Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лыԥсҭазаара далҵит ԥыхьа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс иҟаз Лиудмила Аҩӡԥҳа

© Foto / Минздрав Абхазии Людмила Авидзба
Людмила Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Анапаҵаҩра
Лиудмила Борис-иԥҳа Аҩӡба Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс дыҟан 1999 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа.
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. 76 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит ԥыхьа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс иҟаз Лиудмила Аҩӡԥҳа.
Уаанӡа Аԥсны аԥыза-министрс иҟаз Виачеслав Цыгәба Sputnik акорреспондент ишизеиҭеиҳәаз ала, Лиудмила Аҩӡԥҳа диит Аԥсны ибзианы еицырдыруаз арҵаҩы, аиҿкааҩ Борис Аҩӡба иҭаацәара аҟны.
"Амедицинатә ҵара бзиеи азҿлымҳареи змаз, аԥхарра зхылҵуаз ԥҳәысын. Сара санқәыԥшыз инаркны дыздыруан, аиуара ҳабжьан. Аусура аҟынтәгьы акрааҵуеит дыздыруеижьҭеиеи. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы сара аԥыза-министрс саныҟаз, агәабзиарахьчара аминистрс лыҟаҵараз лыӡбахә сҳәеит, 3-4 шықәса аус еицаауит", - ҳәа игәалаиршәеит Цыгәба.

Иара иажәақәа рыла, Лиудмила Аҩӡԥҳа зус ҭакԥхықәрала иазнеиуаз, аиҿкаара бзиа избоз уаҩын. Усҟантәи аамҭазы агәабзиарахьчара аусхк аҩаӡара каҳан иҟан, лара лыбзоурала уи аиҭашьақәыргылара иалагеит. Аҟазацәа разымхара шыҟазгьы лара илылшеит аколлектив аиҿкаара, аусбарҭа ашьақәыргылара, ачымазҩцәа рыхәшәтәра аиӷьтәра.

Цыгәба иҳәеит, аҳақьымцәеи амедусзуцәеи рыбжьара Аҩӡԥҳа ҳаҭыр ду шлықәыз. Илылыршашаз шырацәаз, лчымазара бааԥс акәамызҭгьы.
Иара агәра ганы дыҟоуп, Лиудмила Аҩӡԥҳа лыԥсра Аԥсны агәабзиарахьчара аусхк аҟны ишцәыӡ дуу, азҟаза лаҳасаб анаҩсгьы аиҿкааҩык лаҳасаб алагьы.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Феисбук идаҟьаҟны Лиудмила Аҩӡԥҳа лыԥсҭазаара алҵра гәалсра дула ишидикылаз атәы ҳәо лҭынхацәа дрыдышшылеит.
Лиудмила Аҩӡԥҳа диит ԥхынгәы 10 1946 шықәсазы Афон ҿыц ақалақь аҟны. 1968 шықәсазы далгеит Москватәи амедицина астоматологиатә институт. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус луан аҳақьым-стоматологс Афонҿыцтәи ахәшәтәырҭа-поликлиникатә еилазаара аҟны, Ареспубликатә хәыҷтәы стоматологиатә поликлиникаҿ аҳақьым хадас, агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс, агәабзиарахьчара аминистрс.
 Иван Цушба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2023
Аԥсны
Аҭоурыхҭҵааҩ Иван Цәышба лаҵара 12 рзы аҵыхәтәантәи имҩа дықәырҵоит
Ажәабжьқәа зегьы
0