Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гыцба Аԥсни Шьамтәылеи русеицура иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Гыцба Аԥсни Шьамтәылеи русеицура иазкны
Анапаҵаҩра
Хәышықәса ҵит Шьамтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеижьҭеи. Ареспубликақәа рыбжьара ишьақәыргылоуп адипломатиатә еизыҟазаашьақәа.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсни Шьамтәылеи ирыбжьоу аимадарақәа ртәы, урҭ ԥхьаҟа реизырҳараҿы лшарақәас иҟоу, насгьы Аԥсны азхаҵара аус ԥеиԥшс иамоу атәы.
Аԥсны адипломатиатә ҭоурых аҿы Шьамтәыла иҟанаҵаз ашьаҿы аҵак ду аманы исыԥхьаӡоит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы адепутат. Гыцба иҳәеит ари шьаҿа-шьаҿала аус зыдулаз азҵаара шакәыз.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0