Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Владислав Арӡынба Аԥсны аҭоурых жәаха минуҭ ишҭеигӡаз

Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2023
Анапаҵаҩра
Рашәара 2, 1989 шықәсазы Москва, СССР Жәлар рдепутатцәа Актәи реизара ду аҟны аԥсуаа рҿахәы ҳәо раԥхьаӡа акәны ари аҩыза атрибуна ду аҟынтәи дықәгылеит Владислав Арӡынба. Уи аҭоурыхтә мшы лгәалашәараҿы ишынхаз атәы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭаҿы.
Ԥхны мшын, жәлар рфорум "Аидгылара" аҿы хынҭаҩынҭаран. Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аншыкьуаз аамҭан. Ахҭысқәа ахьымҩаԥысуаз иахьа Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбраҿы акәын, усҟан уаҟа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ыҟан. Иахьа апатриотизм мариахеит, баҩык алам амчраҿ иҟоу акритика рзура, уимоу ухы иааҭашәо уҳәаргьы ауеит.
Владислав Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Владислав Арӡынба иажәеи иаамҭеи
Сызлацәажәо ахҭысқәа раамҭазы, Асовет еидгыла асистема аҿагылара гәаӷьыуацәан, Аԥсны Қырҭтәыла иамхәаҽуа аҟаҵара иазықәԥоз рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан. Абри зегь зхысҳәаауа, усҟантәи асистема аҿагылара иззымгәаӷьуазгьы ыҟан, иахьа ипатриот дуцәоушәа ицәажәо ԥыҭҩыкгьы налаҵаны.
1989 шықәсазы лаҵарамза анҵәамҭазы, хықәкыла иаҳҳәозар амза 25 рзы, Москва аусура иалагеит СССР Жәлар рдепутатцәа Актәи реизара ду. Ҳара ҳдепутатцәагьы уахь ицаны иҟан. Усҟан Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахыбра иаҭаауаз рацәаҩын Москвантәи ажәабжьқәа реилкааразы. Усҟан уажәеиԥш аимадарақәа абаҟаз, ианаауҭаху иззуҭаху аҭел уизасуагьы иҟамызт, аха "Аидгылара" ахадацәа ироуан аинформациа. Иҿыцу жәабжьк аныҟаз ахыбра азал ду аҿы ауаа ирыларҳәон. Убарҭ амшқәа рзы иааҳалаҩҩит аизараҿы ҳара ҳдепутатцәа иреиуоу аӡәы ажәа ирҭараны иҟоуп ҳәа.
Ишсгәалашәо ала, уи апартиатә еизара ду ишиашоу ицоз аефир ала иаҳдырбон. Аидгылараа рхыбраҿы иҟаз ателевизорқәа ирыдӷьазкыланы иԥшын ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа, аха ҳара ҳтәқәа аӡәгьы атрибунахь дымнеицызт. Ажәа рырҭомашь, ишԥаҟалари анаџьалбеит ҳәа иӷьаҵәыӷьаҵәуан зыԥсадгьыл алахьынҵа иазгәаҟуаз зегьы.
Усҟан сара исхыҵуан 26 шықәса, егьырҭ сықәлацәа ԥыҭҩык реиԥш, абарҭ азҵаарақәа ахьырыӡбоз исхызгон сусура иахаршәаланы исымаз аамҭа. Сгәы иалоуп амшынҵа ахьныҟәсымгоз, избанзар аамҭа иаԥсаҟьо агәалашәарақәа рацәоуп.
Встреча Владислава Ардзинба с Шеворнадзе - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2020
Ҳҵарауаа дуқәа Владислав Арӡынба изы: иара иакәымзар, ԥсыуак дшыҟамлоз жәдыруазааит
Рашәара 2, 1989 шықәса рзы ҳажәлар ԥшын ҳдепутатцәа руаӡәы аизараҿы ажәа ирҭандаз ҳәа. Ҳаԥшын, ҳаԥшын, аха ҳа ҳтәы дцәырымҵыцызт. Иахьа дысгәалашәом дарбану, аха сҩызцәа руаӡәи сареи ҳанкараха, "Акоп икаҳуажәырҭа" ҳәа иахьашьҭаз ҳцаны каҳуак ҳжәып ҳгәахәын, ақалақь агәахьы ҳҿынаҳхеит. Ҳҭыԥ аҿы ҳнаӡарц акгьы ҳагмызт, иахьа аресторан "Санремо" ахьыҟоу унаӡаанӡа, "акомиссионтә дәқьан" ҳәа изышьҭаз ҳаваланы ҳашнеиуаз, иаҳдыруаз, уа иҵагылаз аԥсуа ԥхәыс лыбжьы ҳақәлыргеит. Зыӡбахә сымоу адәқьан аҿы ателевизор хәыҷы рыман. "Шәааи, шәааи, Арӡынба дықәгылоит", - лҳәеит лара. Убасҟан аекран аҿы избаз, уаанӡагьы издыруаз, аха уи аҽны хьшьыцбаҵас атрибуна аҟнытә Владислав Арӡынба иқәгылара еиԥш сгәы шьҭызххьоу даҽа хҭыск сыԥсҭазаараҿы иҟамлацзар ҟалап.
Усҟан иара иқәгылара жәҩангәашәԥхьараны иааҳзыҟалеит, жәаха минуҭ ирҭагӡаны ҳмилаҭ зҭагылаз агеноцидтә политика иазкыз ажәахә.
Владислав Арӡынба игәалашәарақәа рҿы иҳәоит уи иқәгылара алыршара шымариамыз, ацентртә партиатә мчы ақырҭуа политика иаднацәылон азы: "Сара сааҟәымҵӡакәа ажәа сырҭарц сазықәԥон. Апартиатә иерархиа иаарылшоз зегь ҟарҵон ус иҟамларц азы. Ганкахьала ҳажәлар аҳәара ҟарҵон ҳара иаҳхаҭарнаку дықәдыргыларц, иҳауан еиуеиԥшымыз ателеграммақәа, даҽа ганкахьала, апартиатә напхгара Қырҭтәыла аинтересқәа ирызхәыцуа, сара ажәа сыҭара иацәшәон". Уи аҽны дықәдмыргылар, апротест ҟаҵаны аизара аанижьырц игәы иҭаны дыштәаз ауп ҳара ҳдепутат ажәа ширҭазгьы.
Валери Аршба Владислав Арӡынба изы: илеишәа цәгьаӡамызт, дыџьбаран ауп - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2023
Аԥсны
Валери Аршба Владислав Арӡынба изы: илеишәа цәгьаӡамызт, дыџьбаран ауп
Аполитик дцәажәон жәаха минуҭ маҷк инацны, аха иахьатәи зажәа зроуа аполитикцәа дрыҿҳарԥшуазар, убри аминуҭқәа ирҭагӡаны ҳара ҳҿахәеиԥш, СССР иаланхоз амилаҭ маҷқәа рызҵаатәгьы шьҭихит. Аԥсны аразҟы далацәажәо, адепутат иажәахә аҿы иалкааны иазгәеиҭеит ақырҭуа екстремисттә политика иахҟьаны, риашашьа змам ахҭысқәа ҟалар шалшо. "Аекстремисттә мчқәа ахҭыс хадақәа Аԥсныҟа ииаргеит, ҳара ҳгәы ишаанаго ала, ауаа реидырсларазы, нас ахара ҳара ҳажәлар ирыдырҵарц азы. Ахара ҳара ҳадҵаразы уадаҩрак ыҟам, избанзар аинформациатә хархәагатә пропаганда ганкы иадцәыланы аус ауеит, убри аамҭазы аԥсуа жәлар рҿахәы аҳәарҭа рымам", - иҳәон Владислав Арӡынба уажәы-уажәы исааҭ дахәаԥшуа, ирҭаз аамҭа иҽҭагӡаны ҳажәлар рҿахәы наигӡарц азы.
Аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Аҩӡба "Аибашьра-политикатә проблемақәа" ирызку ишәҟәаҿы иалкааны ари аҭоурых дахьалацәажәо иазгәеиҭоит аԥсуа политик Арӡынба иқәгылара ақырҭқәа адабла шыднарсыз. Ҿырԥштәысгьы иааигоит ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа Р. Миминошвили, Г. Панџьекиӡе "аԥсуа екстремистцәа Қырҭтәыла аганахь ижәылеит, Қырҭтәылазы еиҳа иуадаҩыз аамҭазы" ҳәа усҟан ишырҩуаз.
Ииашаҵәҟьаны, Арӡынба иҩыза уи аизараҿы ицәырҵра ҳаӷацәа ршьара иқәнарҟьеит, аха ари аҩыза ақәгылара усҟан ҳара ҳажәлар ргәы шьҭнахит, адунеи зегь ҳара иаҳтәушәа ҳааҟалеит. Абри ақәгылара анаҩсанҵәҟьа Владислав Арӡынба аԥсуа жәлар дырфырхаҵа хаданы, дырҿахәҳәаганы дааҟалеит, уи аԥхьагьы бзиа ирбахьаз шиакәызгьы.

Иамааз ҷыдарас СССР Жәлар рдепутатцәа Актәи реизараҿы ажәа зҳәаз Владислав Арӡынба иқәгылара? Сгәанала, адепутат Арӡынба иажәа араӡара, аҭоурых агәыларԥшра, ԥықәсларада иажәахә анагӡара, шықәсы рацәала ҳажәлар рхаҭарнакцәа ззықәԥоз азҵаатәы ӷьеҩла атрибуна хадаҟынтә ацәыргара, насгьы даҽак иаламҩашьоз агәаӷьра ду зныԥшуаз ихьшьыцба ҭеиҭԥш уҳәа, шәышықәса рахь знык иуԥыло аҿахәҳәаҩы диины даақәгылеит рашәара 2, 1989 шықәса рзы ҳара ҳажәлар рҿаԥхьа. Абарҭ аҷыдарақәа зегьы аӡәы ихаҿраҿы еизганы иҟан азоуп Арӡынба дыԥхьагыланы дҟазҵазгьы ҳара ҳхьыԥшымра азықәԥараҿы.

Аполититолог Андраник Миграниан Арӡынба изы абас иҳәеит: "Арӡынба имҽхак акыр иҭбаан, Арӡынба Аԥсны аҵкыс деиҳан", - адунеитә политикцәа дрыҵамхо дшыҟаз аарԥшуа.
Исыздыруам заҟантә сеиҭахәаԥшхьоу еицырдыруа Арӡынба иқәгылара, аха убасҟан еиԥш, иахьагьы урҭ ахҭысқәа анымҩаԥысуа иахьакәушәа сааҟалоит, убасҟан еиԥш иахьагьы агәадура сызцәырҵуеит.
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0