Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариа аимҳәаршәаа азы: иаҳа–иаҳа ицәырҵуеит алаҵа ахьыҟарымҵо иахҟьаны

Занҭариа аимҳәаршәаа азы: иаҳа–иаҳа ицәырцуеит авакцина ахьыҟарымҵо иахҟьаны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҿктәы хәшәтәырҭа аԥхын иадҵаало рыхәшәтәразы иахьынӡеиқәшәоу, аҳақьымцәа рызхома, ацәаркыҷы, абҷы, аимҳәаршәаа реиԥш иҟоу ачымазарақәа рзы аҭагылазаашьа зеиԥшроу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳакьым хада ихаҭыԥуаҩ, ареаниматолог Дамеи Занҭариа.
"Аԥхын аԥсшьара аамҭа уаҩҵас ԥхынгәымза инаркны иалагоит, убри аҟынтәи макьана ирацәаны ачымазцәа ҳаднагалаӡом. Иаагозар ҵыԥх, ачымазцәа аиҳараҩык ԥхынгәымзазы ауп ианҳадаҳкыла. Аԥхынразы иара убас сентиабр ачымазцәа рыдкылара иахьынӡаҳалшо ҳҽазыҟаҳҵоит", - иҳәеит Занҭариа.
Иара иазгәеиҭеит аковид чмазара зманы аӡәы дрыдҵаалозар, аконсультативтә цхыраара ширҭо, иара убас хәшәык, гәырк рылаҵара аҭахызар, ишырзыҟарҵо, аха ахәшәтәырҭаҟны ишьҭарҵаӡом. Ус еиԥш аҭахны иҟазар, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь ирышьҭуеит.
Аҟәатәи аҿктәы хәшәтәырҭа аҳакьым хада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит ҵыԥх аԥхын мышкы 150 рҟынӡа ачымазцәа анрыдыркылозгьы шыҟаз, иазгәеиҭеит ҩаԥхьа ус еиԥш ачымазцәа рацәахар, агәабзиарахьчара аминистрреи дареи шеилацәажәахьоу, агәыӷра шрымоу Урыстәылантәи рколлегацәа рыцдырхраауеит ҳәа. Ус еиԥш аԥышәа ҵыԥхгьы иҟан.
"Ахәшәқәа ртәы ҳҳәозар, ҳаибыҭоуп, хар ҳамаӡам, ҳабзиуп уҳәаргьы алшоит", иҳәеит Занҭариа.
Аҳақьым иазгәеиҭеит ауаҩы, еиҳаракгьы аӡҟы, акьатеи чымазара ихьзар, ицәеижь акы ақәнаԥсазар, зыԥшра ҟамҵакәа амедицинатә усҳәарҭа иадҵаалаларц.
Занҭариа иҳәеит аимҳәаршәаа (коклиуш) зманы ирзышьҭоу ауаа шыҟоу, уи зыхҟьо ианаамҭоу авакцина аҟамҵра ауп ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0