Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь алхрақәа актәи ретап иахысит Аԥснытәи 89 абитуриент

© Sputnik / Александр Алпаткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбитуриенты сдают документы в приемную комиссию
Абитуриенты сдают документы в приемную комиссию - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2023
Анапаҵаҩра
Зынӡа Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало абитуриентцәа рзы асаит ахь рыҽҭарҩит 203-ҩык. 2023 шықәсазы Аԥсны иазоужьуп 110 квота.
АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы алхрақәа актәи ретап иахысит аԥснытәи 89 абитуриент, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахада Дмитри Федотов.
Россотрудничеств аҟны имҩаԥысуан алхратә уснагӡатәқәа мшаԥы 19 инаркны лаҵара 5 аҟынӡа. Зынӡа Аԥснынтәи 203 кандидат ыҟан.

“Аквотатә кампаниа ала актәи атур ахь иақәшәеит 89 кандидат, 20 квота аркӡам", - иҳәеит Федотов.

Актәи аетап иахысыз абитуриентцәа аԥышәарақәа ирхысраны иҟоуп университетқәа рхаҭақәа рҿы.
Россотрудничество ахада иажәақәа рыла, ареспублика 2023 шықәсазы иазоужьуп 210 квота. Урҭ рҟынтәи 24 - аграждантә авиациа аганахьала. Ари ахырхарҭала аҭалара згәаҳәаз аа-ҩык роуп.
Аиҳарак иалыркаауаз арҿиаратә факультетқәа –амузыкатәи актиортәи роуп. Иара убасгьы азхьаԥшра рыҭан архитектура, аинформатика, аԥхьаӡаратә техника, аинформациатә шәарҭадара. Убри аан аӡәгьы амагистратура аҭалара иҭахымхеит, абжьара заанаҭтә ҵарагьы аӡ́әгьы игәамԥхеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0