Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

ААР аҳәамҭа ҟанаҵеит Қырҭтәыла Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа ахы рылагалара шзалымшо азы

© Sputnik / Томас Тхайцук Лого МИДа Абхазии
Лого МИДа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2023
Анапаҵаҩра
Лаҵара 31 рзы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишьвили Европарламент аҟны дықәгыло илҳәеит "иацы Аԥсны аӡәгьы иаҳҭом ҳәа алозунгқәа ирыҵагылаз аоппозициаа" дышрыдгыло.
АҞӘА, рашәара 1 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Қырҭтәыла ҳаҩнуҵҟатәи аусқәа ахы рылагалара шзалымшо азы. Аминистрра ахаҭарнак ҷыда Викториа Маланиаԥҳа иҟалҵааз ахҳәаа кьыԥхьуп Аԥсны ААР Амедиацентр Telegram-канал аҿы.

"Саломе Зурабишьвили Аԥсны ауааԥсыра рлахьынҵа асеиԥш агәҭынчымра лнаҭо дыҟазар, илабжьаагоит Қырҭтәыла аиҳабыра анырра рзыҟалҵарц, Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵариҩырц азы", - ҳәа лҳәеит лара.

Лаҵара 30 рзы Аҟәа имҩаԥысит аполитикатә партиақәа ҩба рмитингқәа. Атәыла амчра аполитика иаҿагыло рмитинг Аҟәатәи адраматә театр аҿаԥхьа иалагеит. Уа иқәгылоз иазгәарҭеит иахьатәи атәыла ахадара имҩаԥырго аполитика ишаҿагыло, апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара, афымцалашара ахә ашьҭыхра, адгьыл аҭира уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа.
Иара убри аан, аиҳабыра рҿаԥхьа еизеит атәыла ахада идгылаҩцәа. Еизаз иркыз аплакатқәа рҟны ианын дара рҭахрақәа: аԥсуа дгьыл аимҵәара ишаҿагыло, Аԥсны ауаа ааганы рынхара ишақәшаҳаҭым.
Уи аԥхьа аоппозициа алахәылацәа рмитинг аҿы алкаатә резолиуциа рыдыркылеит. Уа дҵаны иҟарҵоит – аиҳабыра рыԥхьатәара. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амитинг амҩаԥгаҩцәа рыдҵақәа рынагӡара мап ацәикит, уи азы аоппозициатә мчқәа аҿагыларатә акциақәа шымҩаԥыргало азы аҳәамҭа ҟарҵеит.
Амитинг амш: аԥсуа аоппозициа акциа шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2023
Аԥсны
Амитинг амш: аԥсуа аоппозициа акциа шымҩаԥысыз
Ажәабжьқәа зегьы
0