Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афымцадәыӷба "Ласточка" Аԥсныҟа аныҟәара аамҭеихша

Анапаҵаҩра
Амшцәгьа иахҟьаны рашәара 14 рзы зныҟәара еиԥырҟьаз афымцадәыӷба "Ласточка" ҩаԥхьа Аԥсныҟа идәықәлеит иахьа, рашәара 20 рзы.
Ԥышәарак аҳасабала "Ласточка" Аԥсныҟа раԥхьаӡа иааит лаҵара 12 рзы амаршрут "Шәача – Гагра" ала. Мызкы аҟара ааҵуаны, рашәара 8 рзы иара усутә графикла Гагра инеит. Раԥхьатәи апассаџьырҟәа рхыԥхьаӡара 65-ҩык ыҟан.
Шәачантәи Гагранӡеи шьҭахьлеи иара хԥа-хԥа сааҭ амҩа иқәхоит. "Ласточка" ныҟәалоит есыҽны, ԥхынгәымза 21, 26, 31 рыда, иара убас нанҳәамза 5, 10, 15, 20, 25, 30 рыда.
Аԥсны "Ласточка" аангылоит аангыларҭақәа "Цандрыԥшь", "Абааҭа", апавильон "Гагрыԥшь", аҵыхәтәантәи аангыларҭа - Гагратәи адәыӷбаангыларҭа рҿы.
Аԥсни Урыстәылеи реихамҩатә усбарҭақәа ргәы иҭоуп 2024 шықәса рзы "Ласточка" амаршрут Аҟәанӡа инаӡарц.
"Ласточка" - технологиа ҳаракыла иҟаҵоу аилахәыра "Сименс" иатәу фымцадәыӷбоуп, урҭ лицензиала Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟарҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0