Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сақаниа асахьаҭыхыҩ Адгәыр Амԥар иусумҭақәа рзы: даара ухәыцны урызнеироуп

Сақаниа асахьаҭыхыҩ Адгәыр Амԥар иусумҭақәа рзы: даара ухәыцны урызнеироуп
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы, аграфик, аҿыханҵаҩ Адгәыр Амԥар ирҿиамҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал маҷ аҟны. Аԥсуа хәаԥшҩы изы иҿыцу, џьара-џьара иџьашьатәу азнеишьа, автор ирҿиара, аԥсуа сахьаҭыхраҿы илагала атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа.
"Адгәыр аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ибжьамыжькәа шықәсыки –шықәсыки бжаки рыла ахатәы цәыргақәҵақәа ҟаиҵоит. Уи аԥхьа ацәыргақәҵа ду иман актәи аҩбатәи азалқәа рҿы. Ииашацәҟьаны, усҟантәи иадкыланы уахәаԥшуазар, даҽа хырхарҭак аман иҟазара. Ассиуреализм иаҳа иадицәало дыҟан. Иахьа уахьахәаԥшуа уи аелемент нхеит, аха даҽа ганкахьала дазнеит. Уи унадаххыланы абри аусумҭа сгәаԥхеит ҳәа алхра даара иуадаҩуп, избанзар иара идунеихәаԥшраҟны убас дшьақәгылеит, ма ашьақәгылара даҿуп- абри ауаҩы иахьатәи адунеихәыцраҟны иникыло аҭыԥ аарԥшра. Уи иникыло аҭыԥ ҳәа иара игәы изаанаго убас иҟоуп - иахьа аинтеллект, ахшыҩра иԥсабаратәым ҳәа. Убри напылаҟаҵара, хшыҩла иӡбаны машьынала иҟаҵоу ахәыцра ауаҩы иԥсҭазаараҿы иаҳа-иаҳа амҽхак арҭбаауа иалагеит… Адгәыр ас еиԥш иҟоу аинформациа дархәыцуеит, уи иусумҭақәа рҟны ирныԥшуашәа збоит", - иҳәеит Сақаниа.
Иара иазгәеиҭеит Амԥар иусумҭақәа даара ухәыцны, хшыҩла урызнеироуп ҳәа, иудумкыло рацәазаргьы, иудукылаша шыҟоу. Аҟазараҭҵааҩ иажәақәа рыла, асахьаҭыхыҩ Адгәыр Амԥар мҽхакыҭбаала аус зуо, ихәыцуа, еиуеиԥшым афилософиатә хырхарҭақәа рыла арҿиара иазнеиуа иоуп.
Адгәыр Амԥар иусумҭақәа збар зҭаху Ацәыргақәҵатә зал хада аҭаара рылшоит лаҵара 12 рҟынӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0