Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиҭашәҟәҭаҩра иахысыз атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара еилкаахеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыплата пенсии
Выплата пенсии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2023
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала хәажәкыра 1 инаркны лаҵара 31 рҟынӡа Аԥсны атәанчаҩцәа рышәҟәеиҭаҭаҩра мҩаԥысуан.
АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Аԥсны 42 352-ҩык атәанчаҩцәа аиҭашәҟәҭаҩра иахысит, азеиԥш рбагақәа рҟынтәи ари 86% инаӡоит, ашәҟәы реиҭаҭагалара иахысраны иҟоуп даҽа 6 809-ҩык атәанчаҩцәа.
Аиҭашәҟәҭаҩра иахысыз атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара араионқәа рыла

Ақалақь, араион

Зынӡа атәанчаҩцәа шаҟаҩы ыҟоу

Аиҭашәҟәҭаҩра иахысит

Аҟәа

11438

10381

Гагра араион

7795

6721

Гәдоуҭа араион

7864

6986

Аҟәа араион

2564

2292

Гәылрыԥшь араион

3426

3068

Очамчыра араион

5392

4384

Тҟәарчал араион

4304

3771

Гал араион

6378

4746

Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра атәанчахәқәеи ашәарақәеи русбарҭа аиҳабы Анжелика Ҷыҭанааԥҳа арадио Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, атәанчаҩцәа рышәҟәеиҭаҭаҩра мҩаԥган рхыԥхьаӡара аилкааразы, избанзар, иҟоуп ареспублика анҭыҵ ицо, иҟоуп зыԥсҭазаара иалҵыз, аха урҭ ианаамҭоу иазгәаҭам.
Ҷыҭанаа лажәақәа рыла, атәанчаҩцәа рышәҟәеиҭаҭаҩразы даҽа шықәсыбжак аҿҳәара рымоуп.
"Уаанӡа ашәҟәеиҭаҭаҩраз аҿҳәарақәа арбамзар, уажәы фымзтәи аҿҳәара шьақәыргылоуп. Атәанчаҩы ианаамҭо ашәҟәы иҽҭеимгалазар, аҽа фымз рыҩнуҵҟа, уи аус ириашар ҟалоит, убри аан арҭ афымз иаанкылаз итәанчахәы иоуеит. Фымзтәи аҿҳәара иахыԥаз атәанчаҩы азыҳәа аныҟаииҵа инаркны атәанчахәы иоулоит", - лҳәеит лара.
Атәанчаҩы хаҭала игәамбзиара иахҟьаны аусбарҭахь дзымнеиуазар, аминистрра аусзуҩцәа дахьынхо аҭыԥ ахь инеины ашәҟәеиҭаҭаҩра дахрыжьуеит ҳәа азгәалҭеит Анжелика Ҷыҭанааԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0