Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Мышәба аусхкырацәатә коллеџь аушьҭымҭацәа рзы: иаҳа имаҷуп, аха усурала иаҳа еиқәшәоуп

Мышәба аусхкырацәатә коллеџь аушьҭымҭацәа рзы: иаҳа имаҷуп, аха усурҭала иаҳа еиқәшәоуп
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа аколлеџь аҟны аҵарашықәс шымҩаԥысыз, аушьҭымҭацәа рдыррақәа зеиԥшроу, абитуриентцәа ирыдыргало азанааҭқәа, шаҟа аамҭа аҵара рҵо атәы.
Иара иажәақәа рыла, арҵаратә программа инақәыршәаны аколлеџь аҟны иҟоу алабораториаҟны астудентцәа ҩымш апрактика иахысуан, иара убас хымш атеориа. Сынтәа аколлеџь иоунажьит 66-ҩык. Мышәба иажәақәа рыла, аԥышәарақәа раан дара ибзианы рхы аадырԥшит.
"Акомиссиа изларбаз ала рҵара аҩаӡара хар амаӡам, ирацәаҩуп аԥшьбатәи аразриад зауз. Иалгаз 66-ҩык рҟынтәи ираҳҳәеит аилыркаа ааргарц аус ахьыруа, мамзаргьы апрактика иахьахысуа аҟынтә. Жәаҩык рҟынӡа макьана аусура иаламгацт акәымзар, егьырҭ аусура ицахьеит. Абыржәы аҵара аихшьаала ахьыҟаҳҵо, хҩы-ԥшьҩы ибзиаӡаны иалгеит ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Сынтәа егьырҭ ашықәсқәа раасҭа иоуҳажьыз маҷуп, аха усурҭала еиқәшәоуп", - иҳәеит Мышәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0