Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Атәыла ахада иҟны аилатәареи Аҟәатәи афорумқәеи

© SputnikАдминистрация президента Абхазии
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны атәылаҿ амчыбжь аҩнуҵҟа мшаԥы 24-30 рзы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа ҟанаҵоит.
Амедицинатәи, арҵара-туристтә форуми рҟны иззааҭгылаз азҵаарақәеи, атәыла ахадеи араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәеи реилатәараҟны излацәажәази, акциа "Аиааира адиктант" шаҟаҩы алахәызи ртәы Sputnik аихшьаалатә материал аҟны.
Sputnik

Раԥхьатәи амедицинатә форум

Актәи амедицинатә форум мҩаԥысуан Аҟәа мшаԥы 24-25 рзы. Уи иалахәын урыстәылатәи академикцәа, апрофессорцәа, амедицинатә ҭҵаарадырра акандидатцәа, Аԥсни Урыстәылеи амедицинатә хеилакқәа рхаҭарнакцәа.
Воуԥҳа аԥснытәи амедицианатә форум азы: алҵшәа бзиа аман - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2023
Арадио
Воуԥҳа аԥснытәи амедицианатә форум азы: алҵшәа бзиа аман
Афорум алахәылацәа – Аԥсни Урыстәылеи рҳақьымцәа, ҩымш рыҩнуҵҟа ашықәснҵыра, асанатор-курорттә инфраструктура аҿиара, ареабилитациа, аневрологиа, акоронавирустә инфекциа аҿагылара, аестетикатә хирургиа, акардиологиа, аветеранцәа рреабилитациа, зызҳара ԥку ахәыҷқәа рыцхыраара, абальнеологиатә курортқәа рыҿиара рызҵаарақәа ирылацәажәон.
Аҟәа ақалақь аҿы амедицинатә форум зхы алазырхәыз урыстәылатәи аҳақьымцәа апациентцәа рыдыркылеит, аԥсуа ҳақьымцәа рзы аконсультациақәа мҩаԥыргеит. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа афорум алахәылацәа рыхьӡала ашәҟәы наишьҭит.

Арҵара-туристтә форум

Иҳаҩсуа амчыбжьа азы иалкаау даҽа хҭысуп Жәларбжьаратәи арҵара-туристтә форум "Горизонты-23". Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны активла аусурақәа мҩаԥысуан ареспублика еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы.
Арҵара-туристтә форум еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Аԥсны Атуризм аминистрреи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Аԥсны Аҵара аминистрреи, Атуризм азы аԥснытәи Ахеилаки акультура-усутә центр "Москва Аҩни".

Аԥсуа ҩқәа рмилаҭтә еицлабра алҵшәақәа

Аҩыҟаҵаҩцәа аҩбатәи рмилаҭтә еицлабра иаиааз аҳамҭақәа ранашьан акультура-усутә платформа "Гәыма" мшаԥы 28 рзы.
Аицлабра аҳамҭа хада Гран-при аӡгьы иаҭәрымшьеит, избанзар аӡбаҩцәа рыбжьаҭарала иахәҭаз абаллқәа алахәылацәа ирмоуӡеит.
Анаплакы аусзуҩцәа 47-ҩык аҩыҟаҵаҩцәа рҟынтәи 95 ҿрыԥшы алырхит. Аицлабратә гьамабарахь инашьҭын 24 ҿырԥшы 15 нхамҩа рҟынтәи.
Аицлабра иахықәкы хадоу, аҩыҟаҵара аларҵәароуп. Аԥсуа ҩыҟаҵаҩцәа рмилаҭтә еицлабра раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2022 шықәсазы.

Адыгақәа рбираҟ амш

Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы аԥшгьарала Адыгақәа рбираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аџьынџьал аԥсуааи адыга жәлари реимадареи реибабареи ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2023
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аџьынџьал аԥсуааи адыга жәлари реимадареи реибабареи ирызкны
Ашьыжь, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәеи, адыга диаспореи, ауаажәларратә еиҿкаара "Адыгэ Хасэ" анапхгареи, аҿартә хеилакқәеи Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан игылоу адыга-аԥсуа аешьаратә баҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Уи ашьҭахь Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы ахыци ахәымпали рыла ахысразы аицлабра мҩаԥган. 6-10 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Шамиль Киут, аҩбатәи- Маркел Чкадуа, ахԥатәи- Рамиль Гәынба.
11-16 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Нестор Кәыҵниа, аҩбатәи- Самир Гәниа, ахԥатәи- Ераст Антелаа.
Ахәылбыҽха Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа адыгакәашарақәа мҩаԥысит.

Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа рҳасабырба

Ахада иусбарҭаҟны араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа 2023 шықәса актәи аквартал азы русура аҳасабырба ҟарҵеит.
Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа ражәахәқәа рҟны ирзааҭгылеит ашықәс актәи аквартал арбагақәа ашәарҭадареи, абиуџьет шәарақәеи, асоциалтә рхырхарҭақәа рҟны.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла, араионқәа рҟны аԥаразымхара иахҟьаны ауадаҩрақәа шыҟоу.
Аԥсны иҟоу апроблемақәа рыӡбра алшоит аинвесторцәа радԥхьалара, аекономика зырҿио атуризм ахаҭабзиара ашьҭыхрала, ақыҭанхамҩала, атәыла аҳауаԥхарреи агеографиеи ҳасаб рызуны IT-технологиақәа рырҿиарала.

Аминистрцәа реилазаара реилатәара

Аминистрцәа реилазаара реилатәара мҩаԥысит лаҵара 27 рзы, 2022 шықәсазы апрограмма "Адемографиа аҿиара" шынагӡаз азы аҳасабырба ҟарҵеит,. Иҳаҩсыз ашықәс азы апрограммала 36,5 миллион мааҭ шәоуп.
2022 шықәсазы аԥарашәара мҩаԥган 365 хәыҷы рзы. Х-ҭаацәарак 200-200 нызқьмааҭ рызшәан еициз ахәыҷқәа рзы. Ашықәс иалагӡаны иит 193-ҷкәыни 172-ӡӷаби.
Апрограмма аҵаҵӷәқәа иахьрықәымшәоз азы ҭаацәарак аԥарашәараз мап рыцәкын.
Младенец  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2023
Аԥсны
2022 шықәсазы "Адемографиа аҿиара" апрограммала 36,5 миллион мааҭ шәоуп
Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа-2022" анагӡаразы аҳасабырба аднакылеит.
2022 шықәсазы зынӡа ирыдыркылеит 94 рзаҳал, урҭ рҟынтә 51 рзаҳал алазҵаз, анхарҭа аархәаразы аԥарақәа рыҭара иазыразхеит.
2022 шықәсазы апрограмма анагӡара иазоужьын 40 миллион мааҭ.
Дом под заселение по программе реновации в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2023
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа-2022" анагӡаразы аҳасабырба аднакылеит
Аминистрцәа реилазаара 2023 шықәсазы аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы аусмҩаԥгатәқәа руснагӡа шьақәнарӷәӷәеит.
Аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иазоужьуп 5 миллион мааҭ. Арҭ аԥарақәа рзырхахоит аԥсуа бызшәа ирласны аҵара акурсқәа, аофициалтә документқәа реиҭагара, аусеилыргара, атерминологиа аиҭагара.
Уи адагьы иазгәаҭоуп ахәыҷӡақәа рзы "абжьы зхоу арҵага", ашколқәраҟынӡатәи ахәыҷқәеи аиҵбыратә классқәеи рзы аудиошәҟәқәа, амультфильмқәа, асахьаркыратә фильмқәа рдублиаж, ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа реизга уҳәа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара аус иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2023
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниаԥҳа аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара аус иазкны

Аиааира адиктант

Аԥсны 70-ҩык рҟынӡа ахәбатәи аиубилеитә акциа "Аиааира адиктант" рхы аладырхәит. Акциа мҩаԥысит Гагра араион х-школк рыҟны. Алахәылацәа инарыгӡеит 25 дҵа, аибашьра-ҭоурыхтә темақәа ирызкны 20 зҵаара рҭакқәа ҟарҵеит.
Аԥышәарақәа рзы азҵаарақәа аздырхиеит Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаареи, Урыстәылатәи арра-ҭоурыхтә еилазаареи, Урыстәылатәи агуманитартә университет рҵарауааи рекспертцәа.
Адиктант алахәылацәа зегьы ироуеит аусмҩаԥгатә ишалахәыз азы асертификатқәа, 25 балл зауа – афиналистцәа рдипломқәа.
Акция Диктант победы в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.04.2023
Аԥсны
Акциа "Аиааира адиктант" 70-ҩык рҟынӡа рхы аладырхәит Аԥсны

Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аремонт хыркәшоуп

Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аремонт хыркәшоуп. Аусурақәа ирылагеит 2022 шықәса нанҳәамзазы. Аилаӡара ахәԥса 20,5 миллион мааҭ иҟан.
"Иахьатәи аамҭазы 19,5 млн мааҭ шәоуп, макьана ацәынха ыҟоуп. Аремонт актәи ахәҭазы иазԥхьагәаҭаз аусурақәа зегь нагӡоуп. Уажәы ахыбра аилыргара иаҿуп", - иҳәеит Тәанба.
Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит Шәача ишҿарҵахьоу амҽы иалху асасааирҭа ашәқәа ҩба. Урҭ аҵыхәтәанӡа иқәдыргылоит.
Ахыбра азеиԥш ҵакыра 450 метра ԥшьыркца иҟоуп. Ргәы иҭоуп ашҭагьы аҭыԥ ақәҵара, амардуан ҿыц ҟалоит, аҩналарҭақәа ҩба аиуеит, акы - ашҭала, егьи - Лакоба имҩала.
Ажәабжьқәа зегьы
0