Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәбаз Нестор Лакоба изы: иуаажәлари иареи еиларсын

Гәбаз Нестор Лакоба изы: иуаажәлари иареи еиласан
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба диижьҭеи 130 шықәса ҵит. Аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ асасцәа иманы лассы-ласс днеилон, иахьа, Аҟәатәи аботаникатә баҳча иахагылоу Едуард Гәбаз иабду Басиаҭ Барцыц игәараҭахь. Урҭ реиҩызара иадҳәалоу ахҭысқәа ртәы, насгьы Нестор Лакоба ихаҭара атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Едуард Гәбаз.
Едуард Гәбаз иажәақәа рыла, иабду Басиаҭ раԥхьа иҭаркқәаз дреиуоуп. Лакоба Троцкиступ ҳәа ахьӡ ианихырҵа, иара изааигәаз, дахьтәоз – дахьгылоз аҭаацәарақәагьы дырӡит. Сабдугьы кыр ддырҳәацәеит, кыр ддыргәаҟит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Едуард Гәбаз.
"Санду лажәақәа рыла, Нестор Лакоба убас дырзааигәан иуаажәлар, агәреибагара рыбжьан, уи аҩыза аҭоурых аҿы, шамахамзар, иуԥылаӡом. Убри азоуп игәыбылрагьы ажәлар рҿы изаанхаз. Иуаажәлари иареи еиларсын, дынхыҩхылҵын", - иҳәеит Гәбаз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0