Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол 160 шықәса ахыҵит

© SputnikПразднование юбилея Сухумской школы №10
Празднование юбилея Сухумской школы №10 - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2023
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол аадыртит 160 шықәса раԥхьа, 1863 шықәса мшаԥы 4 рзы.
АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьхарыуаа рышкол (Аҟәатәи абжьаратә школ №10) 160-шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥысит Аҟәа, лаҵара 24 рзы.
Аныҳәа хацыркын ашкол ашҭаҿы. Арҵаҩратә коллективи аҵаҩцәеи ирыдныҳәаларц арахь иааит Аҵара аминистр Инал Габлиа, Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа.
Запуск лингафонного кабинета в 10 школе - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.11.2017
Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҟны аԥсуа бызшәа арҵаразы акабинет аартуп
"Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, Аԥсны анапхгара, ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа - Нестор Аполлон-иԥа Лакоба ихьӡ зху ашкол 160 шықәса ахыҵра. Аҵаҩцәа ирзеиӷьасшьоит қәҿиарала рҿаԥхьа ишьҭоу аԥышәарақәа рҭиирц, ҭабуп ҳәа расҳәоит аныҳәа аиҿкааҩцәа", - иҳәеит Аҵара аминистр Инал Габлиа.
Ашкол адиректор Аида Кәарҷелиаԥҳа иазгәалҭеит Ашьхарыуаа рышкол аҟны ишеиҵааӡаз Аԥсны абиԥарақәа жәпакы.
"Аԥсны аҭоурыхи Ашьхарыуаа рышкол аҭоурыхи еидҳәалоуп. Ашкол аҿы еиҵааӡан абиԥарақәа жәпакы. Аԥсуа жәлар рԥа иаша Дырмит Гәлиа абри ашкол аҿы аԥсуа бызшәала аҵараҵара аԥшьигеит. Ҳашкол аушьҭымҭацәа дреиуоуп Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь", - лҳәеит лара.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ашкол аушьҭымҭацәа рҟынтәи 56-ҩык рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит ҳәа лҳәеит адиректор.
"Ашкол аҿы аҵара рҵоит 1909-ҩык аҵаҩцәа. Жәҩык арҵаҩцәа Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа ахьӡқәа рхуп, 15-ҩык иреиҳаӡоу акатегориа иаҵанакуеит. 85-ҩык арҵаҩцәа рҟынтәи 30-ҩык ҿарацәоуп", - азгәалҭеит Кәарҷелиаԥҳа.
Ашьхарыуаа рышкол 160-шықәса ахыҵра аныҳәа иацҵан Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы.
Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол аадыртит 160 шықәса раԥхьа, 1863 шықәса мшаԥы 4 рзы. Кавказ XIX ашәышықәсазы ашколқәа раартра Урыстәыла аимпериатә политика иахәҭакын. Ашколқәа аартын Грозныи, Усть-Лабинск, Маиҟәаԥ, Аҟәа. Ашьхарыуаа рышколқәа рҿы еиҵарааӡон аинтеллигенциа аус аҿы ираԥхьатәиқәаз.
Аԥсны Ашьхарыуаа рышкол аҿы иаартын 40-ҩык аԥсуаа аҵара ахьырҵоз апансион. Ашкол ахылаԥшра аиҭон Аҟәатәи арратә округ аиҳабы, аинрал-маиор Шатилов.
1923 шықәсазы ашкол ихьӡ ахҵан Нестор Лакоба. Иахьатәи ашкол ахыбра ргылан асовет аамаҭазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0