Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

АШәМ: амитинг аҟны азинеилагарақәа ҟалар, урҭ азакәан инақәыршәаны аҭак рыҭахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Роберт Киут
Роберт Киут  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2023
Анапаҵаҩра
Аоппозициаа амитинг мҩаԥыргарц ргәы иҭоуп Аҟәа лаҵара 30 рзы.
АҞӘА, лаҵара 29 - Sputnik. Аоппозициаа рмитинг аан ашьаус иаҵанакуа ма аконституциа иаҿагыло ашьаҿақәа ҟалар, АШәМ аусзуҩцәа азакәан инақәыршәаны урҭ аҭак рырҭоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аусбарҭа аиҳабы Роберт Кьиут.
"Аҟәа ақалақь ахадара азин рынаҭеит лаҵара 30 рзы ауаа рацәа злахәу аусмҩаԥгатә аиҿкаара. Адырра ҟаҳҵоит АШәМ рнапынҵақәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны ауаа рацәа злахәу ауснагӡатә амҩаԥгаразы атәылауаа рзин шырыхьчало", - ҳәа азгәеиҭеит Кьиут.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ашьаус иаҵанакуа ма аконституциа иаҿагыло ашьаҿақәа ҟалар, урҭ АШәМ аусзуҩцәа азакәан инақәыршәаны иаразнак аҭак рырҭоит ҳәа.
"Даҽазнык ишәгәаласыршәоит, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аԥсны жәлари уи аконституциатә шьақәгылашьеи рахьчара шакәу ҳнапы иану", - иҳәеит АШәМ аиҳабы иҟаиҵаз ааԥхьараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0