Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҵла авольтҳарак цәаҳәа иақәҳаит Мгәыӡырхәа ақыҭан

© Foto / "Черноморэнерго"ВЛ "Калдахуара"
ВЛ Калдахуара - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2023
Анапаҵаҩра
Мгәыӡырхәа ақыҭа ауааԥсыра лашарада иҟоуп рашәара 29 асааҭ 3:00 инаркны.
АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҵла авольтҳарак цәаҳәа иақәҳаит Мгәыӡырхәа ақыҭан, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи афилиал аколл-центр аҿы.
Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала, аԥшьаша асааҭ 3:00 рзы астанциа маҷ "Мысра" аҟынтә иаауа ацәаҳәа "ЛЭП -10" ааха ауит.
Аԥхасҭа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь анеира уадаҩуп. Уажә уа аус руеит "Амшынеиқәафымцамч" аҟазауаа. Заҟа аамҭа аҭаххо макьаназ еилкаам.
Ажәабжьқәа зегьы
0