Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Актәи аканал адырраҭара "Жизнь своих" даҽа сериак Аԥсны аҭыхра ргәы иҭоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Абхазский государственный драматический театр
Абхазский государственный драматический театр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2023
Анапаҵаҩра
Актәи аканал аҟны ицо автортә дырраҭара "Жизнь своих" - ари ауаа рхаҭарақәеи, аҵасқәеи, аԥсабара аԥшӡареи ирызку проектуп.
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Адырраҭара "Жизнь своих" даҽа сериак Аԥсны аҭыхра ргәы иҭоуп иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз атревел-шоу апродиусер Евгени Кривцов.
Аԥсны иазкыз раԥхьатәи аҭыжьымҭа даара алаҵәара аиуит, зыбжьы ақәзаргаз рацәаҩуп, убри аҟнытә иӡбан ареспублика иазкны аҩбатәи асериагь аҭыхра иҳәеит Кривцов.

Апрограмма "Абхазия" ареитинг ҳаракӡан, убраанӡа ибзиан Константин Лев-иԥа (Ернст - азгә.) ус ҳаиҳәит: "арԥарцәа, Аԥснынтәи аҩбатәи апрограмма ҳҭахуп", - ҳәа иҳәеит амҩаԥгаҩ.

Аԥсны ас еиԥш иҟоу апроектқәа лассы-ласс иахьрылахәу атуристцәа рыбжьара аҳаҭыр акыр ишьҭыҵуеит ҳәа иҳәеит иара.
"Ҳара иаҳа иаҳа Аԥсны дҳарбоит. Сгәы иаанагоит уи шәреспублика ахьӡ шьҭнахуеит ҳәа, избанзар сара избоит шықәсқәак рыла атуристцәа рхыԥхьаӡара ишацлаз, арахь аара зҭаху шырацәаҩу", - ҳәа иҳәеит Евгени Кривцов.
Кривцов игәаанагарала, аԥсуаа аиталианцәеи аиспанцәеи акала иреиԥшуп.
Cъемки тревел-шоу Поехали! - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Аԥсны
Аԥсны аҭыхрақәа ирылагеит Актәи аканал атревел-шоу "Поехали!"
"Араҟа даара иԥхарроуп, убри аҟнытә рацәак аилагьежьра аҭахӡам ақалақь дуқәа рыҟны ишыҟоу еиԥш. Иара Аҟәа - аҳҭнықалақьуп, анеиааи шырацәоугьы зегь дара роуп шәара шәҟны даҽакала имҩаԥысуеит. Зегь раасҭа ихазыноу - зегьы урахьӡоит, ҭыԥк аҟынтәи даҽа ҭыԥк ахь уцарцаз аамҭа рацәа аҭаххом", - иҳәеит иара.
Иазгәеиҭеит, аԥсуа жәлар бзиа ишибо, лассы-ласс дшаауа убри аҟнытә дшахьӡахьоу аҭыԥантәи ауааԥсыра ргәыбылра акра.
"Сҭаацәа срыцны 1996 мамзаргьы 1997 шықәса рзеиԥш арахь ҳааит, убри аахыс саауеит. Ажәакала Аԥсны абзиабара скит, аамҭа рацәа ара исхызгоит, уи моу Аԥсны убрысҟаҟ бзиа избоит сыҷкәынгьы аҟәатәиуп. Аофициалла атәылауаҩрала Урыстәыла диит, аха иара дахьиз Аҟәа ауп", - ҳәа иҳәеит Кривцов.
Аԥсны иазку раԥхьатәи адырраҭара ҭыҵит мызқәак раԥхьа.
Ажәабжьқәа зегьы
0