Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Арцахи рыбжьара ашьапылампылтә хәмарра ииагоуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Футболист с мячом
Футболист с мячом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсни Арцахи рыбжьара ашьапылампылтә еиндаҭлара мҩаԥысран иҟан Аҟәа ԥхынгәы 10 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аԥсни Арцахи рыбжьара ашьапылампылтә еиндаҭлара ииагоуп, ахәмарра арыцхә макьана еилкааӡам ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа.
2024 шықәса рзы ConIFA ала Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат иалахәхо акоманда аилкаараз ахәмарра мҩаԥысран иҟан ԥхынгәы 10 рзы.
Ахәмарра ахыгоуп Ҟарабах аҭагылазаашьа ахьҭышәынтәалам иахҟьаны, Арцах иарбаз амш азы ашьапылампыл асра изалахәхом.
"Даара ҳгәы иалоуп ари аҩыза аҭагылазаашьа ахьышьақәгылаз. Аԥсны ашьапылампыл Афедерациеи ҳареи ҳаимадоуп ахәмарра аналаршахо арыцхә алхразы. Ассоциациа европатәи аҟәшақәа зегьы ԥхынҷкәын 31-нӡа алхратә хәмаррақәа мҩаԥыргароуп", - ҳәа иҳәеит Ассоциациа европатәи аҟәша аиҳабы Альберто Рискио.
Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA 2024 мҩаԥгахоит иааиуа ашықәс азы Курдисҭан (Иран). Зынӡа ачемпионат иалахәхоит 16 команда.
Футбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2023
Аԥсны
Аԥсни Арцахи ркомандақәа ConIFA-2024 ахь анеиразы еицыхәмарраны иҟоу
Ажәабжьқәа зегьы
0