Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аиҳабыра Тамшьтәи адесант алахәылацәа ргәаладыршәеит

© SputnikПамятник "Свобода Абхазии" в селе Тамыш
Памятник Свобода Абхазии в селе Тамыш - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2023
Анапаҵаҩра
30 шықәса раԥхьа ԥхынгәы 2 руыха Мрагыларатәи афронт аҟны имҩаԥган ажәылара. Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа амшын аҟынтәи аԥсуа десант ӡхыҵит.
АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан имҩаԥгаз адесант рыӡхыҵра 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Тамшь ақыҭан игылоу Ахьӡ-аԥша амемориал аҟны ашәҭқәа шьҭеиҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Имҩаԥгаз агәаларшәаратә митинг аҟны дықәгылеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

"Урҭ амшқәа рзы ҳара иаҳцәыӡит 57-ҩык ҳаибашьцәа, урҭ ргәалашәара ауп иахьа ҳаргьы ара ҳаизызгаз. Ара ҳахьгылоу адгьыл сантиметрцыԥхьаӡа шьала икәабоуп. Арҭ баша иҭамхеит, иахьа Аԥсны иамоуп ахьыԥшымра, аҭынчра рымоуп Тамшьаа", - ҳәа иҳәеит Гәынба.

Ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа амшын аҟынтәи хышәҩык рҟынӡа аԥсуа десант ӡхыҵит. Хықәкы хадасгьы ирымаз астратегиатә ҵак ду змаз Аҟәаҟа ицоз амҩаду аанкыланы, аӷа имчқәа аибыҭара алмыршара акәын. Иара напхгара аиҭон Заур Зарандиа.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иҭахаз рбаҟа Тамшь ақыҭан еиҭашьақәыргылан адесант аӡхыҵра 26 шықәса анахыҵуаз арыцхә азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0