Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Гәдоуҭа" Аԥсны иачемпионхеит амҵәышәымпыл азы ахацәа ркомандақәа рыбжьара

© Foto / Госкомспорт Абхазии Чемпионат Республики Абхазия по баскетболу среди мужских команд
Чемпионат Республики Абхазия по баскетболу среди мужских команд - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. "Гәдоуҭа" Аԥсны иачемпионхеит амҵәышәымпыл азы ахацәа ркомандақәа рыбжьара, абри атәы аанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Афинал аҟны еиқәшәеит Гәдоуҭеи Аҟәеи ркомандақәа. Ахәмарра хыркәшан 99:80 ҳәа.
Ахԥатәи аҭыԥ азы еицлабуан "Драндеи" Гагратәи "Реали", ахәмарра хыркәшан 71:77 гаграа риааирала.
Акомандақәа аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедалқәеи, аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьан. Актәи аҭыԥ азы- 50 нызқь мааҭ, аҩбатәи-30 нызқь мааҭ, ахԥатәи-20 н.м.
Иреиӷьу ахьчаҩ ҳәа далкаан аҳҭнықалақь акоманда аспортсмен Максим Качалов, иреиӷьуа ажәылаҩ драндатәи амҵәышәымпыласҩы Денис Сангәылиа, агәҭантәи ахәмарҩы- гагратәи "Реал" аҟынтәи Николаи Романцев, хәы змам ахәмарҩы (MVP - аред.) ҳәа далкаан Асҭамыр Асланӡиа- Гәдоуҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0