Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инџьгиа Аԥсны аҭоурых иазку адокументалтә фильмқәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Инџьгиа Аԥсны аҭоурых иазку адокументалтә афильмқәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Џьамбул Инџьгиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аԥсны аҭоурых иадҳәалоу адокументалтә фильмқәа рцикл аԥҵара шалыршахаз, уаҟа иззааҭгылоу атемақәа, апроект ахықәкы.
"Аԥсны - аҿатә хаҳә аамҭазы" ҳәа хьӡыс измоу афильм ӡырган Адунеизегьтәи аԥсуа-база конгресс аҿы. Уи авторс дамоуп аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Џьамбул Инџьгиа. Арадио Sputnik аефир аҿы иара еиҭеиҳәеит, урҭ аус рыдулара шцоз атәы, иадыԥхьалаз аекпертцәа.
"Зегь раԥхьаӡа ауаҩы адунеи дахьықәнагалаз атәылақәа иреиоуп Аԥсны. Уи азы шаҳаҭра зуа аԥшаахқәеи абаҟақәеи ыҟоуп. Мрагыларатәи ҳгәылацәа кыршықәса ҵуеит аҭоурых аицакра иаҿуижьҭеи. Уи аҿагыларазы ҳҵарауаа иҟарҵаз маҷым. Иахьагьы ари аус иацҵоуп. Аԥсны аҭоурх ажәытә хаҳә аамҭа инаркны 1960-тәи ашықәсқәа рҟынӡа авизуализациа ҟаҵоуп. Уи алыршахеит Адунеизегьтәи аԥсуа-база конгресс абзоурала. Афильм аиқәыршәараҿы иадгалан ҳҵарауаа, аексперттә еилазаара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Инџьгиа.
Афильмқәа 10-17 минут ицоит. Урҭ аԥсышәала иҭыхуп, аха ирыҵаҵоуп асубтитрқәа урысшәала, ҳаԥхьаҟа иазгәаҭоуп егьырҭ атәым бызшәақәа рахь аиагара. Афильмқәа иахьынӡауаз игәылҭәааны иҟаҵоуп, адинамика аҵаҵара ҳҽазаҳшәеит ҳәа иҳәеит аҭоурыхдырыҩ.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0