https://sputnik-abkhazia.info/20230610/akhya-abzhoubzhyk-shyrkuaz-asharytsara-azhytati-aforma-1046250114.html
Ахәыҷқәа абжьоубжьыкь шыркуаз: ашәарыцара ажәытәӡатәи аформа
Ахәыҷқәа абжьоубжьыкь шыркуаз: ашәарыцара ажәытәӡатәи аформа
Sputnik Аҧсны
Аԥсуаа рҟны архаикатә ҟазшьа змоу ашәарыцара аформақәа руак дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа 10.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-10T18:28+0300
2023-06-10T18:28+0300
2023-06-10T20:03+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0a/1046267971_0:165:2600:1628_1920x0_80_0_0_bb5d7268b4229e159a8f8a4fad60aaac.jpg
Уажәаԥхьатәи ҳматериал аҟны ҳалацәажәон адрамеи атеатри релементқәа аԥсуа фольклор аҿы ишаарԥшу атәы, иааҳгеит аҿырԥштәқәа. Урҭ рахь иаҵаукыртә иҟоуп, хазы уззааҭгылаша ҳәа ҳгәы иаанаго, ашәарыцара ажәытәӡатәи аформа – ауаҩы аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи иҽреиԥштәны данреишәарыцоз. Ари архаикатә ҟазшьа змоу ижәытәӡатәу ашәарыцаратә формоуп.Ажәытәӡатәи ауаҩы агыгшәыгқәа, ашәарахқәа данреишәарыцоз дара ашәарах дрышьклаԥшуан зны. Нас дзеишәарыцоз ашәарах иҽеиԥштәны, иара аныҟәашәа ҟаҵо, ахымҩаԥгашьагьы иҭаны маӡала ааигәа днеины ишьуан. Ари аҩыза ашәарыцаратә форма аманы иҟан аԥсуаа рҿы абжьоубжьыкь, мамзаргьы ашамыхьажь ҳәа изышьҭоу аԥсаатә ажәытәан ишыркуаз."Аӷба аауеит, аџьыка аанагоит"Аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла, абжьоубжьыкь аҩны ааигәара ирбар, ихәарҭам ҳәа иԥхьаӡан, иаҵаҟьаны иԥхарҵон. Ахәыҷқәа уи ҳкуеит ҳәа иашьҭалон. Уи шыҟарҵоз атәы еиқәхеит афольклортә, аетнографиатә нҵамҭақәа рҿы абас еиԥш:Ари анҵамҭа ишаҳәо ала, жәаба-жәохә шықәса зхыҵуаз ахәыҷқәа абжьоубжьыкь "ароль нарыгӡон" рҽазааигәатәны иркырц азы. Азҿлымҳара рымоуп ахәыҷқәа абжьоубжьыкь аныркуаз инарыгӡоз "ахәмарраан" ирҳәоз ажәақәагьы: "Аӷба аауеит, аџьыка аанагоит". Аԥсны аҭоурых аҟны идыру фактуп: ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы амшынӡы еиларшны аџьыка шалырхуаз. Аџьыка усҟан хәы змаӡам малны иԥхьаӡан. Иааҳгап уи зырҵабыргуа егьырҭ ажәеицааирақәа: "Ихы аџьыка ықәихуеит"; "џьыкала иааухәама?" уб.иҵ. "Аӷба аауеит, аџьыка аанагоит" ҳәа ахәыҷқәа абжьоубжьыкь аныркуаз ирҳәоз ажәақәагьы абарҭ ирыдукылар ауеит – "изеигәырӷьо хҭысуп, рнапахьы амал ааиуеит" аанагоит.Иазгәаҭатәуп, абас еиԥш ала иҟоу архаикатә шьаҭа змоу ашәарыцаратә форма Аԥсны ажәытәӡатәи ауаҩы ишьҭа унарбоит. Уи аныԥшуеит ҳажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы, ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа, ҳҭоурых аҟны. Уи дырҵабыргуеит уажәгьы иҟарҵо археологиатә ԥшаарақәа рҿы ажәытәӡатәи ауаҩы иӡбахә зҳәо ашьҭамҭақәа ахьырԥшаауа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230603/adramei-ateatri-relementa-asua-folklor-ay-1046041799.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210725/tsaap---rashap-rashap---tsaap-ankhay-dyzaar-zylsho-asaata-1032900254.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/0a/1046267971_43:0:2432:1792_1920x0_80_0_0_b7d3080daf22938a2a24085da83bdfd6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
Ахәыҷқәа абжьоубжьыкь шыркуаз: ашәарыцара ажәытәӡатәи аформа
18:28 10.06.2023 (ирҿыцуп: 20:03 10.06.2023) Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Аԥсуаа рҟны архаикатә ҟазшьа змоу ашәарыцара аформақәа руак дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа
Уажәаԥхьатәи ҳматериал аҟны ҳалацәажәон адрамеи атеатри релементқәа аԥсуа фольклор аҿы ишаарԥшу атәы, иааҳгеит аҿырԥштәқәа. Урҭ рахь иаҵаукыртә иҟоуп, хазы уззааҭгылаша ҳәа ҳгәы иаанаго, ашәарыцара ажәытәӡатәи аформа – ауаҩы аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи иҽреиԥштәны данреишәарыцоз. Ари архаикатә ҟазшьа змоу ижәытәӡатәу ашәарыцаратә формоуп.
Ажәытәӡатәи ауаҩы агыгшәыгқәа, ашәарахқәа данреишәарыцоз дара ашәарах дрышьклаԥшуан зны. Нас дзеишәарыцоз ашәарах иҽеиԥштәны, иара аныҟәашәа ҟаҵо, ахымҩаԥгашьагьы иҭаны маӡала ааигәа днеины ишьуан. Ари аҩыза ашәарыцаратә форма аманы иҟан аԥсуаа рҿы абжьоубжьыкь, мамзаргьы ашамыхьажь ҳәа изышьҭоу аԥсаатә ажәытәан ишыркуаз.
"Аӷба аауеит, аџьыка аанагоит"
Аԥсуаа разгәаҭарақәа рыла, абжьоубжьыкь аҩны ааигәара ирбар, ихәарҭам ҳәа иԥхьаӡан, иаҵаҟьаны иԥхарҵон. Ахәыҷқәа уи ҳкуеит ҳәа иашьҭалон. Уи шыҟарҵоз атәы еиқәхеит афольклортә, аетнографиатә нҵамҭақәа рҿы абас еиԥш:
"…абжьоубжьыкь скуеит ҳәа иашьҭаз ахәыҷы иоуразоуроу аҭырас икәыршаны иҽҭеиҳәҳәон, иара аԥсаатә аныҟәашьа ҟаҵауа, иҽазааигәеитәуан, нас акаҭа хәыҷы зхаз арыԥхь ала икуан. Абри аамҭазы иҳәон ажәақәа: "аӷба аауеит, аџьыка аанагоит" - ҳәа иҩуеит Григории Чурсин иматериалқәа рҟны ажәабжьҳәаҩ Мышәба иҟнытә.
Ари анҵамҭа ишаҳәо ала, жәаба-жәохә шықәса зхыҵуаз ахәыҷқәа абжьоубжьыкь "ароль нарыгӡон" рҽазааигәатәны иркырц азы. Азҿлымҳара рымоуп ахәыҷқәа абжьоубжьыкь аныркуаз инарыгӡоз "ахәмарраан" ирҳәоз ажәақәагьы: "Аӷба аауеит, аџьыка аанагоит".
Аԥсны аҭоурых аҟны идыру фактуп: ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы амшынӡы еиларшны аџьыка шалырхуаз. Аџьыка усҟан хәы змаӡам малны иԥхьаӡан. Иааҳгап уи зырҵабыргуа егьырҭ ажәеицааирақәа: "Ихы аџьыка ықәихуеит"; "џьыкала иааухәама?" уб.иҵ. "Аӷба аауеит, аџьыка аанагоит" ҳәа ахәыҷқәа абжьоубжьыкь аныркуаз ирҳәоз ажәақәагьы абарҭ ирыдукылар ауеит – "изеигәырӷьо хҭысуп, рнапахьы амал ааиуеит" аанагоит.
Иазгәаҭатәуп, абас еиԥш ала иҟоу архаикатә шьаҭа змоу ашәарыцаратә форма Аԥсны ажәытәӡатәи ауаҩы ишьҭа унарбоит. Уи аныԥшуеит ҳажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы, ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа, ҳҭоурых аҟны. Уи дырҵабыргуеит уажәгьы иҟарҵо археологиатә ԥшаарақәа рҿы ажәытәӡатәи ауаҩы иӡбахә зҳәо ашьҭамҭақәа ахьырԥшаауа.