Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арзҩыдаратә центр "Амшын еиқәа абырлаш" аадыртит Очамчыра

© Sputnik / Томас Тхайцук Открытие гостиницы "Черноморская жемчужина"
Открытие гостиницы  Черноморская жемчужина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2023
Анапаҵаҩра
16 еихагыла змоу асасааирҭа аԥсшьаҩцәа 700-ҩык рҭыԥ ыҟоуп. Ари Аԥсны зеиԥш ыҟам рзҩыдаратә центруп.
АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Арзҩыдаратә центр "Амшын еиқәа абырлаш" аадыртит Очамчыра аԥшьаша, рашәара 15 рзы.
Аартра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ахь инеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, аиҳабыра рхаҭарнакцәа.
Ахада ари ацентр аартра атәылазы акрызҵазкуа хҭысуп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит Аԥсны макьана "Амшын еиқәа абырлаш" аҩыза шыҟам.
"Амшын еиқәа абырлаш" Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы аԥсшьаҩцәа иаҳа ихьанарԥшуеит. Ари аҩыза апроект ду аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы аусурҭа ҭыԥқәа аанартуеит, абиуџьет аизырҳара иацхраауеит", - иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада апроект аԥара алазгалаз аинвесторцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, урҭ руаӡәк - Михаил Сыҷынаа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианеишьеит.
Михаил Сыҷынаа иакәзар, атәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз адгыларазы, урҭ ракәмызҭгьы, абас аамҭа кьаҿла ари аҩыза аобиект аиҭашьақәыргылара шзалмыршахоз азгәеиҭеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Арзҩыдаратә центр "Амшын еиқәа абырлаш" аадыртит Очамчыра
Открытие гостиницы  Черноморская жемчужина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2023
Арзҩыдаратә центр "Амшын еиқәа абырлаш" аадыртит Очамчыра
"Амшын еиқәа абырлаш" акоммерциатә директор Иулиа Кулиева еиҭалҳәеит аобиект асасааирҭа-рзҩыдаратә комплекс шакәу. Ара иҟоуп еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵаркуа ауадақәа 270 – алиукс инаркны аеконом аҟынӡа.700-ҩык рҭыԥ змоу ари ахыбраҿы аусура иалагахьеит 150-ҩык.

"Зыԥсы зшьар зҭаху дарбанзаалак ҳтәылауаҩ ара дааир илшоит. Ҳцентр зегь реиҳа ахә ушьартә иҟоуп ара иаарту арзҩыдарҭа иабзоураны. Ара иҟоуп абальнеологиатә база - аӡырԥха зҭоу аӡҭарчы, ара еиуеиԥшым аӡытә процедурақәа рымҩаԥгара алшоит, агидромассаж ма ихәышәтәыгоу аҳәынҵәатә ваннақәа уҳәа. Наҟ-наҟ иҵегьы иҳарҭбаауеит ари ахырхарҭа", - лҳәеит Кулиева.

Актәи аихагылаҿы иҟоуп арзҩыдаратә центр, аҳақьым иуада, акосметолог, аспелео-аероионотерапиа, афизиотерапиа, амассаж. Аҩбатәи аҿы - акрыфарҭа, ақьафурҭа. Егьырҭ рҿы - аԥсшьаҩцәа рзы ауадақәа.
"Амшын еиқәа абырлаш" аҵакыраҿы идыргылараны иҟоуп ҩ-ӡҭарчык. Аинвестор ишиҳәаз ала, акәша-мыкәша иҟоу адгьыл аҿы апарк еиҿыркаауеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Арзҩыдаратә центр "Амшын еиқәа абырлаш" аадыртит Очамчыра
Открытие гостиницы  Черноморская жемчужина  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2023
Арзҩыдаратә центр "Амшын еиқәа абырлаш" аадыртит Очамчыра
Очамчыра амшын аҟәараҿы игылоу 16 еихагыла змоу ахыбра аргылара иалагахьан иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы, аха Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахьалагаз иахҟьаны уи уаҳа ихыркәшамызт. Уи аиҭашьақәыргылара иалагеит 2022 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0