Урыстәыла

Аҿаҵарақәа рмаҵзура: Аԥсны Ҭырқәтәылазы иальтернативахар алшоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Жаркое лето 2022 года
Жаркое лето 2022 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2023
Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла аԥхын ареспублика иаҭаар рылшоит миллионҩык рҟынӡа урыстәылатәи атуристцәа, урҭ рҟынтәи Шәачантә мышктәи аныҟәарала иаар рылшоит 60% .
АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Аԥсны, Еиду Арабтәи Аемиратқәа, Ермантәыла, Қырҭтәыла, Узбекисҭан зыхәқәа шьҭыҵыз Ҭырқәтәылазы сынтәатәи аԥхынраан альтернативахар ҟалоит, абас аҩуеит РИА Новости заанаҵтәи аҿаҵарақәа рмаҵзура МТС Travel адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Амаҵзура агәаанагарала Ҭырқәтәыла иальтернативахар ҟалоит Аԥсны.
"Амшын цқьа, ахә маҷқәа, аԥсабара ԥшӡа – абарҭ роуп ухаҿы иааиуа Аԥсны аӡбахә ануаҳауа. Ара аҩнеихагыла дуқәа ыҟам, аха иҟоуп Кавказ аԥсабара ссир, асас идкылара иазыԥшу ауаа", - азгәарҭоит аекспертцәа.
Атуристцәа ирабжьыргоит Аҟәа, Гагра, Пицунда, аӡиа Риҵа ирҭаарц.
Уи адагьы аекспертцәа аԥсшьаҩцәа Гагра иӡааҟәрылоу аӷбақәеи акораллтә рифқәеи рбаразы амшын аҵаҟатәи аӡсарақәа, Кындыӷ ақыҭан атермалтә зыԥхаррақәа рҟны рҽыркәабарц.
Амаҵзураҿы ишырҳәо ала Аԥсны аԥсшьара ахәқәа ақалақь иадҳәалоуп.
Гагра с коптера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2023
Аԥсны
Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп урыстәылауаа аԥхын заа иааныркыло аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рыҟны
Зегь раасҭа ахәқәа лаҟәуп Пицунда. Ара уахыки-ҽнаки аԥсшьара бжьаратәла хнызқьмааҭ иаԥсоуп.
"Гагреи Аҟәеи ахәқәа еиҳа иҳаракуп. Бжьаратәла 8-9 нызқь итәоит. Аха убри аан иалшоит еиҳа еиҵоу ахәқәа рыԥшаарагьы, иаҳҳәап апартаментқәа", - рҳәеит аилахәыраҟны.
Ҭырқәтәыла иандаҭлоит Еиду Арабтәи Аемиратқәагьы. Ара уахыки-ҽнаки аԥсшьара 4 000 мааҭ рыла иалагоит. Бжьаратәла ҩыџьа аотель аҿы рыҟазаара 23 000 мааҭ итәоит.
Ермантәылатәи акурорттә қалақь - Севан – сынтәатәи аԥхынразы ирҭаххаша ҭыԥуп ҳәа азгәарҭоит аекспертцәа.
Бжьаратәла Ермантәыла уахыки-ҽнаки аԥсшьара 12 000 мааҭ итәоит ҳәа аанацҳауеит МТС Travel. Убри аан иуԥшаар ауеит 1,7 нызқь иаԥсоу анхарҭагьы.
Узбекистан – аҵыхәтәантәи аамҭазы иалыркаауа хырхарҭахеит. Иара Ҭырқәтәыла иаваҟәалоит ажәытә ҭыԥқәа, аханқәа, аџьаамақәа рырацәарала.
Узбекистан, МТС Travel адыррақәа рыла бжьаратәла ахәқәа 3,5 - 7,5 тысяч нызқь инаӡоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0