Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны акультуратә афиша: ауарӷантә концерт, аспектакльқәеи ацәыргақәҵеи

© Sputnik / Томас Тхайцук Предпремьерный показх спектакля Сария в драмтеатре
Предпремьерный показх спектакля Сария в драмтеатре - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультуратә хҭысқәа рафиша - лаҵара 15 - 21 рзы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит есымчыбжьатәи афиша – ареспубликаҿы имҩаԥысуа атеатртә қәгыларақәа, афилармониатәии аестрадатәии аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа уҳәа рзы.
Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik
Аԥсны акультуратә афиша аатуиет ашәҟәы “Аԥсны. Арӡынба. Ахақәиҭра” Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы аӡыргарала. Ауснагӡатә мҩаԥгахоит лаҵара 15 асааҭ 13:00 рзы. Аекспозициа мҩаԥысуеит лаҵара 20 рҟынӡа.
Аҳәынҭқарратә драмтеатр аҿы лаҵара 16 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль “Сариа” (арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа). Нестор Лакәаба иарӷьажәҩа Сариа Лакәаба илызку аспектакль шьаҭас иамоуп аҟабарда драматург Зарина Канукова лпиеса.
Лаҵара 19 асааҭ 19:00 - “Атәымуаҩ дызлахәу аҭаацәаратә портрет” адраматург Степан Лобозиоров ипиесала иқәыргылоуп. Арежиссиор-ақәыргылаҩ Алхас Шамба. Ақалақь аҟынтә ақыҭа иаҭааз асахьаҭыхыҩ ақыҭатә клуб аиҳабы бзиа иибо аҭыԥҳа лҭаацәараҿ аамҭала ауада дыҩнеиҵоит, аха асахьаҭыхыҩ уи аҭыԥҳа бзиа дшибаз еилкаахоит – зегьы еилаҩынтуеит.
Спектакль Семейный портрет с посторонним - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.04.2023
Аԥсны
Аԥсышәала ицәажәо аурыс лаф: аспектакль "Атәымуаҩ дызлахәу аҭаацәаратә портрет"
Аԥснытәи аҿар ртеатр аҿы лаҵара 17 асааҭ 19:00 рзы ақәыргыламҭа – "Амра анҭашәа ашьҭахь". Арежиссиор-ақәыргылаҩ - Есма Џьниаԥҳа. Ари аиҩызара, аиӷара, абзиабаратә трагедиа рҭоурых еиҭанаҳәоит. Х-сааҭк ицо ақәыргыламҭаҟны амузыкатә номерқәа хәба ыҟоуп. Ирацәоуп акәашарақәа, апародиақәа.
Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр:
Лаҵара 17 асааҭ 19:00 рзы - “Бродский”
Лаҵара 18 - 19 асааҭ 19:00 рзы - “Амра ашәахәақәа зхьыршоу”
Лаҵара 20 асааҭ 15:00 рзы - “Буратино ихҭысқәа”
Лаҵара 21 асааҭ 19:00 рзы - “Ацынҵәарах”
Аҳәынҭқарратә филармониаҿ иазгәаҭоуп ҩ-концертк:
Лаҵара 17 асааҭ 18:00 рзы - ансамбль “Ерцаху” аконцерт
Лаҵара 19 асааҭ 19:00 рзы - Рустам Нахушев иконцерт
Акультуратә мчыбжь хыркәшахоит Пицундатәи ауахәамаҿы ауарӷантә концерт ала – лаҵара 21 асааҭ 17:00 рзы.
Предпремьерный показ спектакля Солярис - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2023
Аԥсны
РУСДРАМ Архангельск аспектакль ықәнаргылоит
Ажәабжьқәа зегьы
0