Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашколхәыҷқәа Владислав изы: Аԥсны раԥхьатәи ахада игәалашәаразы аконференциа мҩаԥган Аҟәа

© SputnikШкольники о Владиславе: в Сухуме прошла конференция памяти первого президента Абхазии
Школьники о Владиславе: в Сухуме прошла конференция памяти первого президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба лаҵара 14 рзы ихыҵуазаарын 78 шықәса.
АҞӘА, лаҵара 19– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәаразы ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи ашколхәыҷқәа алархәны аконференциа мҩаԥган амузеи аҟны.
Ауснагӡатә иалахәын "Аԥсны раԥхьатәи ахада В. Г. Арӡынба – аҵарауаҩ, аибашьҩы, ар рхада" атемала аусумҭақәа аззырхиаз ашколхәыҷқәа. Урҭ ражәахәқәа иреиӷьӡоу ҳәа иалыркааит Аҵара аминистрраҟны.
Зынӡа иалхын ажәахәқәа ааба:
Уарчатәи абжьаратә школ 10-тәи акласс аҵаҩы Нарҭ Ломиа,
Аҟәатәи актәи абжьаратә школ 10-тәи акласс аҵаҩы Нара Дбарԥҳа,
Очамчыратәи аҩбатәи абжьаратә школ 9-тәи акласс аҵаҩы Нарҭ Ҳаџьымба,
Тҟәарчалтәи аԥшьбатәи абжьаратә школ 10-тәи акласс аҵаҩы Арсен Ҵәыџьба,
Ҷлоутәи абжьаратә школ 11-тәи акласс аҵаҩы Алан Аҳәба,
Гәдоуҭатәи аԥшьбатәи абжьаартә школ 9-тәи акласс аҵаҩы Рабиа Каралааԥҳа,
Гагратәи аҩбатәи абжьаратә школ 11-тәи акласс аҵаҩы Давид Ҭаниа,
Гагратәи актәи абжьаратә школ 11-тәи акласс аҵаҩы Ариана Абыџԥҳа.
Ашколхәыҷқәа Владислав Арӡынба инысымҩа, иҵарадырратә мҩа, Қырҭтәыла аҿагылараҿи Аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараҿи ироль иазааҭгыло ражәахәқәа ирыԥхьеит.
Аекран аҿы иддырбон аибашьра ҟалаанӡатәии, аибашьраантәии, аибашьра ашьҭахьтәии аамҭақәа зымҽхакыз архивтә фотоқәеи авидеокадрқәеи. Еизаз зегьы гәахәарыла ашколхәыҷқәа рықәгыларақәа ирзыӡырыҩуан. Аҭоурых ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба иазгәеиҭеит, ахәыҷқәа рықәгылара агәыцқьара, агәыбылра, Арӡынба ихаҿсахьахь аҳаҭыр аарԥшра шрыҵаз.
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа. Сгәы иаанагоит асеиԥш сҳәар сиашахоит ҳәа, избанзар, иахьа ара еизаз зегьы хәыцшьак еицҳамоуп, ҳара зегьы Владислав ихьӡ зху аҩнаҿы ҳаизеит. Ахәыҷқәа ражәахәқәа иаадырԥшуеит Владислав ихьӡ кашәара шақәым, Аԥсни аԥсуа жәлари ыҟанаҵ иаргьы игәалашәара шыҟало. Аԥсни Владислав Арӡынбеи –синонимқәоуп", - иҳәеит иара.
Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи
Амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа аконференциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи ҭабуп ҳәа ралҳәеит, иазгәалҭеит ауснагӡатә агәахәара ду шлызцәырнагаз. Аԥсны аҭоурых аҿы ахаангьы ажәлар ринтересқәа зыхьчоз афырхацәа шыҟаз, усеиԥш иҟаз дреиуоуп Владислав Арӡынба ҳәа лҳәеит лара.
Ашколхәыҷқәа рконференциа еиҿнакааит Аҵара аминистрра Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи адгыларала.
Ажәабжьқәа зегьы
0