Шьаур Ҭариа напхгара зиҭоз акәашаратә ахаԥшьгаратә гәыԥ ахь данналга. Хышықәса рышьҭахь Уасил Ақаҩба уи аамҭазы иаԥҵаз ахаԥшьгаратә коллективқәа рышьаҭала иҽазишәеит ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль аԥҵара. Иагьиқәманшәалахеит. Ансамбль ҿыц хьӡыс иарҭеит "Аламыс".
"Сара жәашықәса схыҵуан Уасил Ақаҩба еиҿикааз аколлектив ахь саннеи. Уи иалан ашколқәра иаҵанакуаз ахәыҷқәа. Мчыбжьык хынтә аҽазыҟаҵарақәа ҳаман. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны акәашара ҿыцқәа ҳҵеит. Иаҳзаархәеит акостиум ҿыцқәа. Жәа-кәашарак рҿынӡа ҳапрограмма аныҭбааха, Аԥсни уи анҭыҵи еиуеиԥшым афестивальқәеи аконкурсқәеи рахь ааԥхьарақәа ҳарҭо иалагеит. Уи нахыс схәыҷратә ԥсҭазаара - илашаз аамҭа ссирхеит", - ансамбль дшалалаз еиҭеиҳәоит Ҭемыр Дбар.
© Foto / Саида Жьиԥҳа Тимур Дбар
Тимур Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2023
Тимур Дбар
1990 шықәсазы ансамбль "Аламыс" Германиаҟа ааԥхьара рырҭеит. Аԥсны анапхгареи Пицунда ахадареи иҟарҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны дара ироуит алшара Европаҟа ацара. Германиа хә-қалақьк рҟны аконцертқәа мҩаԥыргеит. Уи ашьҭахь, 1991 шықәсазы "Аламыс" Бельгиаҟа афестивальтә тур ахь иаарыԥхьеит.
"Бельгиаҟа ҳцара еиԥҟьоит ҳәа акәын ҳгәы ишаанагоз, иахәҭаз ԥарала ҳахьеиқәшәамыз иахырҟьаны. Аха усҟантәи аамҭазы Пицунда зыԥсы зшьоз, Фиодоров зыжәлаз еицырдыруаз абла ҳақьым акурорт аҿы ҳақәгылара аниба, иҭаххеит ихьӡала ансамбль ацхыраара аиҭарц. Абас ала, иара ибзоурала, ҩаԥхьа аҳәаанырцәҟа амҩа ҳақәлеит ҳмилаҭтә культура аӡыргаразы", - иажәабжь иациҵоит Ҭемыр.
Бельгиа имҩаԥысуаз афестиваль 45 ҳәынҭқарра алахәын. Асовет Еидгыла ахьӡала Пицундатәи ансамбль "Аламыс" заҵәык акәын уа иҟаз.
"Аҳәаанырцәҟа ҳцара убысҟак ҳгәы ҟанаҵон, иаҳамбацыз аҭыԥқәа ҳбон. Аха уи адагьы, ҳақәра шмаҷызгьы, еилаҳкаауан ҳаԥсадгьыл шӡыраҳгоз. Атәым ҳәынҭқаррақәа ҳашрацлабуаз. Убри аҟнытә ҳазегьы аиааирахь агәазыҳәара ҳаибаркны ҳаман. Бельгиа, Острозебеке ҳәа иахьашьҭаз араион аҟны ҳақәгылон. Амилаҭқәа ҳџьаршьаратәы ҳхы ааҳарԥшын, актәи аҭыԥгьы ҳаҭәаршьеит. Исгәалашәоит усҟан иҭыҵыз агазеҭқәа рҿы ҳаӡбахә шаныз. Ҳнапхгаҩы Уасил Ақаҩба Аԥсныҟа ҳанаа ҳҭаацәа идирбон", - иҳәоит акәашаҩ.
© Foto / Саида Жьиԥҳа Тимур Дбар
Тимур Дбар - Sputnik Аҧсны
1/3
Тимур Дбар
© Foto / Саида Жьиԥҳа Тимур Дбар
Тимур Дбар - Sputnik Аҧсны
2/3
Тимур Дбар
© Foto / Саида Жьиԥҳа Тимур Дбар
Тимур Дбар - Sputnik Аҧсны
3/3
Тимур Дбар
1/3
Тимур Дбар
2/3
Тимур Дбар
3/3
Тимур Дбар
Ансамбль "Аламыс" Бельгиантәи ианыхынҳә хымш ааҵуаны, Ҭырқәтәыла ақалақь Самсун имҩаԥысраны иҟаз афестиваль ахь ааԥхьара роуит. Автобус ала, Баҭымынтәи уахь амҩа иқәлеит.
"Ахаан исхашҭуам Ҭырқәтәыла ҳаннеи, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ҳашрыдыркылоз. Урҭ иаҳарҭаз аԥхарра иахьагьы сгәы иҭоуп",- игәалашәоит Ҭемыр Дбар.
© Foto / Саида Жьиԥҳа Тимур Дбар
Тимур Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2023
Тимур Дбар
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь, 1993 шықәса анҵәамҭазы, Уасил Ақаҩба алаҳәара ҟаиҵеит ансамбль "Аламыс" аиҭашьақәыргылара дшалаго.
"Хымԥада ҳхәыҷра агьама азҭоз, аԥшшәы ахазҵоз аколлектив ахь ихынҳәыр зҭахыз ҳрацәаҩхеит. Маҷ-маҷ аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагеит. Еиҭаҳгәалаҳаршәеит ҳакәашарақәа. Аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡакәны гастроль ҳасабала ҳшьаҿа еихаҳгеит Нхыҵ Кавказҟа. 1994 шықәса нахыс хынтә инеиԥынкыланы Москваҟа ааԥхьара ҳаман. Ҩынтә актәи аҭыԥқәа аанаҳкылеит. Ҳақәгылеит Измаиловтәи апарки азал "Россиеи" рҟны. Ахынтә раан, уеизгьы актәи аҭыԥ ауп иааныркыло рҳәан, афестиваль аиҿкааҩцәа аконкурс анҭыҵ ҳақәдыргылеит Урыстәылатәи Ар рзал хадаҟны. Ҳара ҳнаҩс уи аконцерт иалахәын Урыстәыла идырыз артистцәа Надежда Бабкина, Александр Добронравов, Александра Пахмутова, Григори Зельгин, Иулиан уҳәа. Аконцерт ашьҭахь Урыстәылатәи ателехәаԥшраҿы апрограммақәа "До 16 и старше", "Белая ворона" рахь ҳнарыԥхьеит. Исымҳәар залшом, Москваҟа ҳцацыԥхьаӡа уаҟа инхо аԥсуа диаспора адгылара шҳарҭоз", - аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи агастрольқәа игәалаиршәоит Ҭемыр Дбар.
Ансамбль "Аламыс" Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ашьҭахь, аамҭақәа шыуадаҩызгьы, ҩаԥхьа Ҭырқәтәылаҟа ацара рылшеит. Усҟан излахәыз афестиваль аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит. Хәыҷи дуи уи даара игәныргеит. Ахԥатәи аҭыԥ раҭәарамшьо акәмызт аха, аҩбатәи аҿы ақырҭуа коллектив ахьгылаз ауп ирызхымгоз.

Уи ашықәсан аламысаа Ҭырқәтәыла иҟанаҵы даҽа қалақьк ахь ааԥхьара роуит. Аколлектив финансла иахьеиқәшәамыз инамаданы азнык азы мап ркит, аха уи заҳаз Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иахәҭаз аԥара ԥшааны аӡәы иҭаны Ҭырқәтәылаҟа днаишьҭит аԥсуа хәыҷқәа ргәы камҳарц азы.

Ҭемыр ашкол даналга, дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, абиологиа-географиатә факультет. Аха арԥыс дзышьцылахьаз аҟазара изкамыжьит. Иагьиӡбеит аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" анапхгаҩы Едурад Бебиа дидҵааларц, аколлектив ахь дрыдыркылома ҳәа. Ҭемыр ибаҩхатәра иныумбаало дыҟазма. Адырҩаҽны аҽазыҟаҵарахь днарыԥхьеит.
"Ансамбль "Шьараҭын" санаднакыла, хара имгакәа, уахь инеит Пицунда "Аламыс" аҿы исыцкәашоз сҩызцәа Адгәыр Нанба, Алмасхани Ерики Хәытаа, Даҭо Кочариани, Ҭемыр Агрбеи. Аколлектив аҿы ибзианы срыдыркылеит, аха исыцызҳаз сҩызцәа анызба, саҟара сыцлеит. Абас ала усҟантәи аамҭазы "Шьараҭын" фҩык пицундаа ҳахәҭакхеит. Уи еиҳагьы аҭакԥхықәра ҳаднаҵеит. "Аламыс" аушьҭымҭацәа ҳхәыҷратә коллективи ҳнапхгаҩы Уасил Ақаҩбеи ҳарԥхашьар ҳҭахымыз. Убри аҟнытә иҳалымшозгьы ҳалыршаны "Шьараҭын" шьаҟас ҳаҵагылеит", - иҳәоит акәашаҩ.
Ҭемыр Дбар "Шьараҭын" дахәҭакны ҩаԥхьа Ҭырқәтәыла, Самсун ақалақь имҩаԥысуаз афестиваль-конкурс далахәын. Араҟа 20 ҳәынҭқарра ркультура ӡырган ақырҭқәагьы налаҵаны. Убри ашықәсан ақырҭқәеи иара аҭырқәцәеи ираԥганы Аԥснытәи ансамбль "Шьараҭын" актәи аҭыԥ иаԥсахеит.
"Убасҟан иаҳгаз актәи аҭыԥ убриаҟара агьама аман, даҽа иааирак иалаҩашьомызт. Избанзар ақырҭқәа акырынтә ираԥаҳгеит. Пицундатәи "Аламыс" ашьа ҳуит ҳәа исыԥхьаӡеит", - игәалашәоит Ҭемыр.
© Foto / Саида Жьиԥҳа Тимур Дбар
Тимур Дбар - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2023
Тимур Дбар
Даҽа шықәсык ашьҭахь, шьараҭынаа Ҭырқәтәылаҟа ианца, актәи аҭыԥ ргахьеит ҳәа, аконцерт аҿы аконкурс анҭыҵ иқәдыргылеит. Ҭемыр Дбар иажәақәа рыла, шьараҭынаа ирыхәаԥшырц афестиваль цонаҵы есымша Ҭырқәтәыла ахи-аҵыхәеи инхоз ҳџьынџьуаа аауан. Азал зырҭәуазгьы дара ракәын.
"Аконкурс анҭыҵ ҳақәгылон азы, аконцерт ҳансамбль ала акәын ишаадыртуаз. Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа ҳарбарц азы шәҩыла рҽеибаркны инеиуан. Ҳара ҳақәгылара анхыркәшахалак, дара азал ныжьны, адәахьы ҳандәылҵуа ҳәа иԥшын иҳацәажәарц. Уи гәазҭаз афестиваль аиҿкааҩцәа, аконцерттә программа нҵәаанӡа ауаа ныркыларц азы, шьараҭынаа ҳномер аҵыхәтәаны иқәдыргыло иалагеит. Абас агызмалрагьы ҟалеит", - длафуа еиҭеиҳәоит сажәабжьҳәаҩ.
Ҭемыр Дбар "Шьараҭын" аҿы хышықәса роуп дахьыкәашоз. Анаҩс аҭаацәаратә мзызқәа ирхырҟьаны уаҳа асценахь дымгьежьӡеит. Аха иара иахьагьы игәхьааигоит урҭ аамҭақәа. Иразҟны иԥхьаӡоит Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара анамамызгьы, атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы ҳбираҟ иаҵагыланы ҳкультура ӡырызгоз, Аԥсны аӡбахә адунеи иалазырҵәоз дахьыруаӡәкыз!
Ажәабжьқәа зегьы
0