Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ԥачлиа аиқәырхаҩ изанааҭ азы: зегьы ирылшом, агәымшәарагьы улазароуп

Ԥачлиа аиқәырхаҩ изанааҭ азы: зегьы ирылшом, агәымшәарагьы улазароуп
Анапаҵаҩра
Жәибжь шықәса раԥхьа иаԥҵан АҶ рзы аусбарҭа. Очамчыра арион амцарцәара – аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа изанааҭтә ныҳәа аҽны арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аиқәырхаратә усбарҭахь инеира шыҟалаз, избан уи аус иԥа изациҵаз, насгьы иарбан цәаҩақәоу имазар ахәҭоу аиқәырхаҩ.
Ԥачлиа рҭаацәараҿы х-абиԥарак аиқәырхаҩ изанааҭ алырхуеит. Ишԥаҟалеи ус еиԥш, абри атәы Мурман Ԥачлиа еиҭеиҳәеит арадиоефир аҿы.
"1974 шықәса рзы саб аусура далагеит абылраҽацәыхьчаратә ҟәшаҿы. Ашкол ашьҭахь лассы снеилон уахь саргьы. Исгәаԥхеит ауаа ацхыраара рыҭара. Сҭалеит уи аганахьала аҵара. Аусура салагеит 1982 шықәса рзы. Саб 35 шықәса аус иуит. Сԥа аханатә ААУ далгеит, аҽаџьара аус иуан, аха уахынла машәырк ҟалама аусурахь санцоз дсыццон. Иҳәеит уи аус иаҳа ишизааигәоу. Москва академиа далгеит. Уи нахыс аашықәса раҟара ҵуеит аус иуеижьҭеи. Сара - 40 шықәса раҟара. Абасала, ауаа рымаҵ аауеит иахьагьы. Ауаа еиқәҳархоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥачлиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0