Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшәкәашара": аԥсуаа ржәытә ашәарыцаратә традициа еиуоу

© Sputnik / Томас Тхайцук Охота на перепела
Охота на перепела - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2023
Анапаҵаҩра
Ашәарыцаҩ ашьха
Аԥхынтәи аамҭазы шамахамзар ашәарыцацәа гәыԥ-гәыԥла ишәарыцом, аӡәаӡәалоуп. Насгьы лаҵарамзазы иалаго шьхацан аамҭазы ашьхарахь ашьамаҟа, аԥсаса рыманы ихалоит. Ҳәараҭахума ашьха ихало ашьха аԥҟарақәа идыруеит, иахьагьы ашәарыцаҩцәа урҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәоит. Аԥҟарақәа зегь рҟынтәи ихадароу – "абна умыргәаароуп". Уи иаанаго аԥхьа иргыланы ухаҭагьы аԥсабаратә цқьара улазароуп, иҵасым ҟаумҵароуп, уахьыҟоу аҭыԥ аҳаҭыр балатәуп.
"Ашәарыцаҩ абна афҩы ихызароуп" ҳәа иҟоу аԥсуаа разгәаҭара ибзиаҵәҟьаны иаанарԥшуеит ашәарыцаҩи аԥсабареи заҟа еилаҵәаны иҟоу. Аиҳаракгьы уи убоит ашәарыцара ажәытәӡатәи аформақәа рҿы - ауаҩы дзеишәарыцоз аԥстәы иҽеиԥштәны даназааигәахоз, аԥсы шҭаз ашәарах аныркуаз. Убас иркуаз ашәарахқәа иреиуоуп амшә, ашәарыцаҩ уи ацәа ихарԥаны, аныҟәашьа ҟаҵо дазааигәахон. Ус аҟаҵара зылшо ииашаҵәҟьан аԥсабара амаӡақәа здыруа, иара иахәҭакыз иоуп.
Горы Ауадхары  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2021
Умыцәҳан, уҽхыумтын, баша умхысын, иумжәын: ашьхараҿ ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа
"Амшәкәашара"
Аӡәырҩы бзиа еицырбо Баграт Шьынқәаба ипоема "Иаирума" абри ажәытәӡатәи амшә аишәарыцара аформа аҟынтәи иаауеит. Баграт Шьынқәба имаҷымкәа абыргцәа, аиҳабацәа дрыҿцәажәаны жәлар рҳәамҭақәа аниҵон, убарҭ иреиуоуп ажәлар рашәа амотивқәа рыла иаԥиҵаз ари арҿиамҭа. Уи алитературатә вариант ара ҳалацәажәом, иаазгар сҭахуп аԥсуа фольклор аҿы еиқәханы иҟоу ари ашәа афрагмент:
Ерума шугьарума,
Иарма-ныҟәа ҟәарҽарума,
Ааи-мана ҟәарҽарума,
Чаарымкыра ҟәарҽарума,
Шьапатәума, ҟәарҽарума,
Уԥа-сыԥа! Ԥаҟь-саҟь!
Азҿлымҳара амоуп аетнограф Елена Малиаԥҳа иҟалҵаз анҵамҭа зыӡбахә ҳамоу "Амшәкәашара" иазкны:

"Ашьха шәарыцара ҳанцоз амшә кәашара ҟаҳҵалон. Ҩыџьа, хҩы инареиҳангьы ҳалахәын. Амшә кәашара ара ҳқыҭаҿгьы иҟаҳҵалон, иҳахәаԥшуаз ауаа акыркырҳәа иарччон. Ҳаԥсы анаҳшьоз иҟаҳҵон гәмырҿыӷьгас. Ари ҳқыҭаҿы сашьцәа Арзамеҭи, Хынтрыгәи, сареи ҳаиԥш аӡәгьы издырамызт. Аӡахәа ҳахәда инахаҵаны, ҳамшәқәоушәа ҳҭәырҿаҿо, амшәқәа реиԥш ҳгылон, ҳнапқәа адгьыл инықәырсуа ҳкәашон. Арзамеҭ ашәа алеиҵон…амшәцәақәа ҳхарԥаны ҳаныкәашозгьы ыҟан, амшәцәа анапқәа ҳахәда иаахаршәны, ҳаԥхьа ииаганы иааҿаҳҳәон" - ҳәа аҵарауаҩ илзеиҭеиҳәеит 1971 шықәсазы Шәлиман Хагәышь.

Аинформант ишиҳәо ала, ари акәашара ааскьанӡагьы ачарақәа рҿы инарыгӡон, ауаа рырлахҿыхразы. Акәашаратә ансамбльқәа рҿы ари иахәҭаӡамкәа ирхадыршҭыз кәашароуп, аиҳарак ахәыҷтәы ансамбльқәа рзы зеиӷьыҟам қәыргыларахон.
Юбилейный концерт ансамбля Кавказ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2023
Аԥсны
"Ашьац иламгыло ауаҩы": архаикатә ҟазшьа змоу аԥсыуа кәашарақәак рышьаҭа иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0