Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Черим Нахушев "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп

© Sputnik / Леон Адлейба Концерт Черима Нахушева
 Концерт Черима Нахушева - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2023
Анапаҵаҩра
Черим Нахушеви ансамбль "Кабардинкеи" рконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҩаша, рашәара 20 рзы.
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Ҟабарда-Балкариатәи ашәаҳәаҩ Черим Нахушев "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟа инақәыршәаны, Нахушев аҳаҭыртә хьӡ ихҵоуп Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рмузыкатә культура арҿиареи аларҵәареи рус аҿы илагалазы.
© Sputnik / Леон Адлейба Черим Нахушев иконцерт
 Концерт Черима Нахушева - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2023
Черим Нахушев иконцерт
Асценаҟынтәи аусԥҟа даԥхьо, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа иазгәалҭеит артист ареспубликаҿы раԥхьаӡа акәны дшықәгылогьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра иара ибзианы дырдыруеит, бзиа деицырбоит.
"Сара даара ҳаҭыр сзақәуп ари аҩыза ахьӡ ҳаракы ахьсхышәҵаз, саԥсахааит. Агәыӷра сымоуп ҳаиԥыларақәа традициа бзианы ишыҟало", - иҳәеит Нахушев.
Черим Нахушев - еицырдыруа Нхыҵ Кавказтәи ашәаҳәаҩ, амилаҭтә ашәақәеи аестрада ашәақәеи назыгӡо Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черқьесиеи, Адыгеиеи, Ингуштәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз рартист. Ашәақәа наигӡоит ихатәы бызшәа - черқьес бызшәала мрагыларатәи мраҭашәаратәи адиалектқәа рыла, иара убас урысшәалеи ауаԥс бызшәалеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0