Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аҭоурых амузеи аадыртит Аҟәа

© Sputnik / Асмат ЦвижбаМузей истории Верховного суда открыли в Абхазии
Музей истории Верховного суда открыли в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аҭоурых амузеи аадыртит азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа риубилеитә уснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны.
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аҭоурых амузеи аадыртит Аҟәа, лаҵара 12 азы.
Амузеи аартра иалахәын Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи асасцәа, ԥхьатәара ицахьо аӡбаҩцәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа уаанӡатәи ахантәаҩцәа, урҭ рҭаацәарақәа.
"Ҳаӡбарҭатә системазы ари амш акрызҵазкуа мшуп. Аекспонатқәа рыԥшааразы аусура ду мҩаԥгоуп. Ҳара ҳзы имҩаԥысуа зегьы акыр аҭакԥхықәра рыҵоуп", - лҳәеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәԥҳа.
Амузеи ахь инагоуп 1923 - 2021 шықәсқәа раан Иреиҳаӡоу аӡбарҭа уаанӡатәи ахантәаҩцәа ирызку аинформациеи рфотосахьақәеи аӡбарҭатә система ашьақәгылашьаз аинформациеи, аӡбаҩцәа рцәамаҭәа аҿырԥштәқәа, аусбарҭатәии аҳәынҭқарратәии ҳамҭақәа, аҭоуба атекст аԥсуа бызшәала, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбра аҭоурых, Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аӡбарҭа аусзуҩцәа рыхьӡқәа знубаало астенд. Иара убасгьы иӡыргоуп Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны аӡбарҭақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рыхсаала, иара убас аинтерактивтә екран.
"Даара сақәгәыӷуеит амузеи аартра Аԥсны аӡбарҭатә система аҭоурых аҿы аинформациа аиуреи аиҿкаареи рзы иҭоурыххап ҳәа" - лҳәеит Саида Быҭәԥҳа.
Асовет Социалисттә республика аӡбарҭеиҿкаараз Аԥҟара шьақәырӷәӷәан 1923 шықәса лаҵара 13 рзы Анагӡаратә еилакы Хада ақәҵарала. Ари арыцхә Аԥсны азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа раԥҵара иамшны иԥхьаӡоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0