Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәаԥҳа: ҳашәақәеи ҳбызшәеи зҳәо ыҟанаҵ, жәларык раҳасабала ҳаӡӡом

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чамагәуаԥҳа "Гәында" рықәгыларақәеи "Нарҭаа" аиҭарҿиареи иазкны
Анапаҵаҩра
Ансамбль "Гәында" араионқәеи ақыҭақәеи ирҭаауеит ауааԥсыра рырлахҿыхразы. Ишԥарыдыркылои рҟазара, иабанӡахымԥадатәу жәлар рашәақәа аҿар рызнагара, уи агәыблра дыркра атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Жәлар рартистка, ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа.
Аҧсны акультура аминистрра агастролтә план аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥы 1 инаркны лаҵарамза 31-нӡа аҳәынҭқарратә коллективқәа рықәгыларақәа мҩаԥысуеит атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рҟны.
"Ҳара уажәы Гәыԥ, Акәасқьа ҳахьықәгылоз, ашәақәа иаҳҳәоз ахәыҷқәа иҳацырҳәон, уамашәа иубаша. Ажәлар рашәақәа ҳамоуп, ҳаԥсуа композиторцәа Ражден Гәымба, Кәасҭа Ченгьелиа, Алықьса Чычба рашәақәа, иара убас Нодар Кәарҷиа, Оҭар Ферзба рашәақәа, акы-ҩба сара сашәақәагьы ыҟоуп. Сахьцәажәозаалакгьы исҳәоит ҳхаҿра аазырԥшуа ҳаԥсуа ҟазара ауп, ҳжәытә ашәақәа рмырӡра ауп хықәкыс иҳамоу. Ашколқәа рҿы ахорқәа еиҿкааны иҟазар, ахәыҷқәа абзиабара днаркуеит. Аӡҩыбжьа ҳақәгылараан, аӡӷабцәа ҩыџьа неины иҳарҳәеит, даргьы ирҵар шырҭаху. Ҳара ҳада аӡәгьы дҟамлааит ҳәа ҳҳәозар, ҳиашаӡам, аҿар ааӡатәуп", -лҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аԥсуа шәақәеи абызшәеи зҳәо ыҟанаҵ, жәларык раҳасабала ҳаӡӡом ҳәа.
Аԥсны Жәлар рартистка убасгьы еиҭалҳәеит ансамбль "Нарҭаа" аиҭарҿиаразы иахьазы лнапы злаку аус, мызкахьы знык аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа атәы. Астудиаҟны аицәажәара ахыркәшамҭаз ачамгәыр арҳәаны, ашәакгьы налыгӡеит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0