https://sputnik-abkhazia.info/20230612/sputnik-amchybzh-novak-asnya-iaara-lastochka-akti-areis-aa-ialaz-amtsakra-1046272669.html
Sputnik амчыбжь: Новак Аԥсныҟа иаара, "Ласточка" актәи ареис, Аҟәа иҟалаз амцакра
Sputnik амчыбжь: Новак Аԥсныҟа иаара, "Ласточка" актәи ареис, Аҟәа иҟалаз амцакра
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 5 инаркны рашәара 11 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа. 12.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-12T09:00+0300
2023-06-12T09:00+0300
2023-06-12T09:00+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
аполитика
аекономика
аспорт
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/09/1046251233_0:218:2867:1831_1920x0_80_0_0_2cc32f2a4c1316b9a9de534358ce3e6a.jpg
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак зхадараҿы дыҟоу аминистрцәа реилазаара Аԥсныҟа аусутә еилацәажәарақәа рзы иааит, Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәара мҩаԥыргеит, раԥхьаӡатәи афымцадәыӷба "Ласточка" актәи ареис иаԥылеит.Урыстәылатәи ачынуаа раараУрыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак зхадараҿы дыҟоу аминистрцәа реилазаара Аԥсныҟа аусутә еилацәажәарақәа рзы иааит, урҭ аҳәааҿы ирԥылеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Гагра араион ахада Иури Хагәышь.Аделегациа аҭааит Гагратәи аколоннада, примортәи апарк аҟны имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа гәарҭеит, аԥшаҳәаҟны маҷк инаиааит. Иара убас аурыс-аԥсуа гани Пицундаҟа инеит, уаҟа дара игәарҭеит 2026 шықәсазы иаадыртраны иҟоу асассаирҭа-апартаменттә комплекс "Москва Резорт" аргыларақәа шцо.Ахыбра аргылара иақәхарџьхоит 31 миллиард мааҭ. Иаартхоит 450 уада, 2334 апартаментқәеи, ашкол. Анаплакҩцәа шықәсык 200 нызқьҩык атуристцәа рыдыркылалоит ҳәа игәыӷуеит.Уи ашьҭахь асасцәеи аԥшәмацәеи рымҩа хан апансионат "Курорт Пицунда" ахь, уаҟа урҭ дырԥылеит Аԥсны атурисм аминистр Ҭеимраз Хышба. Аминистр акурорт аҭоурых рзеиҭеиҳәеит. Уаантәи еицыз зегьы аҭааит Пицундатәи ауахәама, уаҟа иқәгылон Аԥснытәи аҳәынҭфлармониа ахкынагӡаҩы Кристина Ешбеи ауарӷанрҳәаҩы Лука Гаделиеи.Абасала Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭаҟны иазгәаҭаз аиԥыларақәа хыркәшан. Урыстәыла аиҳабыра алахәылацәеи Аԥсны анапхгареи иаҭааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза. Уи ашьҭахь Аслан Бжьаниа Александр Новак дидикылеит.Александр Новак Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсныҟа ааԥхьара ахьииҭаз азы. Урыстәылатәи аделегациа иалан Арегионқәеи аҳәаанырцәтә тәылақәеи рыбжьара акультуратә еимадарақәа рзы Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аусбарҭа аиҳабы, аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач, аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Арра-техникатә усеицуразы Афедералтә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич.Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки реиԥылараҟны афымцеиқәыршәареи Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа раагареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылараҿы иара убас иазгәаҭан аҩтәылак рзакәанԥҵарақәа реинраалара апроцесс арццакра шаҭаху.Апарламент аилатәараАԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатаәара мҩаԥысит аԥшьаша, рашәара 8 рзы. Адепутатцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа ирылацәажәеит, акәҵарақәа рыдыркылеит, азакәан апроектқәа аиҭакрақәа аларгалеит. Иара убас Аԥсны Аҳазалхратә закәанеидкыла актәи аԥхьараан аусура иаладыргеит, актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аҳәынҭстаитсика аусуразы" азакәан, иаиҭакрақәа аларгалеит "Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы"" азакәан.Уи адагьы "Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан ариашарақәа аларгалеит, уи иабзоураны Аԥсны азанааҭтә ныҳәақәа хԥа аԥҵоуп: лаҵара 17 - Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура амш, рашәара 10 - Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика амш, ԥхынгәы 4 - Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсеикәырхаҩцәа рымш. Арыцхәқәа аныҳәа аусура мшқәаны иԥхьаӡоуп."Ласточка" актәи ареисШықәсык ицоз аҽазыҟа ацрақәа рнаҩсан Шәачеи Гагреи ирыбжьалеит афымцадәыӷба "Ласточка". Рашәара 8 рзы Гаграҟа иааит раԥхьатәи ареис, уи иаанагеит 65-ҩык апассаџьырцәа. Ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" акәашаралеи адәыӷба аара иазыԥшыз ауаа рнапеинҟьарылеи иаԥылеит. "Аԥсныеихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа. Иара иҳәеит афымцадәыӷба уадаҩрада, иманшәаланы ишааз. Иажәақәа рыла, ари ашықәс азы "Ласточка" Аҟәанӡа ацара азгәаҭоуп. Ареспублика аҵакыраҟны адәыӷба аццакры 60 км/с.Аԥхынра ааит"Аԥсны атуризм. Ашәарҭадареи ахаҭабзиареи рыҩаӡара ҿыц" атемала астол гьыжь мҩаԥысит Гагра, рашәара 6 рзы. 2023 шықәсазы ҭагалан азакәан ҿыц "Аԥсны атуризм азы" аус адулахоит, абри атәы иҳәеит Гагра имҩаԥысуаз астол гьыжь аҟны Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба. Амшхәаԥштә аҿы х-зҵаарак ықәгылан: Азакәан ҿыц "Аԥсны атуризм азы" аус адулара, атуристцәа ршәарҭадареи рзинқәа рыхьчареи иактуалу рызҵаарақәа, "Аԥсны-урыстәылатә туристтә ассоциациа (АРТА) аусура.Астол гьыжь иалахәын аԥснытәии урыстәылатәии отельерцәа, атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, Апарламенти Гагра араионтә еизареи рдепутатцәа.Аҳабла ҿыц аҟны амцакраАҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу аамҭалатәи агәамсамеизгарҭа ахәаша рашәара 9 ахәылбыҽха амца акит. Хыџьара амца ахы ыҵнахуан. Ибылуан 500 метра ԥшьыркца рҟынӡа аҵакыра. Аҭыԥ аҿы аус руан Аҟәа ақалақь амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥқәа хԥа. Аҳҭнықалақь ахадара Анхара-коммуналтә нхамҩаҿы ргәы иҭоуп ари агәамсамеизгарҭа зегьы дрыцқьарц. Гал араион ахь ирго аҟәатәи агәамсам ара уаҳа еизыргалаӡом.Закәаншьаҭада амефедрони абџьари Иҳаҩсыз амчыбжь азы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны даанкылан 2,9 грамм амефедрон зыдбалаз Аԥсны атәылауаҩ.Ахаҵа дааныркылеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аконтрабанда аԥырҟәҟәааразы аусбарҭа аусзуҩцәеи, ААР-и, Гагра араион ААР аҟәша аусзуҩцәеи. Ашьаус хацыркуп.Аҟәа анаркотикқәа рацәаны иалаирҵәон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны даанкылан Краснодартәи атәылаҿацәинхо Сергеи Суриадныи. Иара идырбалеит амефедрон згәылаз 60 еилаҳәара. Даҽа ԥшь-маӡа ҭыԥк ҟаиҵахьан Синоп.Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, Суриадныи амефедрон иҭиуан анаркоканал "Леила" ала. Маӡаҭыԥцыԥхьаӡа ишьҭеиҵоз еилаҳәарак 600 мааҭ иаԥсан. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа закәаншьаҭада Аԥсны абџьар алгара аԥдырҟәҟәааит. Аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ "Адлер" аҿы иаанкылан Аԥснынтәи аҳәаа иахысуаз амашьына "ВАЗ 2107". Амашьына агәаҭараан аҳазалхыҩцәа ирбеит "Glock 1594-01" атапанчеи, уи азы ахҭалашәара 9 мм иҟоу 14 хеиқәыршәа. Абџьари, аџьаԥҳани, амашьынеи имхуп. "Иҭҟьо абџьар аконтрабандазы" ахәҭаҷ ала ашьаус хацыркуп, уи иазԥхьагәанаҭоит хышықәса инаркны бжьышықәсанӡа аҭакра.Шамсиддинов иқәҵоуп жәохә шықәса ариашаратә колониа азеиԥш режим аҿы ахгара 600 нызқьмааҭ ахараԥса иршәарала.Аԥсҭбара зхылҿиааз амҩатә машәырРашәара 4 рзы Риҵатәи аҩхааҟны аӡиасқәеи Бзыԥи Гьегеи реилаларҭаҟны аӡы иалаҳаз амашьына рбеит. Уаҟа аӡәгьы дҭатәаӡамызт. Амашьына итәын Аԥсны атәылауаҩ Адгәыр Бгьеу, уи ԥсыбаҩ хәымш иашьҭан.Рашәара 8 рзы Бзыԥ аӡы иагаз Адгәыр Бгьеу иԥсыбаҩ рыԥшааит Калдахәара иахьаҵанакуаз ҳәа аанацҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура. Здаҟам аԥшаахАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет Кәыџба иашҭаҿ абаҟақәа, хықәкыла адольменқәа рыҭҵааразы археологиатә експедициа мҩаԥнагеит.Археологиатә жрақәа ирылҵшәаны ирԥыхьашәеит ахаҳә иалхәу аскульптура. ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иажәақәа рыла, археологиатә литератураҿы иуԥылоит убыс еиԥш иҟоу аҟаҵамҭақәа, дара ахьеилыху азы "Венера" ҳәа ирышьҭоуп.Аҭоурыхҿиарадырраҿ акыр азҵаара цәырнагар алшоит иҳәеит Габелиа. Археологцәа уи адагьы ирбеит анышәаԥшьлых аԥҽыхақәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230609/aleksandr-novak-asnya-ausut-eilatsazharaa-rzy-daait-1046243915.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230609/aslan-bzhania-aleksandr-novak-didikyleit-1046254829.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230609/afymtseiyrsharei-asnya-anefaalya-raagarei-ryzaaraa-irylatsazheit-anabi-novaki-1046257480.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230608/asny-zhlar-reizara-zhlarbzharati-aishaaraa-rzy-azakan-aiakraa-alanagaleit--1046224554.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230610/adyba-lastochka-akti-areis-akh-aazalkhrat-gaara-iakhysit-65-yk-apassayrtsa-1046258271.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230606/2023-shysazy-agalan-azakan-yts-asny-aturizm-azy-aus-adulakhoit-1046196326.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230607/zdaam-ashaakh-kyba-iasha-arkhiologtsa-iryshaaz-1046216812.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/09/1046251233_68:0:2799:2048_1920x0_80_0_0_ac625dcfa934dc9365b9af130c54cd40.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура, аполитика, аекономика, аспорт
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура, аполитика, аекономика, аспорт
Sputnik амчыбжь: Новак Аԥсныҟа иаара, "Ласточка" актәи ареис, Аҟәа иҟалаз амцакра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 5 инаркны рашәара 11 рҟынӡа ареспубликаҿы имҩаԥысыз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак зхадараҿы дыҟоу аминистрцәа реилазаара Аԥсныҟа аусутә еилацәажәарақәа рзы иааит, Жәлар Реизара адепутатцәа реилатәара мҩаԥыргеит, раԥхьаӡатәи афымцадәыӷба "Ласточка" актәи ареис иаԥылеит.
Урыстәылатәи ачынуаа раара
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак зхадараҿы дыҟоу аминистрцәа реилазаара Аԥсныҟа аусутә еилацәажәарақәа рзы иааит, урҭ аҳәааҿы ирԥылеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Гагра араион ахада Иури Хагәышь.
Аделегациа аҭааит Гагратәи аколоннада, примортәи апарк аҟны имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа гәарҭеит, аԥшаҳәаҟны маҷк инаиааит. Иара убас аурыс-аԥсуа гани Пицундаҟа инеит, уаҟа дара игәарҭеит 2026 шықәсазы иаадыртраны иҟоу асассаирҭа-апартаменттә комплекс "Москва Резорт" аргыларақәа шцо.
Ахыбра аргылара иақәхарџьхоит 31 миллиард мааҭ. Иаартхоит 450 уада, 2334 апартаментқәеи, ашкол. Анаплакҩцәа шықәсык 200 нызқьҩык атуристцәа рыдыркылалоит ҳәа игәыӷуеит.
Уи ашьҭахь асасцәеи аԥшәмацәеи рымҩа хан апансионат "Курорт Пицунда" ахь, уаҟа урҭ дырԥылеит Аԥсны атурисм аминистр Ҭеимраз Хышба. Аминистр акурорт аҭоурых рзеиҭеиҳәеит. Уаантәи еицыз зегьы аҭааит Пицундатәи ауахәама, уаҟа иқәгылон Аԥснытәи аҳәынҭфлармониа ахкынагӡаҩы Кристина Ешбеи ауарӷанрҳәаҩы Лука Гаделиеи.
Абасала Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭаҟны иазгәаҭаз аиԥыларақәа хыркәшан. Урыстәыла аиҳабыра алахәылацәеи Аԥсны анапхгареи иаҭааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза. Уи ашьҭахь Аслан Бжьаниа Александр Новак дидикылеит.
"Бзиала шәаабеит, даара сгәы иахәоит Аԥсныҟа шәахьааз. Аԥсны анапхгара, атәылауаа зегьы агәыӷра ду адырҳәалоит шәара шәаара, избанзар шәареи ҳареи акрызҵазкуа азҵаарақәа ҳрылацәажәоит. Агәра ганы сыҟоуп иахьа шәахьаҳҭааз иабзоураны еицаҳаӡбо азҵаарақәа ԥхьаҟа рырҿиаразы ишхәарҭахо", - иҳәеит ахада.
Александр Новак Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсныҟа ааԥхьара ахьииҭаз азы.
Урыстәылатәи аделегациа иалан Арегионқәеи аҳәаанырцәтә тәылақәеи рыбжьара акультуратә еимадарақәа рзы Урыстәыла ахада иҿы иҟоу Аусбарҭа аиҳабы, аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач, аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Арра-техникатә усеицуразы Афедералтә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки реиԥылараҟны афымцеиқәыршәареи Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа раагареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылараҿы иара убас иазгәаҭан аҩтәылак рзакәанԥҵарақәа реинраалара апроцесс арццакра шаҭаху.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа реилатаәара мҩаԥысит аԥшьаша, рашәара 8 рзы. Адепутатцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа ирылацәажәеит, акәҵарақәа рыдыркылеит, азакәан апроектқәа аиҭакрақәа аларгалеит.
Иаҳхәозар, "Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи алҵреи рзы аԥҟарақәа", "Аԥсны иҟоу аҳәаанырцәтәылауаа рзинтә шьаҭа" азакәанқәа аиҭакрақәа аларгалеит.
Иара убас Аԥсны Аҳазалхратә закәанеидкыла актәи аԥхьараан аусура иаладыргеит, актәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аҳәынҭстаитсика аусуразы" азакәан, иаиҭакрақәа аларгалеит "Жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы"" азакәан.
Уи адагьы "Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан ариашарақәа аларгалеит, уи иабзоураны Аԥсны азанааҭтә ныҳәақәа хԥа аԥҵоуп: лаҵара 17 - Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә маҵзура амш, рашәара 10 - Аԥсны Аҳәынҭқарра астатистика амш, ԥхынгәы 4 - Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсеикәырхаҩцәа рымш. Арыцхәқәа аныҳәа аусура мшқәаны иԥхьаӡоуп.
Шықәсык ицоз аҽазыҟа ацрақәа рнаҩсан Шәачеи Гагреи ирыбжьалеит афымцадәыӷба "Ласточка". Рашәара 8 рзы Гаграҟа иааит раԥхьатәи ареис, уи иаанагеит 65-ҩык апассаџьырцәа. Ахәыҷтәы ансамбль "Афырҭын" акәашаралеи адәыӷба аара иазыԥшыз ауаа рнапеинҟьарылеи иаԥылеит.
"Аԥсныеихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа. Иара иҳәеит афымцадәыӷба уадаҩрада, иманшәаланы ишааз. Иажәақәа рыла, ари ашықәс азы "Ласточка" Аҟәанӡа ацара азгәаҭоуп. Ареспублика аҵакыраҟны адәыӷба аццакры 60 км/с.
"Аԥсны атуризм. Ашәарҭадареи ахаҭабзиареи рыҩаӡара ҿыц" атемала астол гьыжь мҩаԥысит Гагра, рашәара 6 рзы.
2023 шықәсазы ҭагалан азакәан ҿыц "Аԥсны атуризм азы" аус адулахоит, абри атәы иҳәеит Гагра имҩаԥысуаз астол гьыжь аҟны Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.
Аминистр иажәақәа рыла, азакәан апроект алацәажәара мҩаԥгахоит иаартны, абизнес-еилазаара, аотельерцәа, арестораторцәа, атуроператорцәа араионқәа рхаҭарнакцәа алархәны.
Амшхәаԥштә аҿы х-зҵаарак ықәгылан: Азакәан ҿыц "Аԥсны атуризм азы" аус адулара, атуристцәа ршәарҭадареи рзинқәа рыхьчареи иактуалу рызҵаарақәа, "Аԥсны-урыстәылатә туристтә ассоциациа (АРТА) аусура.
Астол гьыжь иалахәын аԥснытәии урыстәылатәии отельерцәа, атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, Апарламенти Гагра араионтә еизареи рдепутатцәа.
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу аамҭалатәи агәамсамеизгарҭа ахәаша рашәара 9 ахәылбыҽха амца акит. Хыџьара амца ахы ыҵнахуан. Ибылуан 500 метра ԥшьыркца рҟынӡа аҵакыра. Аҭыԥ аҿы аус руан Аҟәа ақалақь амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥқәа хԥа. Аҳҭнықалақь ахадара Анхара-коммуналтә нхамҩаҿы ргәы иҭоуп ари агәамсамеизгарҭа зегьы дрыцқьарц. Гал араион ахь ирго аҟәатәи агәамсам ара уаҳа еизыргалаӡом.
Закәаншьаҭада амефедрони абџьари
Иҳаҩсыз амчыбжь азы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҟны даанкылан 2,9 грамм амефедрон зыдбалаз Аԥсны атәылауаҩ.
Ахаҵа дааныркылеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аконтрабанда аԥырҟәҟәааразы аусбарҭа аусзуҩцәеи, ААР-и, Гагра араион ААР аҟәша аусзуҩцәеи. Ашьаус хацыркуп.
Аҟәа анаркотикқәа рацәаны иалаирҵәон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны даанкылан Краснодартәи атәылаҿацәинхо Сергеи Суриадныи. Иара идырбалеит амефедрон згәылаз 60 еилаҳәара. Даҽа ԥшь-маӡа ҭыԥк ҟаиҵахьан Синоп.
Ашьаусԥшаара адыррақәа рыла, Суриадныи амефедрон иҭиуан анаркоканал "Леила" ала. Маӡаҭыԥцыԥхьаӡа ишьҭеиҵоз еилаҳәарак 600 мааҭ иаԥсан.
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа закәаншьаҭада Аԥсны абџьар алгара аԥдырҟәҟәааит. Аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ "Адлер" аҿы иаанкылан Аԥснынтәи аҳәаа иахысуаз амашьына "ВАЗ 2107". Амашьына агәаҭараан аҳазалхыҩцәа ирбеит "Glock 1594-01" атапанчеи, уи азы ахҭалашәара 9 мм иҟоу 14 хеиқәыршәа.
Абџьари, аџьаԥҳани, амашьынеи имхуп. "Иҭҟьо абџьар аконтрабандазы" ахәҭаҷ ала ашьаус хацыркуп, уи иазԥхьагәанаҭоит хышықәса инаркны бжьышықәсанӡа аҭакра.
Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа Узбекисҭан атәылауаҩ Рамзиддин Шамсиддинов 15 шықәса аҭакра иқәнаҵеит Аԥсны арҩашьыгатә маҭәашьарқәа раларҵәаразы.
Шамсиддинов иқәҵоуп жәохә шықәса ариашаратә колониа азеиԥш режим аҿы ахгара 600 нызқьмааҭ ахараԥса иршәарала.
Аԥсҭбара зхылҿиааз амҩатә машәыр
Рашәара 4 рзы Риҵатәи аҩхааҟны аӡиасқәеи Бзыԥи Гьегеи реилаларҭаҟны аӡы иалаҳаз амашьына рбеит. Уаҟа аӡәгьы дҭатәаӡамызт. Амашьына итәын Аԥсны атәылауаҩ Адгәыр Бгьеу, уи ԥсыбаҩ хәымш иашьҭан.
Рашәара 8 рзы Бзыԥ аӡы иагаз Адгәыр Бгьеу иԥсыбаҩ рыԥшааит Калдахәара иахьаҵанакуаз ҳәа аанацҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет Кәыџба иашҭаҿ абаҟақәа, хықәкыла адольменқәа рыҭҵааразы археологиатә експедициа мҩаԥнагеит.
Археологиатә жрақәа ирылҵшәаны ирԥыхьашәеит ахаҳә иалхәу аскульптура. ААУ аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иажәақәа рыла, археологиатә литератураҿы иуԥылоит убыс еиԥш иҟоу аҟаҵамҭақәа, дара ахьеилыху азы "Венера" ҳәа ирышьҭоуп.
Аҭоурыхҿиарадырраҿ акыр азҵаара цәырнагар алшоит иҳәеит Габелиа. Археологцәа уи адагьы ирбеит анышәаԥшьлых аԥҽыхақәа.