Урыстәыла

Урыстәыла ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ: арыц азы аилаӡара еиԥҟьар алшоит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДемонстрация научных разработок по выращиванию пшеницы
Демонстрация научных разработок по выращиванию пшеницы - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2023
Анапаҵаҩра
Арыц азы аилаӡара иалахәуп Украина, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, ЕАР. Иара Украинантә ақыҭанхамҩа аалыҵ Амшын еиқәа ала шәарҭадала амҩангараз еиҿкаауп.
АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Арыц азы аилаӡара еиԥҟьар алшоит алахәылацәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра залмыршахар ҳәа иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Вершинин ҳәа аанацҳауеит РИА Новости адипломат Сҭампыл иқәгылара ааго. Вершинин иҳәеит урыстәылатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭиразы аԥкрақәа аԥыхтәуп ҳәа.
"Ганкы мацараз афеида аазго аԥшьгамҭақәа зегьы ирызрыдкылом, иагьзақәшаҳаҭхом. Ҳара раԥхьа иргыланы ҳмилаҭтә интересқәа ҳахьчоит, иҳахьчоит ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа, арҵәыгақәа рааглыхыҩцәа. Убри аан адунеитә џьармыкьаҿы аҭагылазаашьагьы ҳазхьаԥшуеит", - иҳәеит Вершинин.
Адипломат иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аҿҳәарацҵара лаҵара 18 азы ишынҵәо, иара анаҩсҟа ацҵара аганқәа алацәажәар рылшоит аха Урыстәыла аинтересқәа ирԥырхагамкәа ҳәа.
Ԥхынгәы 22, 2022 шықәсазы Урыстәыла, Украина, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ҩ-еиқәшаҳаҭрак рнапы аҵарҩит: "Украина абаӷәазақәа рҟынтәи арыци аалыҵи шәарҭадарыла амҩангараз", "Урыстәыла афатә аалыҵи арҵәыгақәеи адунеитә џьармыкьақәа рахь рымҩангара ацхрааразы Урыстәылеи ЕАРи рыбжьара аилибакаараз Амеморандум".
Урыстәылеи Украинеи хаз-хазы, Ҭырқәтәылеи Еиду амилаҭқәа реиҿкаареи урыстәылатәи аалыҵқәа аекспорт ахь рынашьҭразы иҟаз аԥкрақәа раԥыхрази украинатәи арыц алгара ацхраарази раԥхьатәи аилаӡара рнапы еицаҵарҩит. Украинатәи арыц Амшын еиқәала амҩангара мҩаԥыслоит еицеиқәшаҳаҭны иазԥырҵәаз ишәарҭадоу амҩа — Одесса, Черноморск, Иужныи абаӷәазақәа рыла.
Аԥхьанатә аилаӡара амч аман 120 мшы, уи аҿҳәара анынҵәалак, иацуҵар ҟалон. Аԥхьа аҿҳәара абҵара 17 инаркны хәажәкыра 18 рҟынӡа ҳәа иазгәаҭан. анаҩс 60 мшы, лаҵара 18 рҟынӡа инахан. Убри аамҭазы аҩбатәи адокумент анагӡараан апроблемақәа цәарҵит. Урыстәыла аилаӡара аҭагылазаашьақәа реицықәныҟәара хымԥадоуп ҳәа иашьоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0