Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: амитингқәа, Багаԥшь игәалашәара амш, Аахыҵ Уаԥстәылантәи асасцәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Митинг у администрации Президента
Митинг у администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит лаҵара 29 инаркны рашәара 4 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Ари амчыбжь азы Аԥсны дыргәаладыршәон аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь, 2011 шықәса лаҵара 29 азы зыԥсҭазаара иалҵыз. Иара убасгьы Аҟәа имҩаԥысит ҩ-митингк- аоппозициатә мчрақәа еиҿыркаази иахьатәи амчра иадгыло еиҿыркаази. Иара убасгьы амҩаԥысит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура Амшқәа.

Ҩ-митингк

Лаҵара 30 азы Аҟәа имҩаԥысит ҩ-политикатә акциак. Адраматә театр ашҭаҿы еизеит аоппозица ахаҭарнакцәа, иахьатәи атәыла аиҳабыра рполитика ишадымгыло ҳәо. Иара убри аамҭазы аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа еизеит атәыла ахада идгылаҩцәа.
Аоппозициатә митинг саҿы еизеит зықьҩык инарзынаԥшуа. Дара рҭахрақәа рныԥшуан абаанерқәа рҿы аҩырақәа: апартаментқәа рзы азакәан, "Аԥсны анхарахь ауаа рааԥхьара", "аԥсуа дгьылқәа ршара" афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра рҿагылара.
Аҟәа, аоппозициа алахәылацәа рмитинг аҿы алкаатә резолиуциа рыдыркылеит, уа дҵаны иҟарҵоит – аиҳабыра рыԥхьатәара, зус ззынамыгӡаз аполитикцәа рмаҵура ааныжьра.
Убри аан иазгәарҭоит, атәыла ахада имаҵура ааныжьра ишақәшаҳаҭым. Аминистрцәа реилазаара анапынҵақәа азынамыгӡеит ҳәа иршьоит, убри азы ԥхьатәара ицарц адҵа ҟарҵоит.
Принятие резолюции митинга  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2023
Аԥсны
Аоппозициа алахәылацәа рмитинг аҿы алкаатә резолиуциа рыдыркылеит
Арезолиуциа апунктқәа иреиуоуп:
Ахада иҟны ареформақәа рзы Ахеилак аԥҵара, урҭ иааиуа аҩышықәса рыҩнуҵҟа амилаҭ усқәа рыӡбоит. Ахеилак иалагалатәуп еиуеиԥшым ауаажәларратә мчрақәа, аекспертцәа.
Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭраз ақәҵара аԥыхра.
Афымцалашара ахәԥса ашьҭыхразы ақәҵара аԥыхра.
Урыстәыла аҳәынҭдача "Пицунда" аҭаразы аиқәшаҳаҭра аанкылара.
Апартаментқәеи апарт-отельқәеи рзинтә статус азы азакәан апроект Апарламент ахь анамышьҭра.
Аенергосистема ахатә капитал ахатәтәразы аҭара мап ацәкра.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭатәи абжьаҟазаратәи ӡбарҭақәеи разхаҵаразы аиқәшаҳаҭра Апарламент ахь рынамышьҭра.
Аҟәа ақалақь аргыларатә кодекс аус адуларазы аексперттә комиссиа аԥҵара.
Митинг у администрации Президента  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2023
Аԥсны
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа еизеит Аҟәа
Аоппозициа рыдҵақәа рынагӡара атәыла ахада мап ацәикит, иазгәеиҭеит аҳәынҭдача "Пицундеи" апартаментқәа рыргылареи рызҵаарақәа Апарламент ишазынашьҭтәу, Аминистрцәа реилазаара аԥхьатәара алацәажәара шаҭахым.
Аиԥылара ахҳәаа аҭо Адгур Арӡынба иҳәеит аоппозициа ԥхьаҟагьы аҿагыларатә акциақәа рымҩаԥгара шагәҭаку.
Анаҩс идгылаҩцәа рҿаԥхьа дықәгылеит Аслан Бжьаниа. Иара иеизаз ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәеиҭеиеит амчрақәа ирхықәкы хадоу ажәлар рымаҵ аура шакәу.
Амитинг амш: аԥсуа аоппозициа акциа шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2023
Аԥсны
Амитинг амш: аԥсуа аоппозициа акциа шымҩаԥысыз

Сергеи Багаԥшь игәалашәара Амш

Лаҵара 29 2011 шықәса рзы 62 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Иара анышә дамадоуп Очамчыра араион иқыҭа гәакьа Џьгьарда.
2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын атәылаҿы ауаажәларра-политикатә еибырххарақәа раамҭазы. Усҟан иара илшеит аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара. 2009 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас деиҭалхын.
Сергей Багапш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2023
Аԥсны
Ауаҩра, агәаӷьра, аҳалалра злаз: Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәаразы
Сергеи Багаԥшь ихьӡ адҳәалоуп Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура. Иара илшарақәа ирыбзоураны 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны азханаҵеит.
Сергеи Багаԥшь иаамҭаӡамкәан иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.

Аахыҵ Уаԥстәыла акультура Амшқәа

Ари амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура Амшқәа. Аҟәа иқәгылеит Коста Хетагуров ихьӡ зху адраматә театр. Аԥсуа хәаԥшыҩцәа идырбан аспектакль "Ауапеиқәаҵәа", Аҳәынҭқарратә ансамбль "Симд".
Аделегациа напхгара алҭон акультура аминистр Радмила Ӡагоева.
Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Ӡагоева адкыларазы иҭабуп лҳәеит.
Аԥсны иаатит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2023
Аԥсны
Аԥсны иаатит Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа
"Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев ихьӡала Аԥсны имҩаԥысуа Аахыҵ Уаԥстәыла акультура амшқәа асасцәеи алахәылацәеи ишәыдысныҳәалоит. Акыр шықәса ҵуеит ҳҳәынҭқаррақәа аимабзиара рыбжьоижьҭеи, гәахәароуп аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акультура ахырхарҭала аизыҟазаашьақәа ҿиоуижьҭе. Ҭабуп ҳәа иасҳәоит сколлега Даур Ақаҩба акультура ахырхарҭаҟны аусеицуреи аимадарақәа рырҭбаареи дахьахаҵгыло",- лҳәет Ӡагоева.
На сцене Абхазской государственной филармонии им. Раждена Гумба проходит концерт Государственного ансамбля Южной Осетии Симд имени Бориса Галаева - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2023
Аԥсны
Аҟәа иқәгылеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ансамбль "Симд"
Мшаԥы 5-6 рзы Аԥсны акультура амшқәа Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысит Цхьынвал. Ахәаԥшцәа идырбан Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр инарыгӡо Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа рмотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш", иара убас Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбли аԥсуа естрада артистцәеи рықәгылара мҩаԥган.
ПК министров культура РА Даура Кове и РЮО Дзагоева Радмила  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2023
Аԥсны
Ауснагӡатәқәа даара ирацәоуп: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ркультуратә усеицура зеиԥшрахо

Ахәыҷқәа рыхьчара амш

Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи амш азгәарҭеит Аҟәа еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа рыла.
С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысит Аҟәа ақалақь ахадара Акультура аусбарҭа еиҿнакааз Ахәыҷқәа рыхьчара амш иазкыз аконцерт. Араҟа ахәыҷқәа акатран аҟны асахьақәа ҭырхуан, ашахмати ашашкеи ихәмаруан, асапын ашәах иалхны ампышҭақәа ҟарҵон, еиԥхныҩлон.
Иара убасгьы ахәыҷқәа рыхьчара амш иазку аныҳәа мҩаԥган акультура-устә платформа "Гәыма" аҟны рашәара 1 азы.
Ахәыҷқәа рныҳәа: Аԥсны Ахәыҷқәа рыхьчара амш шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2023
Аԥсны
Ахәыҷқәа рныҳәа: Аԥсны Ахәыҷқәа рыхьчара амш шымҩаԥысыз
Аусмҩаԥгатә аҟны ахәыҷқәа рзы имҩаԥыргеит аробототехниказ аҟазаратә-классқәа, 3Dасахьақәа, аробошьапылампыл, асеисматә-ргылара уҳәа. Ахәыҷқәа аҭҵаарадырратә лабораториа рҽаладырхәит.
Ахәыҷқәа рзы аныҳәа еиҿкаан ЕАР ахәыҷтәы Фонд Аҟәатәи аофис ацхыраарала.
Ахәыҷқәа рыхьчара жәларбжьаратәи амш инамаданы "Иқьиоу акартош. Ахәыҷра аныҳәа" акциа мҩаԥысит Аҟәа рашәара 1 азы, аиҿкааҩцәа: акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана", аресторан "Aburger".
Еизгоу аԥарақәа зегьы Афонд зхылаԥшуа ахәыҷқәа рыхәышәтәра иазырхахоит.
Акция добрый картофель - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2023
Аԥсны
Акциа "Иқьиоу акартош" 147 нызқьмааҭ еизнагеит

Агәызҩара ззыҟоу иаанкылара

Аҟәа агәҭа 21 шықәса зхыҵуаз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Аидын Аҳмеҭ дишьит, ԥшьҩык ахәрақәа риҭеит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Азербаиџьан атәылауаҩ Ниџьаҭ Дадашов даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2023
Аԥсны
Аҟәа агәҭа иҟалаз ауаҩшьра иуит ҳәа агәҩара ззыҟоу ахаҵа даанкылоуп
Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын дыршьит Аҟәа ақалақь агәаны амҩадуқәа Арӡынбеи Аинрал Аршбеи реихысырҭаҿы асааҭ 14:10 рзеиԥш аҩаша, рашәара 23 рзы. Иара убас ԥшьҩык еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы ахәшәтәырҭахь инаргеит, урҭ рыбжьара дыҟан 14 шықәса зхыҵуа ақәыԥш.
Аҟәа ақалақьтә прокуратура Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 99-тәи ахәҭаҷ 2-тәи ахәҭа, 217-тәи ахәҭаҷ 1-тәи ахәҭа рыла ашьаус хацнаркит.

"Apsny-Star"актәи асезон афиналтә концерт

Амузыкатә проект "Apsny-Star" актәи асезон афинал мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы лаҵара 29 рзы.
Ильда Қәычбериаԥҳа лкомандаҟынтәи асуперфинал ахь инеит Адгәыр Лазариеи Иракли Џьумутиеи, Саида Агрԥҳа лкомандаҟынтәи - Миранда Мархолиаԥҳаи Самвел Миракиани, Фаиа Мархолиаԥҳа лкомандаҟынтәи - Софиа Миаукинеи Викториа Лабиеи.
Ажиури рыбжьыҭира иалҵшәаны анаҩсантәи аетап ахь изымнеит Лола Ҟалӷьы, Аслан Шьакаиа, Алан Бесланиԥа, Нар Нанба. Аха апроект апродиусерцәа рыӡбамҭала Саида Агрԥҳа лкоманда иалаз Аслан Шьакаиа апроект аҿы даанрыжьит.
Финал первого сезона Apsny-Star - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2023
Аԥсны
Афинал аҳамҭақәа: "Apsny-Star" актәи асезон аҵыхәтәантәи аконцерт
Амузыкатә продиусер Анри Гәымба ишиӡбаз ала, апроект аҿы даанхоит Лола Ҟалӷьгьы Ильда Қәычбериаԥҳа лкомандаҟынтәи.
Апроект "Аpsny-Star" еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – апроект информациатә партниорс иазыҟоуп. Ашоу априз хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.
Апроект шықәсык ицалоит, иара х-сезонкны еихшоуп. Ахԥатәи асезон – асуперфинал аҿы еиндаҭлоит аԥхьатәи ҩ-сезонк рфиналистцәа. Амузыкатә проект аҳәаақәа ирҭагӡаны ашықәс аҩнуҵҟа иазыԥхьагәаҭоуп 12 концерт, мызкахьы знык.
Финал первого сезона Apsny-Star - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2023
Аԥсны
Афинал аҳамҭақәа: "Apsny-Star" актәи асезон аҵыхәтәантәи аконцерт
Ажәабжьқәа зегьы
0